Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспубликаҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рызҭо Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Максим Решетников.
Аиқәшаҳаҭра аинвестициатә проектқәа рынагӡара азҵаара аҭышәынтәалара адагьы аганқәа рыԥхықәрақәеи рзинқәеи ҳәаақәнаҵоит, Аԥсны аинвестициатә усура назыгӡо аиуристтә хаҿқәа адгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа алнакаауеит.
«Аиқәшаҳаҭра ареспублика аекономика ахь инацҵаны урыстәылатәи аинвестициақәа ралагалара иацхраауеит, иара убри ала ақыҭанхамҩа, аусдуларатә ааглыхра, атуризм, асанатор-курорттә хәышәтәра, аԥсшьара иадҳәалоу аусхкқәа рыҿиара, аинфраструктура – агаз ала аиқәыршәара, ӡыла аиқәыршәара аобиектқәа, арԥхарра, атранспорт, асоциалтәи ацифратәи аинфраструктура ашьақәгылара иацхраалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Максим Решетников.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аусшәҟәы дахцәажәо, аинвестициақәа Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аус аҿы акыр зҵазкуа ароль нарыгӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
«Аҵыхәтәантәи аамҭазы ареспублика аҿы иубаратәы иҟоуп иҳараку аинвестициатә активра. Убас, аҵыхәтәантәи 4 шықәса рыҩныҵҟа ихадоу акапитал ахь аинвестициақәа рымҽхак 2,5 рыла иазҳаит, уи 11 млрд. мааҭ еиҳахеит. Хра злоу адинамика аҟазаара арҵабыргуеит иара убас амзабжьаратәи аулафахәы ахышәа-ҵышәа аизҳара, аҩныҵҟатәи абиуџьет ахатәы хашәалахәы ҩынтә иреиҳаны ашьҭыҵра, – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара. – Ихадароу, ҳара иҿыцу азнеишьақәа раарԥшра ахьҳалшо ауп – ҳара илаҳарҟәуеит аҳәынҭқарратә, ишьҭаҳхуеит хазхаҭалатәи аинвестициақаа рыҩаӡара. Ари даара ибзиоу еиҭакрақәоуп, уи иацхраауеит анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра, избан акәзар араҟа зыӡбахә ҳәоу идуу аинвестициақәа роуп. Ас еиԥш иҟоу аинвестициатә проектқәа ареспублика аҿы иҟоу аусурала аиқәыршәара аҭагылазаашьа шьаҭанкыла иаԥсахуеит».
Анапы зҵаҩу иарбоу аусшәҟәы азинмчы аиуразы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ишьақәнарӷәӷәароуп ҳәа иаанацҳауеит аатәыла економика Аминистрра.