АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынгәы.2024

Афонҿыцтәи аҳаԥы – 49 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Аԥсны зегь реиҳа бзиа ирбо аҭыԥ ԥшӡарақәа ируаку Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы ашәқәа аартуижьҭеи 49 шықәса ҵуеит. Ари ахҭыс ҟалеит 1975 шықәса рзы.  

Ари аҳаԥы Анаҟәаԥиа ашьха аҩныҵҟа иҟоу ауп. Араҟа инхоз аҭыԥантәи ауааԥсыра ари атыша ду рбахьан, акыраамҭагьы уи иазҿлымҳан, аха уахь аҭалара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт. Афон ҿыц инхоз арԥыс Гиви Смыр иоуп раԥхьаӡа акәны уахь иҭалаз, аха аҵанӡа иҷыдоу амаҭәахәқәа имамкәа дзымнаӡеит. Уи 1961 шықәса рзы ауп аспелеологцәа ицырхырааны алыбаара анилша. Убас иҟалеит ари иџьашьаху адгьылаҵантәи аҳҭынра аартра.

Ԥхынгәымза 4, 1975 шықәса рзы Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи аҭаартә еиԥш алшара ҟалеит. Афонҿыцтәи акарсттә ҳаԥы - адунеи аҟны иреиҳау аҳаԥқәа иреиуоуп. Ари ауникалра злоу акомплекс беиоуп убла хызкуа еиуеиԥшым адгьылаҵантәи аӡиақәа, цәыкәбарла иҟалаз аминералқәа – аҳашҳакнаҳақәа, аҳашҳашьаҟақәа, асталагнатқәа, иара убас ишәыз аӡхыҽҽақәа, уҳәа убас ирацәаны. Иҷыдоу аҭагылазаашьа аԥнаҵоит араҟа иҟоу аҵарԥхара — ишкәакәоу, иҟаԥшьу алампақәа аҳаԥы аҩныҵҟа оумашәа иҟанаҵоит, аҭааҩцәа иџьашьаху, узыршанхо адгьылаҵантәи аҳҭынра аҿы инанагазшәа иҟалоит.

Афонҿыцтәи аҳаԥы иахьатәи аԥсҭазаара атәы Аԥсныпресс акореспондент изеиҭеиҳәеит ари акомплекс адиректор ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр:

«Ари аҳаԥы аҩныҵҟа иҟоуп азал дуқәа жәба, урҭ зегьы рхатәы хьыӡқәа рымоуп: «Анаҟәаԥиа», «Аԥсны», «Нарҭаа», «Аҩхаа», «Аԥхьарца», «Амҳаџьырқәа рзал», «Аспелеологцәа рзал», «Агелектиттә дамра», иара убас ара иҟоуп ари аҳаԥы аазыртыз ихьӡ зыхҵоу азалгьы – Гиви Смыр изал. Урҭ рахьынтә фба аҭааразы иазхиоуп, хԥа макьаназы мап. Иазгәаҭатәуп, иарку х-залк рҟынтәи акы аконцерттә зал аҳасабала аус шауаз, 15–20 шықәса раԥхьа араҟа имҩаԥыргон Аԥснытәи ахортә капела аконцертқәа. Ҳара иаҳҭахуп ари атрадициа шьахә аиҭарҿиара», – ҳәа иазгәеиҭеит Дамеи Смыр.

Адгьылаҵантәи аметро адәыӷба раԥхьатәи аушьҭра инаркны аҳаԥы атәыла иреиӷьу аҭыԥ ԥшӡарақәа иреиуахеит, уи есыҽны адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала асасцәа аҭаауеит.

«Ҵыԥх аҳаԥы иаҭааит 389 нызықьҩык инареиҳаны, сынтәа  уи иаҭааз рхыԥхьаӡара 100 нызықь рҟынӡа инаӡахьеит. Уи иаанаго, сынтәагьы аҭаацәа рацәаны иҳаур ҟалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс анапхгараҭара ахаҭарнак.

Иара иажәақәа рыла, уажәы ахыркәшамҭахь инеихьеит аҳаԥы Анапхгараҭара ахыбра аҩныҵҟа ихацыркыз  аиҭашьақәыргыларатә усурақәа:

«Ҳара административтә хыбра аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хҳаркәшоит, уи џьара акала аесакурсиақәа рымҩаԥгара иаԥырхаганы иҟам. Аусурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп ҩымз ирхымгакәа. Аусурақәа етап-етапла еихшан. Уажәы ахыбра арыӷьаратәи аганахьала аусурақәа рхыркәшара ҳаҿуп. Иқәгахеит ажәытә барҵа, уи ахаҭыԥан аҿыц аргылара ахыркәшарахь инеиуеит. Иара убас амаҵуратә транспорт азы амашьынаргыларҭа маҷк аҽарҭбааит», - ҳәа иҳәеит иара.

2025 шықәсазы аихамҩа шьаҭанкыла арҿыцра азԥхьагәаҭоуп.  

«Иаахәаны ишьҭоуп ашпалақәа, арельсқәа, иара убас иаҭаху амаҭәахәи амаругақәеи зегьы. Аха уажәы атуристтә сезон ахьыҟоу инамаданы, аусурақәа ҳазрылагаӡом. Урҭ рылагара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп ажьырныҳәамза 15, 2025 шықәса рзы. Сгәы иаанагоит хымз рыла иарбоу аусурақәа рхыркәшара ҳалшап ҳәа. Ари аамҭа алхра машәыршақә иҟамлаӡеит – усҟан иҟалаӡом атуристцәа, аҳаԥы аркызаауеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Дамеи Смыр.

Аԥсныпресс акорреспондент иара убас аҳаԥы аҭааҩцәа дрыҿцәажәеит, урҭ ирбаз цәаныррақәас ирызцәырнагаз азы дразҵааит.

«Ари угәы иҭымҵәо ҭыԥуп. Зегьы уаршанхоит. Сара уажәада Афон Ҿыц смааӡацызт, ари аҩыза сбоит ҳәагьы сыҟамызт.  Акыр ҵуеит џьара ҳаԥык збарц сҭахиижьҭеи, Афонҿыцтәи аҳаԥы атәы ансаҳа, аԥсшьараамҭа сҽазыҟасҵо салагеит. Ашәҵатәы, ашьаҵатәы, арлашагақәа, афатә-ажәтә – уҳәа зегьы сыдызгалеит. Аха, анаҩс ишеилкаахаз ала, Афон Ҿыц аиқәыршәазаара аҩаӡара ҳаракны иҟалахьазаап, аҳаԥы ахь албаара акәым, ахаҳәтә музеи уҵаланы уцошәа угәы иабоит.  Аекскурсиа ацәанырра ӷәӷәа сызцәырнагеит», – ҳәа илҳәеит Санкт-Петербург ақалақь аҿы инхо  Анастасиа Денисенко.

Уи лыԥшәмахаҵа Максим Денисенко  иара аҳаԥы аҭааразы аидеиа шизцәырҵыз атәы еиҭеиҳәеит:

«Афонҿыцтәи аҳаԥы аӡбахә сара сҩызцәа рҟынтәи исаҳаит, урҭ араҟа ҩы-шықәса раԥхьа ҭаацәаныла рыԥсы ршьон. Ҳҩызцәа даараӡа идырҽхәеит ари аҳаԥы. Сара уаанӡа агәаанагара сыман аҳаԥы, ари ашьхараҿы иҟоу акылҳара ауп ҳәа. Аха аус аҿы зегьы даҽакала ҳабла иаахгылеит. Аҳаԥы узлаҭало – абжьааԥны збара ҳашьцылахьоу ахыбрақәа иреиуоуп, уи аҩныҵҟа иҟазаап афымцадәыӷба ахьныҟәо аметро астанциа маҷ. Актәи азал аҿы ҳара иаабеит адгьыаҵантәи аӡиа. Уи аҭалара митәык ҳҽазаҳамшәеит, имамеиқәараны ахы ҳнарбеит, – ҳәа лафны иҳәеит иара. – Егьыс, аиашазы араҟа даараӡа иҭынчроуп, икаууа, ишьаҳиҭхазшәа зегьы гылоуп имҵысуа, иҿыхьҭоуп, аха аҳауа даара ицқьоуп, ихьшәашәоуп. Аекскурсиа мҩаԥызгоз илҳәеит араҟа аҳауеиҭарсра ԥсабаратәуп ҳәа. Араҟа сыԥшәмаԥҳәыси сареи акыр ҳзыршанхаз аԥсабаратә цәырҵра ҳалаԥш аахеит, уи ахыбаҩ еиԥшыз аминерал акәын.  Аҵыхәтәан ҳазҭааз азал сара даараӡа саршанхеит. Уаҟа иҟан ишәыз аӡхыҽҽа асахьа змоу аԥсабаратә цәыҵра. Иаабаз зегьы даараӡа иаҳгәаԥхеит, сҩызцәа ирабжьызгалоит ари аҳаԥы хымԥада иаҭаарц», - ҳәа иҳәеит Максим Денисенко.

 

 

 

 


Read 141 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.