АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Ԥхынгәы.2024

Алиса Гыцԥҳа иаԥшьылгаз lII Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра алагеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза  1 инаркны жьҭаарамза 30, 2024 шықәсанӡа имҩаԥыслоит Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи абаҩхатәра злоу анагӡаҩцәа еидызкыло, Алиса Гыцԥҳа иаԥшьылгаз lII Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра.

Аконкурстә номинациақәа: академиатә авокалтә нагӡареи ансамбль аҟазареи (акамертә, аинструменталтә, авокалтә ансамбльқәа)

Афестиваль Агран-при азы аицлабра аԥхьахәтә фонд 200 000 мааҭ ыҟоуп.

Иара убас аноминациақәа зегьы рҿы I, II, III аҩаӡарақәа зауа аԥаратә ҳамҭақәа ранаршьоит.

Аԥхьахә ҷыдақәа рырҭоит Урыстәыла иналукааша акультуратә институтқәа.

Аконкурс аетапқәа:

Илатәарадатәу актәи ахәҭа мҩаԥысуеит ԥхынгәымза инаркны цәыббрамзанӡа.

Жьҭаарамза 16-20 рзы – алахәылацәа рзы Москва имҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи амузыкатә лабораториа (аҟазаратә классқәа, алекциақәа, азыӡырҩрақәа).

Жьҭаарамза 28-30 рзы  – Аҟәа имҩаԥгахоит аицлабра афинал. (аихшьаалатә зыӡырҩрақәа, аконцерт хада (агала-концерт), аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа).

Жьҭаарамза 31 рзы  – Аҟәа имҩаԥысуеит аԥхьахәқәа ранашьареи алауреатцәа рконцерт хадеи.

Абҵарамза 1 азы – Пицунда имҩаԥгахоит алауреатцәа рконцерт-хада.

Азыҳәақәа рыдыркылоит цәыббрамза 30, 2024 шықәса аҟынӡа абри аелектронтә ԥошьҭахь — Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees..

 


Read 103 times - Аԥшьаша, 04 Ԥхынгәы 2024 14:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.