2024 шықәса актәи азыбжа азы аҳазалхратә шәатәқәа рхыԥхьаӡаларақәа реицҵалыҵ 1 млрд. 924 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи планла ишьақәыргылаз арбага аасҭа 496 миллион мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа ихыԥхьаӡалаз аҳазалхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 418 млн. мааҭ рыла еиҳахеит.
05.Ԥхынгәы.2024
Фымз рыла аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 135% рыла инагӡоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Фымз рыла аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 135% рыла инагӡоуп.