Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Евразиатәи аусеицура Аҿиара Афонд жьҭаарамза 22 инаркны жьҭаараза 25-нӡа «Аԥсны-Урыстәылатәи аидгылара: амифқәеи аҵабырги» ҳәа хыс иаманы асоциологиатә зҵаара Аԥсны имҩаԥнагеит.
Асоциологиатә зҵаара амҩаԥгара хықәкыс иаман Аԥсны имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа рдинамикеи аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа изаамҭанытәиу рҭагылазаашьеи аилкаара.
Зынӡа ари асоциологиатә зҵаара рхы аладырхәит араионқәа зегьи амилаҭә гәыԥқәеи рҟынтәи 1217 – ҩык инареиҳаны.
Асоциологиатә ҭҵаара иаанарԥшит Аԥсны атәылауаа актуалра злоу аполитикатә амшхәаԥштә ныррас ирнаҭо, ҳәа адырра ҟанаҵоит Афонд асаит.
Асоциологиатә зҵаара агеографиа Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра ахәҭак, уҳәа Аԥсны араионқәа амҽханакит.
Асоциологиатә зҵаара иахысыз ауаа рмилаҭтә еилазаара: аԥсуаа, аерманцәа, аурысцәа.
Асоциологиатә зҵаара азеиԥш лҵшәақәа абасала ишьақәгылеит:
94% еиҳа узықәгәыӷыртә иҟоу адгылаҩыс ирыԥхьаӡо Урыстәыла ауп (Ҭырқәтәыла – 5%, Қырҭтәылеи Европатәи атәылақәа Реидгыла аҳәынҭқаррақәеи – 1% аҵкьыс еиҵаны);
93% Урыстәыла Аԥсны еиҳау адгылаҩыс аҩызас ирыԥхьаӡоит;
85% Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни рыбжьара аусеицура анаҩстәи аҿиареи аҳәаақәа рырҭбаареи иадҳәалоу аусура иадгылоит;
76% Аԥсны уажәтәи анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура аформатқәа рырҭбаара иадҳәаланы иалнахыз акурс иадгылоит;
94% Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны асуверенитети ашәарҭадареи ихадоу агарантс иҟоуп ҳәа агәаанагара иашоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит;
87% Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны арратә аҟазаара аибашьра алагара алзмыршо ихадоу факторуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, 6% ус еиԥш иҟоу факторны ирыԥхьаӡоит Аԥсны Арбџьармчқәа, 3% аасҭа еиҵаны – Қырҭтәыла иалнахыз аконструктивтә позициа;
61% Москвеи Қарҭи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рдинамика ахәшьара бзиа арҭоит, 31% иарбоу аизыҟазаашьақәа рыҿиара адинамика хра злам ахәшьара арҭоит, иарбоу аизыҟазаашьақәа рҿы аиҿагыларақәа рацәаны ирбоит, 8% иарбоу азҵаара неитралла иазнеиуеит, урҭ Урыстәылатәи Афедерациеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы митәык аиҭакрақәа ыҟаны ирбаӡом;
79% Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аԥсуа милаҭтә хаҭашьара азы ашәарҭара аҵоуп, уи адемографиатә шәарҭара ацуп ҳәа агәаанагара иадгылаӡом, 10% уи ашәарҭара аҵаны ирбоит, 11% инарзынаԥшуа ари азҵаара аҭак аҟаҵара рцәыуадаҩуп;
92% Урыстәыла Аԥсны аекономика аинвестициақәа ралагаларала уи «аколонизациа» амҩаԥгара иаҿуп ҳәа агәаанагара акала ишьаҭаркым ҳәа ирыԥхьаӡоит, иарбоу агәаанагара ииашоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит 8% рҟынӡа атәылауаа;
86% агәра ганы иҟоуп Аԥсны анаҩстәи аҿиара залыршахом анҭыҵтәи акапитал адыԥхьаларада, 14% иреиҵаны атәыла аҿиара аинвестициақәа рыда изалыршахоит ҳәа ирыԥхаӡоит.