pressadmin-2
Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр ԥхынгәымзазы Пицундатәи аныхабаа аҿы иқәгылалоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр ԥхынгәымзазы Пицундатәи аныхабаа аҿы иқәгылалоит.
Аконцертқәа мҩаԥыслоит есԥшьаша, асааҭ 17:00 рзы. Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 4 рзы.
Аоркестр асахьаркыратә напхгаҩи адирижиор Хадеи – Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан.
Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа агара азы» амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аҿы «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа агара азы» амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир аартра иазкны аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.
Шьыжьы инаркны атурнир алахәылацәа Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭа иаҭааит. Урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа раԥхьатәи апрезидент, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьаз Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба атурнир алахәылацәа дрыдныҳәалеит, ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаишьеит.
Аԥсны амҵәышәмпыл апрезидент Ераст Агәмаа атурнир аԥснытәи амҵәышәмпыл шәы-шықәса ахыҵра азгәаҭара ашықәс азы имҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Сынтәа амҵәышәмпыл азы Аԥсны еизгоу акоманда Краснодартәи атәылаҿыцә ачемпионат аԥхьахә агара алшеит.
Амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит 56 цыра акриптовалита араҳара иазку аппаратқәа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәеи Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи Аусбарҭеи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи Уарча ақыҭа, ԥыхьатәи ашәҭааӡарҭатә совхоз аҵакыраҿы аус зуаз акриптофера рыԥшааит.
Одиссеи Бигәаа Витали Игнатиев Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра 32-шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Одиссеи Бигәаа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев дидныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистр Витали Игнатьев идиныҳәалеит ПМР ААР ашьаҭаркра 32 шықәса ахыҵра.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Одиссеи Бигәаа Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба дидикылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 2 рзы Одиссеи Бигәааи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалбеи реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Одиссеи Бигәааи Гарри Кәпалбеи Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа 61-тәи араунд алҵшәақәа ирылацәажәеит, Урыстәыла иҟанаҵаз адгылара ҷыдала иазааҭгылеит.
Очамчыра араион Мықә ақыҭан иҿыцу аӡеизгарҭатә бааш аргылара иаҿуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Мықә ақыҭан иҿыцу аӡеизгарҭатә бааш аргылара иаҿуп. Уи аҭыԥантәи ашколи 28 ҭаацәареи аӡрыжәтә ала реиқәыршәара алнаршоит.
58-ҩык ахәыҷқәа ахьҭоу аҭыԥантәи ашкол аҿы акыр ауадаҩрақәа ыҟан аӡы амамзаара иадҳәаланы. Ашкол адиректор инапынҵақәа назыгӡо Изольда Ҭарба ашықәсҿцтәи аныҳәақәа раламҭалазы уаанӡа иҟаз аӡыҭра (абак) анкаҳа ашьҭахь, ашкол ӡыла аиқәыршәара зынӡа иаанкылеит ҳәа иазгәалҭеит.
«Ааигәа иҟаз аҵеиџь аҟынтәи аӡы изеиԥшразаалак асанитартә нормақәа ирықәшәомызт. Убри аан иазгәаҭатәуп ашкол аҿы ишаҭаху атехникатә ӡы адагьы аӡрыжәтәгьы. Ҳара дҳацхрааит ақыҭа ахада, иара ашкол ҳамҭас иаиҭеит аӡшьарҭра. Уи егьи ақыҭа аҟынтәи иааргоз аӡы ала идырҭәуан. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит цәыббрамзазы, аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы ашкол ӡыла аиқәыршәара ахьеиҭашьақәыргылахо», – ҳәа илҳәеит Изольда Ҭарба.
ААУ аҿы абитуриентцәа рҟынтәи аҵараиурҭа аҭаларазы аусшәҟәқәа рыдкылара иалагеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы абитуриентцәа рҟынтәи аҵараиурҭа аҭаларазы аусшәҟәқәа рыдкылара иалагеит.
Аусшәҟәқәа рыдыркылалоит ԥхынгәымза 14 аҟынӡа.
ААУ адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықә маӡанаыҟәгаҩ Адгәыр Каоба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, сынтәа ишьақәырӷәӷәоуп абитуриентцәа рыдкылара аплан: 374 абиуџьеттә ҭыԥқәа, иара убас 590 зыхә ршәо аҭыԥқәа. Ашколхәыҷқәа ролимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа» аихшьаалақәа рыла, 109-ҩык абитуриентцәа ауниверситет ахыԥхьаӡаларазы рыдгалара мҩаԥгоуп, урҭ мацара адкыларатә комиссиа ахь аусшәҟәқәа аларҵароуп.
«Сынтәа абиуџьеттә ҭыԥқәа 39 рыла еиҳауп иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа. Есышықәса абиуџьеттә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Ари аҟара абиутуриентцәа ҳара уажәраанӡа иҳадҳамкылаӡацызт», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Какоба.
Амилициа аусзуҩ Манча Кьиахьба ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәыза 30, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура аҳәарала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала, Аҟәа ақалақь амилициа актәи аҟәша ахь амаҵуратә уалԥшьа анагӡаразы инашьҭыз Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа апункт «Алашарбага» аусҭҵааразы азинмчы змоу амилициа алеитенант Манча Иасон-иԥа Кьихьба ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.
Аӡиудо азы XVI Жәларбжьарати атурнир «Аԥсны Ахраҿа» Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиудо азы XVI Жәларбжьаратәи атурнир «Аԥсны Ахраҿа» аартра иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы.
Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Аԥсны, Белоруссиа, Урыстәыла (Адыгеиа, ДЖәР, Камчатка, Ростовтәи аобласт) рҟынтәи хышәҩык инареиҳаны 2008-2010, 2011-2012, 2013-2014 шш. рзы ииз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи. Атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны 2015-2016 шықәсазы ииз арԥарцәа рзы еиҵаӡоу аразриадқәа ирыҵанакуа рыбжьаратәи аицлабрақәа мҩаԥгахоит.
Аицлабрақәа ирылахәхо ирыдныҳәалеит ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаршьеит атурнир аӡбаҩ Хада Мекзум Алимови Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагбеи.
Ԥхынгәымза 2 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иалагоит «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа агара азы» амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 2 инаркны ԥхынгәымза 6 аҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа агара азы» ахацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Атурнир иалахәхоит аа-командак: Аԥсны Урыстәылеи (Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, Лугансктәи Жәлартә Республика, Волгоград, Владикавказ, Ростовтәи аобласт аҟынтәи акомандақәа ҩба).








