Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы Тамшь ақыҭан иӡхыҵыз арра-мшынтә десанти Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи еицхырааны астратегиатә ҵакы змаз амҩаду Очамчыра-Аҟәа аанкылара, иара убри ала ақырҭуа ар иназыцҵоу архәҭақәа Аҟәа ақалақь ахь рыиагара аԥхьырҟәҟәаар рылшеит. Ԥхынгәымзатәи ажәыларатә операциа афронтқәа зегьы рҿы аҿиара аман. Ашьаарҵәыратә еидысларақәа мҩаԥго аԥсуа еибашьцәа Шрома ақыҭеи, астратегиатә ҵакы змаз аҳаракырақәа Цугуровкеи Аҳбҩықи ргеит.
Ԥхынгәымза 4 рзы Шроматәи ахырхарҭаәы иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Гиви Смыр икомандаҟаҵарала 2-тәи абригада 4-тәи абаталион аӷа ихымца аҟынтәи ирыцәҭахаз рацәахо ианалага Аҳбҩық ашьха аҿы уаанӡа иааннакылахьаз апозициақәа ааныжьны ихьаҵыр акәхеит.
Ас еиԥш аҭагылазаашьаҿы, ԥхынгәымза 4, ашьыжь, асааҭ 11, 1993 шықәса ԥхынгәы аҽеиҩшамҭазы Вианор Ашба зхадараҿы дыҟаз абаталион «Горец» 40-ҩык рҟынӡа аибашьцәа еидкыланы адесанттә гәыԥ аилазаараҿы арратә хыдҵа анагӡаразы адҵа аиуит.
Ԥхынгәы 4, 1993 шықәса рзы ажәыларатә операциаан абатальон «Горец» адесант абаталион аштаб аиҳабы Сергеи Аршба икомандаҟаҵарала Ҳабҩық ақәцәан итәарц адҵа рыман. Аха адесант ашьхаҿы атәара иахьӡаанӡа ақырҭуа гвардееццәа амца рыжәырҵеит. 46–ҩык рҟынтәи еиқәхеит 17-ҩык. 29-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 5–ҩык хабарда ибжьаӡит.
Аҳбҩық ашьха Аҟәа ахақәиҭтәразы астратегиатә ҵакы змаз аҳаракыра акәын.
Ԥхынгәымза 4, 2019 шықәса рзы Аҳбҩық ашьхараҿы иаадыртит ԥхынгәымза 4, 1993 шықәса рзы иҟалаз ажәыларатә операциаан иҭахаз ирызку абаҟа.