Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглов Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала Аҟәа ақалақь Амшныҳәа инамаданы адныҳәаларатә цҳамҭа ааишьҭит.
«Ажәытә қалақь Аҟәа, ашәышықәса рацәа зҵазкуа аҭоурых ду змоу, хәызмаӡам акультуратә ҭынхеи иуникалу аҭоурыхтә баҟақәеи зеиӷьаҟам аҳауа зҩыдеи рыла еицырдыруеит.
Ҳаҭыр зқәу Беслан Фиодор-иԥа! Шәара шәнапхгарала Аԥсны аҳҭнықлақь иахьа хра злоу аҿиарамҩа иануп, есааира иамоу аекономикатәи атуристтәи апотенциал арӷәӷәоит.
Санкт-Петербурги Аҟәеи иӷәӷәоу аиҩызаратәии аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рыдагьы ирзеиԥшу адоуҳатә идеалқәеи аҵакдурақәеи еиднакылоит, уи, жәаҳәарада, Санкт-Петербурги Аҟәеи рыбжьара аусеицуреи аимадареи рзы шьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп», – ҳәа иаҳәоит Санкт-Петербург агубернатор иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.
Алеқсандр Беглов Аҟәа ахадеи уи ауааԥсыреи зегьы иаадырԥшуа асасдкылара бзиеи агәаартреи, Петербургынтәи арахь иаауа ауааи петербургтәи аофициалтә делегациақәеи ироуа адкылара бзиеи рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
«Абри аныҳәамш азы зегьы гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, шәызлаго шәусқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа. Ари аныҳәа бзиа ҩнаҭацыԥхьаӡа ирзаанагааит агәырӷьареи анасыԥи. Аҟәаа ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аманшәалара! Аныҳәа шәадныҳәалаз, аҩызцәа!» – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.
Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Аҟәа ақалақь Амшныҳәа есышықәса ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы иазгәарҭоит. Сынтәа Аԥсны аҳҭнықалақь 2508-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.