АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жьҭаара.2024

Жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» аамҭала иаркхоит.

Аҟәа. Жьҭааармза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 23 инаркны 30 аҟынӡа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Егры» ауааԥсыра рыиасразы аамҭала иаркхоит. Уи азы Ақәҵара ахәаша, жьҭаарамза 18 рзы инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Убри аан аҷыдалкаақәак шьақәыргылоуп: 

– Уаанӡа закәаншьаҭала Қырҭтәылаҟа ицаны иҟаз Ареспублика Аԥсны атәылауааи анхаразы азин аршаҳаҭга змоу ахаҿқәеи рыхынҳәразы;

 – Еиԥҟьарада аенергосистема аусура азы (Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аганахьала). Аҳәынҭқарра Ахада амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны аусура арӷәӷәара алдыршарц, хаҭала уи ахылаԥшра арҭарц.

Ас еиԥш аӡбамҭа адкылара зыдҳәалоу жьҭаарамза 26 рзы Қырҭтәыла имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа раан арадикалтә мчрақәа рганахьала  иҟалар зылшо апровакациақәа роуп.  

 

 


Read 183 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.