АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла аҵакыратә акзааразы ашаблон ҟазшьа змоу ацәажәарақәа мҩаԥнамгаларц, уи иҟоу аҭагылазаашьа иаша иахьақәымшәо азы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҿы азхьарԥшра арҭеит.  

Ахҳәа аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ԥхынгәы 3 азы, Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Қарҭ усутә ныҟәарыла иҟазаараан Ермантәылеи Қырҭтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Аратат Мирзоиани Илиа Дарчиашьвилии Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверинитети пату рықәҵатәуп ҳәа аҳәамҭа иҟарҵаз азхьаԥшра аҳҭеит.

Убри инадҳәаланы иазгәаҳҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, асуверентә статус 1994 шықәсазтәи Аконституциаҿы иарбоуп, ишьақәырӷәӷәоуп 1999 шықәсазы жәларзегьтәи рреферендум аҿы ирыдыркылаз аҳәынҭқарратә хьыԥшымра Акт ала.

Инаҵшьны иазгәаҳҭоит ареспублика асуверентә статус зқьыла аԥсҭазаарақәа шахҭынҵо, Аԥсны знылаз амҩа аныҵрагьы агәы ишҭам.

Абри инадҳәаланы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла аҵакыратә акзааразы ашаблон ҟазшьа змоу ацәажәарақәа мҩаԥнамгаларц, уи иҟоу аҭагылазаашьа иаша иахьақәымшәо азы.

Иара убасгьы азхьаԥшра аҳҭоит Ермантәыла ЕАР Ассамблеиа хада арезолиуциа «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи иқәҵызи ихҵәази рҭагылазаашьазы» адкылараан абжьыҭира шымҩаԥнагаз, аерман диаспора ареспублика ахьыԥшымра арӷәӷәара рџьабаа ду шалоугьы.

Аԥсны инхо аерманқәа рдиаспора атәыла иапатриотцәоуп, иԥсадгьылны иршьоит. Хыԥхьаӡара рацәала аерман милаҭ рхаҭарнакцәа абџьар шьҭыхны аԥсуа жәлар ирывагыланы аибашьра амцаԥшь иалагыланы ареспублика ахақәиҭразы иқәԥон.

Ҳақәгәыӷуеит Ермантәыла анапхгара хара имгакәа иҟоу аҭагылазаашьаҟны ииашоу алкаақәа ҟанаҵап ҳәа, абри азҵаара аганахьалагьы апозициа ҭышәыннартәалап ҳәа.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәылахь ааԥхьара ҟанаҵоит иҟоу аполитикатә реалиақәа ирнышәаны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩырц».

 

 


Read 134 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.