АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынгәы.2024

Алеқсандр Анқәаб Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аиҳабы Рамин Габлаиа дидикылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рамин Габлаиа 2024 шықәса актәи азыбжа аҩныҵҟа Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура инанагӡаз аусура азы атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб адырра ииҭеит.

2024 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны рашәарамза 30 аҟынӡа Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтәи авиза аиуразы  5 773 арзаҳал,  ареспублика ахь ааразы ааԥхьарақәа раиуразы азыҳәамҭақәа 8, аусраҭаҩцәа рҟынтәи 526 арзаҳал рыдыркылеит.

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы рлегализациа мҩаԥгоуп (аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтәи аусуразы азин аршаҳаҭгақәеи апатентқәеи рыҭаразы ирыдыркылаз арзаҳалқәа) – 5 126, урҭ рахьынтә апатентқәа  – 776, амиграциатә сиа иҭагалоуп – 8 561- ҩык.  

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны аҳәынҭқарратә баџь ашәара мҩаԥган:

– аусуратә визақәа рыҭаразы – 39 817 270 мааҭ;

– ареспублика ахь ааразы ааԥхьарақәа рыҭаразы – 8 212 мааҭ;

– аусура азы азин аҭаразы – 32 425 960 мааҭ;

– Апатент аҭаразы – 7 322 000 мааҭ;

– аамҭала аҟазаара аҭыӡҭыԥ аҿы ашәҟәҭагалара азы – 5 925 122 мааҭ. 

Аамҭала аҟазаара аҭыӡҭыԥ аҿы ашәҟәҭагалара азы ирыдыркылаз  арзаҳалқәа – 8 285.

Аусураҭаҩцәа аҳәаанырцәтәи аусуратә мчқәа радыԥхьаларазы азин аиуразы иршәеит  – 7 млн. 989 нызықь 500 мааҭ.

162 материал административтә шьаҭа ала аӡбарҭахь идәықәҵоуп. Ахараԥса аршәара аҟынтәи аҳәынҭқарратә биуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 416 630 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Имҩаԥгоуп 28 инарзынаԥшуа иазԥхьагәаҭаз агәаҭарақәа, атәыла иалцоуп 6-ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа.

Амедицинатә гәаҭара иахысит 6090 - ҩык амигрантцәа, иаарԥшын:  Ауаҩы ииумунитет зырԥсыҽуа авирус (ВИЧ) злаҽу ауаа – 6 -ҩык, агепатит «В» ачымазара  змоу ауаа – 271-ҩык, агепатит «С» змоу ауаа – 156-ҩык.

2024 шықәса актәи азыбжазы АММ аҟынтәи абаџь ҳасабла аҳәынҭқарратә биуџьет ахь инанашьҭит 93 904 694 млн. мааҭ.

2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы АММ аҟынтәи абаџь ҳасабла аҳәынҭқарратә биуџьет ахь инанашьҭит 44 564 506 млн. мааҭ.  Убас ала, аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аизҳара 49 340 188 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура адыррақәа рыла, 2024 шықәса ажьырныҳәамза 1 инарны рашәарамза 30 аҟынӡа Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысит  84 тәыла рҟынтәи 6204-ҩык (ари асиа иалагалаӡам Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа).

Аԥыза-министри АММ аиҳаби иара убас Амаҵзура изаамҭанытәиу  аусура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.  

 

 

 

 

 

 

 


Read 190 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.