pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз Акоординациатә еилатәара апрокурор Хада Адгәыр Агрба ихантәаҩрала имҩаԥысит ахәаша, ԥхынгәымза 5 рзы.

Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара иалахәыз, актәи аинстанциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рыла 2023 шықәсазы амцабџьар изакәанымкәа аныҟәгареи ахархәареи рганахьала ауаажәларратә шәарҭадара иаҿагылоу ацәгьоурақәа рзы ашьаусеилыргарақәа рыхәаԥшра аԥышәа азеиԥшрка алҵшәақәа ирылацәажәеит.  

Ажәахә хада ҟаҵо дықәгылеит Аԥсны апрокуратура Хада аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьҭа традициала ишьақәгылахьеит есышықәса ԥхынгәымза 5 рзы Каман ахы иақәиҭызтәуаз аветеранцәа реиԥлара.  31 шықәса раԥхьа ақыҭа ампыҵахалаҩ иҟынтәи аҭарцәра азы ишьаарҵәыраз аидысларақәа ахьцоз аҭыԥ аҿы есышықәса еиԥылоит Ешыра-Афонтәи абаталион аибашьцәа. Ацаҟьа аҟынтәи аӡыхь ахьыҵыҵуа аҭыԥ ааигәара  хыԥхьаӡара рацәала ауаа еизоит, урҭ иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа,  Аҟәа араион Каман ақырҭуа импыҵхын.  Уи азы  еиҿкааз  ажәылара иалахәын Ешыра-Афонтәи абаталион.   Иара убасгьы  ари ажәылараҿ иҟан  Дәрыԥшь, Лыхны, Аҷандара, Очамчыра араиони рҟнытәи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.

Еизаз ауаа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз реиҳараҩык – Каман ақыҭа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иалахәыз аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рыԥшәмаҳәсақәа, рхәыҷқәа, ранацәа, Аԥсуа ар афицарцәеи араион ауааԥсыреи.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рыԥсҭазаара иадҳәалоу асоциалтә ҵакы злоу аусхкқәа рҿы ахылаԥшреи агәаҭареи рымҩаԥгара, ахылаԥшра-гәаҭаратә усбарҭақәа русура акадртә еиқәыршәара алыршара, уҳәа иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирызку IX Урыстәылазегьтәи анаука-практикатә конференциа лхы алалырхәуеит.

Аконференциа ԥхынгәымза 4 – 5 рзы Н. И.  Лобачевски ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилаки аинновациатә проектқәа рӡыргара адгылара аҭара иазку, «Умная цивилизация» ҳәа ахьӡ змоу Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Иарбоу аиқәшаҳаҭра ахықәкы хаданы иҟоуп  — жәларбжьаратәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи анаукеи аҵарадырреи русхы аҿы ганрацәлатәи аимадарақәа рырӷәӷәареи анаукатә усеицура адгылара аҭареи анаукатә аартрақәа рынагӡареи.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҿы азхьарԥшра арҭеит.  

Ахҳәа аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ԥхынгәы 3 азы, Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Қарҭ усутә ныҟәарыла иҟазаараан Ермантәылеи Қырҭтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Аратат Мирзоиани Илиа Дарчиашьвилии Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверинитети пату рықәҵатәуп ҳәа аҳәамҭа иҟарҵаз азхьаԥшра аҳҭеит.

Убри инадҳәаланы иазгәаҳҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, асуверентә статус 1994 шықәсазтәи Аконституциаҿы иарбоуп, ишьақәырӷәӷәоуп 1999 шықәсазы жәларзегьтәи рреферендум аҿы ирыдыркылаз аҳәынҭқарратә хьыԥшымра Акт ала.

Инаҵшьны иазгәаҳҭоит ареспублика асуверентә статус зқьыла аԥсҭазаарақәа шахҭынҵо, Аԥсны знылаз амҩа аныҵрагьы агәы ишҭам.

Абри инадҳәаланы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла аҵакыратә акзааразы ашаблон ҟазшьа змоу ацәажәарақәа мҩаԥнамгаларц, уи иҟоу аҭагылазаашьа иаша иахьақәымшәо азы.

Иара убасгьы азхьаԥшра аҳҭоит Ермантәыла ЕАР Ассамблеиа хада арезолиуциа «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи иқәҵызи ихҵәази рҭагылазаашьазы» адкылараан абжьыҭира шымҩаԥнагаз, аерман диаспора ареспублика ахьыԥшымра арӷәӷәара рџьабаа ду шалоугьы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Жәлабжьаратәи амузыкатә фестиваль – 2024» ԥхынгәыза 29 инаркны нанҳәамза 3 аҟынӡа Пицундатәи аныхабаа Аҳәынҭқарратә концерттә зал  аҿы имҩаԥыслоит.

Афестиваль асахьаркыратә напхгаҩи адиректор хадеи –  П. И. Чаковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа аушьҭымҭа  Барас Кәыџба.

Сынтәа афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Китаи, Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Ҭырқәтәыла, уҳәа атәылақәа рҟынтәи артистцәа.

Афестиваль иара убас иалахәхоит Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба напхгара зиҭо Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капелла.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглов Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала Аҟәа ақалақь Амшныҳәа инамаданы адныҳәаларатә цҳамҭа ааишьҭит.

«Ажәытә қалақь Аҟәа, ашәышықәса рацәа зҵазкуа аҭоурых ду змоу, хәызмаӡам акультуратә ҭынхеи иуникалу аҭоурыхтә баҟақәеи зеиӷьаҟам аҳауа зҩыдеи рыла еицырдыруеит.

Ҳаҭыр зқәу Беслан Фиодор-иԥа! Шәара шәнапхгарала Аԥсны аҳҭнықлақь иахьа хра злоу аҿиарамҩа иануп, есааира иамоу аекономикатәи атуристтәи апотенциал арӷәӷәоит.

Санкт-Петербурги Аҟәеи иӷәӷәоу аиҩызаратәии аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рыдагьы  ирзеиԥшу адоуҳатә идеалқәеи аҵакдурақәеи еиднакылоит, уи, жәаҳәарада, Санкт-Петербурги Аҟәеи рыбжьара аусеицуреи аимадареи рзы шьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп», – ҳәа иаҳәоит Санкт-Петербург агубернатор иҟаиҵаз  адныҳәалара аҿы.

Алеқсандр Беглов Аҟәа ахадеи уи ауааԥсыреи зегьы иаадырԥшуа асасдкылара бзиеи агәаартреи, Петербургынтәи арахь иаауа ауааи петербургтәи аофициалтә делегациақәеи ироуа адкылара бзиеи рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Никита Лежьиа Урыстәыла аҵаҩцәа XII Рыспартакиада аҿы 18 шықәса зхыҵуа рыбжьара зхы иақәҭу аиқәԥара азы аџьазтә медал аиура иҽаԥсеитәит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы. Аицлабрақәа мҩаԥысуан Красноиарск ақалақь аҿы. Атурнир рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа 50 субиект рҟынтәи ахаҭарнацәа.

Ҳара ҳаспортсмен 51 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылеит.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахысырҭатә дәы «Ҵабал» аҿы Аԥсны Арбџьармчқәа аштатнҭыҵтәи аҵәҩанҵәхысгатәи  ашьақәгылагақәа ЗУ-23-2 рыла имҩаԥыргоз арратә аизгарақәа хыркәшахеит. Аизгарақәа, азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра хықәыс иҟаҵаны, Аԥсны Арбџьамчқәа 2024 шықәсазы рырратә зыҟаҵара аплан инақәыршәаны имҩаԥысуан, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Фымз рыла аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 135% рыла инагӡоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.