pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр  Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова лыхьӡала иҟалаз абылра иахҟьаны Аԥсны Амилаҭтә галереиа асахьатә фонд  ацәыӡра инамаданы иҟалҵаз адгылара азы аџьшьаратә шәҟәы дықәиҵеит.

Ашәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ареспублика Аԥсны Анапхгара ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны Амилаҭтә галереиа аҿы иҟалаз абылра инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра аԥснытәи рколлегацәа ганрацәала ирырҭаз адгылара азы.

Иҟалаз арыцҳара иахҟьаны иблит Аԥсны жәлар рзы акырӡа зҵазкуаз акультуратә ҭынха – иналукааша аԥснытәии урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа  русумҭа шьахәқәа.  Ҳара зыԥшра ҟамҵакәа ҳмилаҭтә трагедиа иаҳзаанагаз ҳхьаа ахьҳацеиҩышәшаз азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, Рахманинов Иҩны аконцертә зал аҿы қәҿиарала имҩаԥысит Аԥснытәи артистцәа рконцерт. Аконцертә программа ааиртит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба. Анаҩс иқәгылеит анагӡаҩ-ҿарацәа – Москватәи аконсерваториа аҟны иҟоу анагӡаратә ҟазара Академиа астудентцәа:  апианинорҳәаҩы Лана Адлеиба, Каи Хупориа, Виктор Абрамиан-Ешба иҵаҩы, альтарҳәаҩы Пиотр Бердников.

Ахәаԥшцәа иатәнатәит Софиа Сақаниа лыбжьы, лара Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцба лаԥшьгарала имҩаԥгаз II Жәларбжьаратәи амузыкатә конкурс аҿы   Гран-при лгеит.   

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 27-28, 2024 шықәсазы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Косики Карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир «Алада Ахраҿа». Атурнир еиҿкаахеит ақалақьтәи ауаажәларатә еиҿкаара «Шәача ақалақь астильзегьтәи акарате Афедерациа». Уи напхгара аиҭоит Дымчак Иван Алеқсандр-иԥа. Иара убас аусмҩаԥгатә амҩаԥгараҿ ацхыраара ҟанаҵеит Шәача ақалақь абаҩарҵәыратә культуреи аспорти рзы Аилак.

Атурнир рхы аладырхәит Урыстәлатәи Афедерациа арегионқәа 10 рҟынтәи: Донецктәи Жәлартә Республика, Ростов-на-дону, Ростовтәи аобласт, ақалақьқәа Липецк, Москва, Москватәи аобласть, уҳәа Афедералтә Округ Хада зегьы аҟынтәи 500-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.

Косика карате Афедерациа апрезидент, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Демис Адлеиба напхгара зиҭоз Аԥсны еизгоу акоманда Шәача ақалақь астильзегьтәи акарате Афедерациа  апрезидент Иван Дымчак иҟаиҵаз ааԥхьаала ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала атунир  иалахәхеит.  

Аԥсны еизгоу акоманда иалалеит Аҟәа ақалақь аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа косики карате асекциа аспортсменцәа.

Аспортсменцәа еиндаҭлон «ката», «кумите»,  «нунчаку-кумите», уҳәа адисцплинақәа рҿы. Аԥснытәи аспортсмен ҿарацәа ахьтәы медалқәа ҩбеи аџьазтә медалки ранашьахеит.  

Ахьтәы медалқәа ранашьахеит Ерик Хоџьоиани Иарна Марганиа, аџьазтә медал – Сеиҭ Дгебиа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу хә-ҳаԥыки адгьылаҵантәи аӡиаски Аԥсны ирыԥшааит Урыстәылатәи аспелиологцәа. Абри азы арадио Sputnik аефир ала адырра ҟаиҵеит аспелиолог Геннади Самохин.

«Ҳара аҭыԥантәи ауааԥсыра ишҳаҵарҳәаз ала, Чагрыԥшь аҳаблаҿы ҳаԥык ҳаԥшааит, уи 60-тәи ашықәсқәа раахыс ирдыруан, иҟалап еиҳа заанаҵгьы ирдыруазҭгьы. Ҳара уахь ҳалбааит, иаҳбеит уи даара аинтерес шаҵаз, аӡиас хәыҷгьы шыиасуа. Ҳалагеит ааигәа иҟоу арегион аҭҵаара. Ари арегион аҿы иҟоуп 20 инарзынаԥшуа аҳаԥқәа, ҳара ҳаанӡа ирдыруаз 15 ракәын», - ҳәа еиҭеиҳәеит  Ганнади Самохин.

Иҳаԥшааз аҳаԥқәа рҟынтәи зегьы иреиҳау аҵаулара 300 метра рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ 15- 27 метра рҟынӡа инаӡоит.  Аха уи аҵарауаҩ иазгәаҭарала, алгамҭатә наӡараӡам, даара иҟалар алшоит урҭ рҵаулара акыр еиҳазаргьы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аспорттә Клуб «Алмаз» акоманда  15 шықәса зхымҵыц арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара аӡиудо азы Ахәыҷтәы лига «Триумф Energy»  Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа I атур иалахәхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа.

Аицлабрақәа мҩаԥсуан ажьырныҳәамза 18 -20 рзы  ақалақь Армавир аҿы. Аӡиудо азы аԥснытәи арԥарцәа ркоманда акомандатә еиԥыларақәа хәба мҩаԥыргеит. Аспорттә Клуб «Алмаз»  аспортсменцәа иреицлабуан Урыстәыла иреиӷьу акомандақәа иреиуаз акомандақәа. Актәи аиԥылараҿы дара ирыцлабуан Волглградынтәи акоманда, аиааирагьы ргеит, анаҩстәи ԥшь-еиԥыларак рҿы – Армавир, Анапа, Новороссиск, Краснодар акомандақәа иреицлабуан.     Аԥсны акоманда арҭ аицлабрақәа ҩынтәны ирылахәхоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 24 рзы Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҿы «Згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа қәҿиарала рсоциализациа амҩаԥысра азы аџьатә зыҟаҵара рыҭареи рааӡареи» атемала жәларбжьаратәи анаука-практикатә семинар мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа.

Асеминар аалыртит Аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл.  Лара ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа рԥышәа рымадареи иаҵоу аҵакы ахадара азгәалҭеит, асеминар иалаху зегьы хра злоу аусуреи ақәҿиарақәеи рзеиӷьалшьеит.

Ацхыраагӡатә школ адиректор Викториа Ҭаркьыл асеминал иалахәыз ашол аҿы аҵара-ааӡаратә усура шышьақәгылоу атәы рзеиҭалҳәеит.

Аԥшьаша, 25 Ажьырныҳәа 2024 14:33

«АЗиД» абылтәы аужьҭра еиҭалагеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәы еилазаара «АЗиД» аофициалтә саит аҿы абылтәы зҭаз авагонқәа аҳәаа иахыҵны Аԥсныҟа иалалеит ҳәа адырра ҟаҵоуп.  Убри инамаданы, иахьа, амш аҩбатәи азыбжа азы  етап-етапла «АЗиД» Абылтәыҭаҭәарҭатә Станциақәа раартреи абылтәы аужьҭреи ирылагоит. Иара убас акорпоротивтә клиентцәа рыхсаалагақәа рхарҭәаара азы азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 10 рзы абоксиор Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы диԥылоит аԥышәа змоу урыстәылатәии адунеитәии атитулқәа рыпретендент Ваге Саруханиан (20-3-2, 4 КО). Икариера иалагӡаны Ваге Саруханиан Џьованни Страфона, Игнасио Мендос, Карлос Кордобу, уҳәа реиԥш иҟоу зыхьӡ нагоу абоксиорцәа дрыцлабхьеит, убас ала уи аԥышәа ду шимоу азгәаҭатәуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аҿы имҩаԥысыз аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аиҳабы Русҭам Бжьаниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла,  2023 шықәсазы Аҟәа араион аҿы ашәҟәы иҭагалан  36 цәгьоура. Урҭ рахьынтә иаартын 32 цәгьоура (88,9%).  2022 шықәсазы иҟалеит  40 цәгьоура, иаартуп– 35.

Иӷәӷәоу ацәгьоурақәа 12 ҟалеит иҳаҩсыз  2023 шықәсазы, иаартуп – 9.  2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан  11 иӷәӷәоу ацәгьоурақәа, иаартуп – 8.

Еиҵахеит атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭазыргыло ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара.

2023 шықәсазы араион аҿы ашәҟәы иҭагалан атәым мал аӷьычра иадҳәалоу ацәгьоурақәа ҩба.  

Араион аҿы изакәанымкәа абџьар ахархәара, изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра, амбжьахра, уҳәа реиԥш иҟоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аиҵахара убаратәы иҟоуп, ҳәа иазгәеиҭеит Русҭам Бжьаниа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет аофициалтә саит аҿы иаатит Аԥсни Урыстәылеи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылақәа алахәыла, асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа ронлаин-цәыргақәҵа «Аибашьцәа рпортретқәа».   

«Иарбоу онлаин-цәыргақәҵа Ареспублика Аԥсны акультура Аминистрреи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети  Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет иԥшааху аҟазарақәа Ринститут асахьаркыра-графикатә факультет арҵаҩцәеи русеицураҿы раԥхьатәи шьаҿаны иҟалоит», - ҳәа иаҳәоит Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет аофициалтә саит адаҟьа аҿы.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.