АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынгәы.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы ахәыҷбаҳчақәа рыҟны аԥсуа бызшәа дырҵара азы ҳаамҭазтәи аметодикақәа рхархәара иалацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпрсс.  Аҳәынҭқарра Ахада ахәыҷбаҳчақәа рыҟны аԥсуа бызшәа дырҵара азҵаара инамаданы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аҵара аминистрра анапхгара, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҵара аҟәшақәа, Апедагогика аинститут аусзуҩцәа. 

Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, амшхәаԥштә аҿы иқәгылан ахәыҷбаҳчақәа рыҟны аԥсуа бызшәа дырҵаразы ҳаамҭазтәи аметодикақәа рхархәара иазкыз азҵаарақәа. 

Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа Аҳәынҭқарра Ахада ахәыҷбаҳчақәа рзы Аҵара аминистрреи Апедагогика Аинститут аспециалистцәеи иеицаздырхиаз абызшәатә программазы адырра илҭеит. 

«Иара азырхиан ҩышықәса раԥхьа, апробациагьы азуын Гәдоуҭатәии Гәылрыԥшьтәии араионқәа рхәыҷбаҳчақәа рҿы. Хра злоу алҵшәақәагьы ыҟоуп. Ԥасатәи апрограмма ажәит аҟнытә аҿыц алагалазар ҟалоит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Аилацәажәара иалахәыз ирымаз аидеиақәа рҳәеит, аҵараиуратә усҳәарҭақәа рыҟны аԥсуа бызшәа арҿиара шаҭаху инамаданы ажәалагалақәа ҟарҵеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит аԥсуа бызшәа арҵаразы лыҵшәа змоу аметодқәа рхархәара иамоу аҵак ду атәы, иазгәеиҭеит иаԥсоу аметодикақәа ралагалараҟны адгылара шыҟаиҵо. 

Аилацәажәара далахәын Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

 


Read 135 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.