Асовет Еидгыла анхыбгала ашьҭахь Аԥсны анаукатә усбарҭақәа хазы-хазы еиҿыганы иаанхеит. Убри аҟнытә урҭ иаку ахылаԥшырҭак – Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аилазаараҿы реидкыаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Анаҩстәи ашықәсқәа рзы Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥеиԥш шышьақәгылаз атәы Аԥсныпресс акорспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа: «Имариамызт Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа знысыз амҩа. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадмиа 1997шықәса раахыс аус ауеит, уи еиднакылоит академиатә институтқәа быжьба, иааизакны Аԥсны анаука аҿиареи анаукатә ҭҵаареи акыр зҵазкуа алагала аланагалоит. Академиа иамоу х-ҟәшак — агуманитартә, афизика-математикатә, амедика-биологиатә — инарҭбаау анаукатә дисциплинақәа рымҽханакуеит.
Аҵарауаа ҿарацәа адгылара рыҭара Аԥсны анаука аҿиара аус азы акырӡа аанагоит. Иахьа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа еиқәшәо аҭҵаарадырратә усбарҭақәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ рыҭҵааратә лшарақәа есааира еизырҳалатәуп. Академиа аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи аус рыдулара. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиаҟны еизҳауа абиԥара ҿа аспирантураҟны аҵара рҵартә, аҭҵаарадырратә хырхарҭа рацәала акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа рыхьчартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Гәахәараны иазгәаҭатәуп Аԥсны аҭҵаарадырратә интеллигенциа аҵарауаа ҿарацәа рԥышәа ахьрымардо. Агәра згоит, аҭҵаарадырра ҿыц иаҵагыло атрадициа беиақәа шеиқәдырхо, аихьӡарақәа шеихарҳауа.
Ишыжәдыруа еиԥш, афинансыркра акырӡа аанагоит аус аиҿкаара аҿы. Убри аҟнытә иахәҭоу аҩаӡараҿы аекономикатә дгыларада анаука аҿиара акыр иуадаҩхоит».
Аҭҵаарадыррақәа Раадемиа апрезидент кавказдырреи аԥсуаҭҵаареи ахшыҩзышьҭра ду аиҭоит. Аԥсуа наука аҿиаразы акырӡа аанагоит Урыстәылатәи Афедерациа анаукатә институтқәа аус рыцура алыршара, аԥснытәи аҵарауаа жәларбжьаратәи анаукатә конференциақәа рылахәхара, адыррақәа рыла аимадареи егьырҭ атәылақәа рҟынтәи рколлегацәеи дареи анаукатә еимадара рыбжьаҵареи.
«Акырӡа аҵанакуеит аҭҵаарадырратә еилазаара азҿлымҳара ду ахьанаҭо жәларбжьаратәи аимадарақәа рымҽхак арҭбаара. Убри инамаданы, аҵак ду амоуп урыстәылатәи аҭҵаарадырратә школқәеи иара ирыбжьоу аҭҵаарадырра-техникатә усеицура арӷәӷәара. – Ҳара аиашазы ҳпотенциал дууп Ҳҵарауаа реихьӡарақәа еицырдыруеит ҳтәылаҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы. Урҭ русуреи рыҭҵаарадырратә усумҭақәеи ирыбзоураны адунеи аҿы ҳтәыла ибеиоу аҭоурых-культуратә ҭынха атәы рдыруеит. Сара агәра ганы сыҟоуп, анаҩстәи ҳусурагьы анаука аганахьала еиҳагьы аихьӡарақәеи иҿыцу аартрақәеи шацло. «Ҳара ҳинститутқәа Аԥсны азы актуалра злоу, акыр зҵазкуа аҭҵаарақәа ирыцнаҵоит», – ҳәа иҳәеит иара.