АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2024

Никита Лежьиа Урыстәыла аҵаҩцәа XII Рыспартакиада аҿы зхы иақәҭу аиқәԥара азы аџьазтә медал аиура даԥсахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Никита Лежьиа Урыстәыла аҵаҩцәа XII Рыспартакиада аҿы 18 шықәса зхыҵуа рыбжьара зхы иақәҭу аиқәԥара азы аџьазтә медал аиура иҽаԥсеитәит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы. Аицлабрақәа мҩаԥысуан Красноиарск ақалақь аҿы. Атурнир рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа 50 субиект рҟынтәи ахаҭарнацәа.

Ҳара ҳаспортсмен 51 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылеит.  

Никита Лежьиа – Очамчыра араион Мықә ақыҭа далҵит, Аԥсны аспорт азҟазарахь акандидатс дыҟоуп, Аԥсны Аԥхьахәгареи Аспартакиадеи  рҿы аиааирақәа игахьеит, убасҵәҟьа зхы иақәиҭу аиқәԥаразы урыстәылахегьтәии жәларбжьаратәии  атурнирқәа рҿы аиааирақәа игахьеит.

Никита Лежьиа  – азыҟаҵаҩ Размик Алабиан иааӡамҭа иоуп. .

 

 


Read 176 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.