Шьаҭынкыла аргылара азы Аусбарҭа анџьныр хада Анатоли Бигәаа иарбоу аобиект 2023-2025шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырара аҭара азы Аинвестициатә Программа иалагалоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.
«Амҩа аура 10 700 ԥшьырцатә метр рҟынӡа инаӡоит аусурақәа рхарџьынҵатә хәыԥса — 96 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, урҭ Аинвестпрограмма аҟынтәи иазоужьын», – ҳәа иазгәеиҭеит Анатоли Бигәаа.
Анардадкыларатә еиҿкаара «Строймонтаж 2» анапхгаҩы Русҭам Цәеиба, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа злалагаз аӡҩаршьҭрақәа рышьҭаҵареи иажәыз аӡымҩангагақәа рықәгареи рыла ауп ҳәа адырра ҟаиҵеит.
«Аусурақәа ирылагеит жәабранмзазы. Ҳара иҿыцу аӡымҩангагатә магистралтә шәыра шьҭаҳҵеит, иҳаԥсахит ацрыӡмҩангага хадеи уи иадгоу ашәырақәеи, аҵеиџьқәа шьақәҳаргылеит, иара убас егьырҭ, ихымԥадатәиу аусурақәа наҳагӡеит. Убасҵәҟьа ҳара 4 нызықь ԥшьыркцатә метр рҟынӡа иахьынаӡо ацәхыԥқәа шьақәҳаргылеит, амҩа хаҳәцәылагьы иаҳчаԥеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Русҭам Цәеиба.
Уи иажәақәа рыла, арҽеиратә усурақәа мышқәак рыла ихыркәшахоит. Аусурақәа рхыркәшара азгәаҭан ԥхынҷкәынмзазы, аха заа ихыркәшахоит. «Ҳара аусурақәа аԥхьанатә иазԥхьагәаҭаз аҽҳәара аԥхьа ихҳаркәшоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.