АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы аштатнҭыҵтәи арратә гәыԥқәа ЗУ-23-2 алархәны имҩаԥысуаз аизгарақәа хыркәшахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахысырҭатә дәы «Ҵабал» аҿы Аԥсны Арбџьармчқәа аштатнҭыҵтәи аҵәҩанҵәхысгатәи  ашьақәгылагақәа ЗУ-23-2 рыла имҩаԥыргоз арратә аизгарақәа хыркәшахеит. Аизгарақәа, азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра хықәыс иҟаҵаны, Аԥсны Арбџьамчқәа 2024 шықәсазы рырратә зыҟаҵара аплан инақәыршәаны имҩаԥысуан, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Иарбоу арратә зыҟаҵарақәа анапхгара азҭоз аполковник Алеқсандр Бабанов иажәақәа рыла, «арратә аизгарақәа раан аруаа аҵәҩанҵәхысгатәи  ашьақәгылагақәа ЗУ-23-2, разкызаареи аибашьратә хысрақәа раан рхархәашьеи рзы адыррақәа роуит».  


Read 163 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.