Аганқәа рылацәажәеит ахәаахәҭра-економикатә усеицура арӷәӷәареи Ахеилак аҩбатәи аилатәара амҩаԥгара ахымԥадареи рызҵаарақәа.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡаразы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа, аҩбатәи аиԥылараан знапаҵыҩра азԥхьагәаҭаны иҟоу аҳазылхра, аҵарадырра, ақыҭанхамҩа уҳәа рганахьала аиқәшаҳаҭрақәа реиқәыршәараз ахыркәшаратә усурақәа.
Иара убасгьы ахәаахәҭратә миссиақәа раԥҵара аҵак ду шамоу, ахәаахәҭратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа реимадара арҭбаара, аекономикатә усхк аҿы еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ахымԥадара азгәаҭан.
Аиԥылара рхы аладырхәит Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Раниа Аль-Аҳмад, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Геис Аль-Харки.