pressadmin-2
Ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәыз рхаҭара шьақәдыргылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәыз рхаҭара ашьақәыргылареи раанкылареи иазку аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.
Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» иахьаҵанакуа аиҿахысра шыҟалаз азы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь адырра ҟалеит рашәарамза 23, 16 сааҭи 55 минуҭи инарзынаԥшуа рзы.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа иарбоу ацәгьоура аҿы игәҩароу ахаҿқәа рхаҭара шьақәдыргылеит.
Иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны ахәрақәа роуит ԥшьҩык Аԥсны атәылауаа.
Ҟазан ақалақь аҿы имҩаԥысит Урыстәыла аспорт аминистр Михаил Дегтиариови Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи реиԥылара.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аспорт аминистр Михаил Дегтиариов Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҟазан ақалақь, Поволжтәи аҳәынҭқарратә абҩарҵәыреи аспорти атуризми руниверситет аҵакыра аҿы Ахәмаррақәа ирылаху атәылақәа рҟынтәи аспорт аминистрцәа дырԥылеит. Имҩаԥысит иара убас Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи иареи реиԥыларагьы.
Урыстәыла аспорт аминистр аԥснытәи иколлега раԥхьатәи ахьтәы медал аиуреи иааизакны аԥснытәи акоманда Ахәмаррақәа рҿы иамоу аихьӡарақәеи идиныҳәалеит.
«Аԥсны жәлар зегьы, аспорттә еилазаара ахаҭарнакцәа, Аҳәынҭқарра Ахада срыдныҳәалоит» – ҳәа иҳәеит Михаил Дегтиариов.
Иара Аԥсни Урыстәылеи аспорт аганахьала аимадара бзиа шрыбжьоу, аԥснытәи аспортсменцәа Урыстәыла имҩаԥысуа еиуеиԥшым атурнирқәа рҿы қәҿиарала ишықәгыло азгәеиҭеит.
«Ҳара есымша гәахәарыла иҳадаҳкылоит аԥсуа спортсменцәа ҳара имҩаԥааго аицлабрақәа рҿы рылахәхара. Ҳара ҳганахьала иҳалшо ала адгылара ҟаҳҵалоит. Ахырхарҭақәа зегьы рыла аиҩызареи аидгылареи ҳшазхиоу азгәаҳҭоит», -ҳәа иҳәеит Михаил Дектиариов.
Ҭарашь Ҳагба Михаил Дегтиариов идиныҳәалеит иара аспорт аминистрс иҟаҵара.
Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара ахеилак изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара ахеилак изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит.
Ашәарҭадара амаҵзура алахәцәа аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитиказы иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Адискуссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазааҭгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны арратә ԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы азакәанԥҵара аиӷьтәра азҵаара. Ирыхәаԥшит арратә маҵзурахьы аԥхьара аҩаӡара ашьҭыхра азҵаарагьы.
Аԥсны ААР анаркотикқәа рхылаԥшреи реикәыршареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа 8,5 кь. иреиҳаны анаркотикатә маҭәашьарқәа рпатиа рымхра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ААР анаркотикқәа рхылаԥшреи реикәыршареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа ҩаԥхьа мҿхакы ҭбаала анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара назыгӡоз дааныркылеит. Уажәазы анарктикқәа рхылаԥшреи реикәыршареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа аларҵәара аканал аиҿкааҩ ихаҭа иаанкылара рылшеит. Уи Гәымсҭа аӡиас аԥшаҳәа иахьҵанакуа абнараҿы ицәыҵаҵәахны имаз зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Афон Ҿыц иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны аӡәы ахәра иоуит.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҩыныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа 1995 шықәса рзы ииз атәылауаҩ ихәра иадҳәаланы иҟалаз ахҭыс азы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Ахҭыс ҟалеит рашәарамза 23 рзы, Афон Ҿыц ақалақь аҿы, 17:00 сааҭ инарзынаԥшуа.
Ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит рашәарамза 28 рзы.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит рашәарамза 28 рзы. Уи азы Адҵа инапы аҵаиҩит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит. Уи мҩаԥгахоит рашәарамза 28 рзы ақалақь асанитартә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи аиқәыршәазаареи хықәкыс иҟаҵаны.
Акциа аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы ақалақьтә штаб аԥҵоуп.
Ақалақь Ахадара амуниципалтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа адҵа рыҭоуп ауааԥсыра акциа аҽалархәра азы радыԥхьалара. Анаплакқәа, аиҿкаарақәа, амуниципалтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, хазхаҭалатәи ахаҿқәеи егьырҭ аусбарҭақәа рхадацәеи доусы ирыҵанакуа атерриториақәа рҭеиҭыԥш арҽеиразы аилыргаратә усурақәа нарыгӡарц азы азԥхьанҵа рыҭоуп. Ахатәы ҩнқәа змоу убасҵәҟьа рыҩнқәа иаԥну аҵакырақәа рҿы асанитартә еилыргара амҩаԥгара рабжьгоуп.
Роберт Киут Даӷьсҭан иҟалаз атеракт инамаданы Владимир Колокольцев дидышшылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Владимир Колокольцев рашәарамза 23 рзы Даӷьсҭан иҟалаз атеракт инамаданы дидышшылеит.
«Ҳара атәылауаа ршәарҭадареи аҭынчреи рыхьчара азы хацәнымырха зуалԥшьа назыгӡоз азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз атеррористтә акт азы иҳауз ажәабжь хлымӡаах даараӡа ҳаргачамкит, гәалсра дула иҳадаҳкылеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра: 23-ҩык амиграциатә закәанԥҵара аилагарала Бзыԥҭа аҳаблаҿы инхон.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәаанырцәтәи атәылауаа, мамзаргьы атәылауаҩра змам ахаҿқәа Аԥсны аҵакыраҿы рыҟазаара арежим аилагара афактқәа раарԥшра хықәкыс иҟаҵаны, рашәарамза 23 рзы Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблаҿы ареидқәа мҩаԥыргеит.
Апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәшеи Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура атерриториалтә ҟәшеиҵеи русзуҩцәеи еицхырааны, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ “Ԥсоу” аҿы аиҿахысра азы игәҩароу х-ҩык ауаа ааныркылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа рашәарамза 23 рзы Аҳазалхратә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы аиҿахысра иалахәыз рыбыжьҩык рхаҭара шьақәдыргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
«Аԥснымедиеи» «Татмедиеи» ирыбжьоу аусеицура дырӷәӷәоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ҳәынҭқаратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» аусзуҩцәа амедиа-холдинг анапхгаҩы Роберт Џьопуа ицны Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Ҟазан иҟоуп. Ари аҭаара ахықәкқәа иреуоуп – аинформациа ала аимадара аганахьала аусеицура арӷәӷәара.
Иҳаҩсыз ашықәс азы «Аԥснымедиа» аделегациа раԥхьаӡа акәны Ҭаҭарсҭан иаҭааны ареспублика аҳәынҭқарратә массатә информациатә хархәагақәа зегьы еидызкыло акционертә Еилазаара «Татмедиа» аҟынтәи рколлегацәа рыҽрымардеит.
«Апснымедиа» адиректор Хада Роберт Џьопуа иажәақәа рыла, ари аҭааара хықәкыс иамаз ҭаҭартәи амедиа амадареи «Татмедиа» иарҳаз аԥышәа рыҿцаареи ауп.
Иҳаҩсыз ашықәс абҵарамзазы «Татмедиа» аҟынтәи ҳколлегацәа «Апснымедиа» ажурналистцәа рзы онлаин арежим ала асеминарқәа мҩаԥыргеит, анаҩс Аԥсныҟа иааит рԥышәа ала аиамадара абжьаҵара азы.
Уажәы «Аԥснымедиа» ажурналистцәа «Татмедиа» аԥышәа амадара адагьы Аԥсны амилаҭтә командагьы злаху Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҟытәи арепортажқәа рыҟаҵаразгьы алшара рыман.
Агазеҭ «Аԥсны» акоординатор Кристина Инаԥшьба агазеҭ аредакциа аусура атәы аилкааразы алшара лзаԥҵан, араҟа лыблала илбеит агазеҭ даҟьала аиқәыршәара еиҳа еиӷьны аҟаҵара шауа, иҿыцу аҟаҵашьақәа (априомқәа), иара убас асоциалтә ҳақәа рҿы акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәеи асаит амҩаԥгара иамоу аҷыдарақәеи ртәы лзеиҭарҳәеит.
«Аԥсныпресс» ажурналист Аманда Касланӡиа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы иҟаз аусмҩаԥгатәқәа рзы адырраҭарақәа ҟалҵон, раԥхьа иргыланы аԥснытәи аспортсменцәа злахәыз. Лара иара убас даҭааит аинформациатә агентра «Татар-информ» аредакциа. Аредакциа аҿы лколлегацәа илзеиҭарҳәеит аспорттә усмҩаԥгатәқәа рҟынтәи арепортажқәа реиқәыршәара азы ирымоу адыррақәа ртәы.
«Аԥышәеимадара, ари ианакәызаалак иҿыцу џьара акы аилкаареи иҿыцу џьара акы атәы аиҭаҳәареи рзы зеиӷьаҟам лшароуп», - ҳәа илыԥхьаӡоит Аманда Касланӡиа.
Аинформациатә Маҵзура «Татар-информи» асаит «Интертати» ҭаҭартәи аредакциа аредактор хада Рамис Латыпов, аԥышәеимадара дарбанызаалак ажурналист иԥсҭазаара аҿы даара акыр зҵазкуа процессуп ҳәа иазгәеиҭеит.








