Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Урыстәыла Абанк Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белов дидикылеит. Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Арепублика Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Белан Бараҭелиа.
Аҳәынҭқарра Ахада аамҭа ԥшааны дахьидикылаз азы иҭабуп ахҳәааны, Урыстәыла Абанк Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белов иаҵшьны иҳәеит аусеицура арҿиара дшазхиоу атәы.
Бжьаниеи Белови абанктә усхк аҟны актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Урыстәыла Абанк аделегациа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭаара ашьҭахь аусеицура еиҳа лыҵшәа аманы имҩаԥыслоит ҳәа игәы ишаанаго.
Уи иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыла Аԥсны афинанстә системаҟны аиҭакра бзиақәа шыҟалаз.
«Аусура иалаҳаргеит амилаҭтә шәатәтәы система апрограмма: аикәыршарақәа ирызҳауеит есааира, ари зегьы аҭахны иҟоуп, аҵак дугьы амоуп. Аԥхьаҟа еиҳагьы еиӷьхоит, ҳзакәанԥҵарақәа реинырнаалара аплан Аԥсны аекономика аҿиара иадҳәалоуп. Ҳара аринахысгьы алшарақәа аԥаҳҵалоит урыстәылатәи аинвестициақәа еиҳагьы мҽхакы ҭбаала иалагалазарц азы», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны абанкқәа аус рыцура ацҵара далацәажәо, Сергеи Белов иаҵшьны иҳәеит ҳазҭагылоу аамҭазы аусеицураҟны аԥхьаҟа иалкааны мҩақәас иҟоу рылацәажәара ишаҿу.
Аиԥылара аихшьалақәа ҟаҵаны, Аслан Бжьаниеи Сергеи Белови агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.