Беслан Ешба иҳәеит аҳҭнықалақь анапхгара ауалафахәы ианаамҭоу ихаҭәааны арҵаҩцәа ироуртә ишыҟарҵо. Убри аан иазгәеиҭеит ари апроблема ҷыдала ишҭиҵаауа.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, иара ихаҭа арҵаҩцәа рҭаацәа дышрылҵыз, арҵаҩцәа ҷыдала азҿлымҳара шриҭо. Ашәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит цәыббрамза 1 инаркны аурыс ган абиуџьет хырхарҭала аус зуа рызшәаразы аԥара азоужьра шааннакылаз, урҭ рхыԥхьаӡараҟны ишыҟоу арҵаҩцәагьы. Уи зыхҟьо 2014 ш. абҵарамзазы «Аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы» Аиқәшаҳаҭраҟны иарбоу ахыдҵақәа зегьы ахьынагӡам ауп.
Аслан Бжьаниа иҳәеит ҳазҭагылоу аамҭазы аҳәынҭқарра ашәатәқәа ирыцҵаны ишханарҭәаауа, аха аԥхьаҟа ауадаҩрақәа цәырҵыр шалшо. «Урыстәыла ҳахьчоит, ганрацәала ацхыраара ҳнаҭоит ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, акультуреи агәабзиарахьчареи рхыбрақәа рыргылараҟны. Ҳарҭ уи ҳхаҳмыршҭлароуп, ишақәнагоу ахә ҳшьалароуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниеи арҵаҩцәеи атәылаҟны аҵараиура аҿиара иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.