Аҟәа. Абҵарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы адырраҭара «Аргама» аҿы дықәгыло Аԥсны аенергетикатә усхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит.
Џьансыхә Нанба аенергетикатә усхкы аҿы еиҳа иуадаҩу х-проблемак дырзааҭгылеит. Уи афымцач адефицит, афымцанхамҩа иуадаҩу аҭагылазаашьа, иара убас, жәаҳәарада, афинанстә дисциплина ауп.
«Аԥсны азы агенерациа азы аобиект хаданы иҟоу Егрытәи Аӡфымцатә Станциа ауп. Уи иуадаҩу аӡфымцатә станциа ауп, иара асовет аамҭазы иргылан, нысгьы иара иуникалу обиектуп ҳәа азуҳәаратәы иҟоуп. Агидроенергетика, зегы ишыжәдыруа еиԥш, аӡы иадҳәалоуп. Ҳгеографиатә ҷыдарақәа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар , Џвартәи Галтәии аӡеизакырҭақәа рҿы иҟоу аӡы аҩаӡара ашықәс аамҭақәа акыр иадҳәалоуп. Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи 15 шықәса рыҩныҵҟа шьҭа традицианы иҟалеит ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа азы ҳара Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы азымхара иадҳәалоу апроблема ахьҳазцәырҵуа. Уи иахҟьаны агенерациа амҽхак еиҵахоит, уи ахҩара азы ҳара егьырҭ ахыҵхырҭақәа рхархәара ҳалагоит. Иарбоу аҭагылазаашьа аан ҳара Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аиагара ҳалагоит», – ҳәа адыра ҟаиҵеит Џьансыхә Нанба.
Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара даара мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥнагеит, Урыстәылатәи Афедерациагьы аамҭа зегьы иалагӡаны Аԥсны иарбоу азҵаараҿы адгылара анаҭоит.
«Иҟоуп ауснагӡатәқәа разԥхагәаҭаратә план Аԥсны аенергосистема аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара азы. Уи иарбоуп ҳара хәыда-ԥсада иҳауо афымцач ашәгаақәа. Уи асоциалтә ииагара ҳәа изышҭоу ауп, аха уи азхаӡом,убри аҟнытә ҳара акоммерциатә хәыԥса ала афымцамч аиагара мҩаԥаагалароуп. Убас ала, актәи апроблема – агенерациа азы иахәҭоу еӡытә ресурсқәа рыҟамзаара ауп», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аҩбатәи апроблема – афымцатә нхамҩа иуадаҩу аҭагылазаашьа ауп.
«Уи астанцеиҵақәеи аиагаратә цәаҳәақәеи аихшаратә ҳақәеи роуп. Ҳара ҳенергосистема даара аҭагылазаашьа уадаҩуп. Уи акәша-мыкәша ирацәаны ацәажәарақәа ыҟан, иахьагы иҟоуп. Иҟоуп аексперттә лкаақәагьы», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
80% инареиҳаны афымцанхамҩа авариатә ҭагылазаашьа амоуп, уи иахҟьаны афымцамч рацәаны иаҳцәыӡуеит.
«Аоперативтә дыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс азы ҳенергосистемақәа рҿы иҟоу ацәыӡқәа 25 - 27%. рҟынӡа инаӡоит. Ари даара иҳараку аҩаӡара ауп, уи акиловаттқәа рахь ииаугозар, 640 млн кВт/с. рҟынӡа иҟалоит. Иазгәаҭатәуп, уи иҳамоу адефицит ахҩара азы иаҭаху амҽхак маҷк ада иаҟароуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Ахԥатәи ауадаҩраны Џьансыхә Нанба дазааҭгылеит афинанстә дисциплина.
«Афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара аҩаӡара ҳазҭоу ашықәс 10 мыз рзы аихшьаалақәа рыла 45% рҟынӡа инаӡоит. Ауааԥсыра, аиуристә хаҿқәа, иааизакны Аԥсны абонентцәа зегьы 45% ауп иршәо. Уи, жәаҳәарада, даара илаҟәу аҩаӡара ауп, хра злоу адинамика шыҟоугьы. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара 10%. рыла иазҳаит. Уи зегьы алыршара акыр иуадаҩуп. Иҟаҵоу даара ирацәоуп ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рахь аиасразы, иҳауа афыцачи инаҳхуа афыцамчи аҳасаббара азҵаарақәа рыӡбара, ҳаамҭа иақәшәо афымцамч ахархәара азы аԥхьаӡагатә приборқәа рықәыргылара, уҳәа», – инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.