«Ажәтәан Аԥсны иахьаҵанакуаз зыдунеи зыԥсахыз, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, рыԥсыбаҩ амфорақәа ирҭаҵаны анышә амадара аҵас ыҟан. Иҟалар алшоит, иарбоу амфорақәа рыҩныҵҟа ахәыҷ ԥсыбаҩ ҭазаргьы. Аиԥш зеԥшу аԥсыжырҭа ҳара уаанӡа иҳаԥшаахьан. Аха ҳара зегьы ишахәҭоу ала, ҳусушьа ҳацклаԥшны, еиҿкааны аҵыхәтәанынӡа ажрақәа наҳагӡароуп, анаҩс аҭҵаарақәа мҩаԥгатәуп. Иарбоу амфорақәа зҵазкуа аамҭа акәзар, урҭ инықәырԥшшәа иуҳәозар, ҳера V–VI ашәышықәсақәа ирыҵанакуеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Алик Габелиа ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи Рыҟәша еиҭаз аинтевиу аҿы.