АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра – 18 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 4 рзы Аԥсны Аиқәырхаратә маҵзура аԥҵара ҟалеижьҭеи  18 ҵуеит.  

Ԥхынгәымза 4, 2006 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь Иусԥҟала  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Русбарҭа аԥҵан. Ԥхнгәымза, 2014 шықәса рзы Аусбарҭа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ҳәа аиҭарҿиара ҟалеит.  

Ари агәырӷтаратә рыцхә иазкны аминистрцәа Реилазаара аизарақәа рзал аҿы аныҳәатә еизара мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩцәа Зураб Қаџьаи Адгәыр Ашәбеи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла Анапхгара алахәылацәа.

Аҳәынҭқарра Ахада Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Уи еизаз рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит:   

«Ҳаҭыр зқәу Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аусбарҭа аԥҵоижьҭеи 18 шықәса аҵра амш!   

Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәеи аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи рзы Аминистрра анаԥҵаз аԥхьатәи амшқәа лыҵшәа бзиала аусура шымҩаԥнаго агәра ҳнаргеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ианаамҭоу раԥырҟәҟәаареи ианаамҭоу ақәҿыҭреи рзы акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа рынагӡаразы раԥхьа инеиуа шәара шәоуп арыцҳара иақәшәаз рыҟны. 

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа есқьынгьы аԥхьа игылоуп. Аус гәыкала азыҟазаара, агәымшәара, ахамеигӡара реиԥш иҟоу аҟазшьақәа шәыман шәара ахаангьы, ари ҳтәылауаа рганахьала аҳаҭырқәҵара шәаԥсаны шәҟанаҵеит. Шәара ишәыбзоураны ҳуааԥсыра шәҩыла реиқәырхара алыршоуп. 

Иахьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит змаҵура анагӡараан иҭахаз. Урҭ хашҭра рықәӡам.

Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп Иҷыдоу аҭагылазаашьақә рзы Аминистрра аветеранцәа рылшамҭақәа. Урҭ иахьа аус зуа аусбарҭа азеиԥш ҳара зегьы ҳзы ахаҵареи ахамеигӡареи рзы иҿырԥшыгоуп. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа зегьи аветеранцәеи ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, гәацԥыҳәарала  аусура».

 


Read 134 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.