Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «2025 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ азы» азакәан апроект шьақәдырӷәӷәеит.
Аусшәҟәы ахәаԥшразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵахоит.
Адгалара мҩаԥгоуп 2025 шықәсазы Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ азеиԥш хышәа-ҵышәа ашьақәырӷәӷәаразы:
– ахашәалахәқәа рыла – 17 млрд 359 млн. 347,7 нызықь мааҭ,
– аныхтәқәа рыла – 17 млрд. 468 млн. 879,6 нызықь мааҭ, аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит – 109 млн. 531,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2025 шықәсазы Ареспубликатә биуџеҭ ахышәа-ҵышәарақәа:
– ахашәалахәқәа рыла – 13 млрд. 145 млн. 838,4 нызықь мааҭ,
– аныхтәқәа рыла – 13 млрд. 255 млн. 370,3 нызықь мааҭ,
– ареспубликатә биуџьеҭ адифицит ашәагаа – 109 млн. 531,9 нызықь мааҭ.
Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраара:
– Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы – 3 млрд. 862 млн. 775,5 нызықь мааҭ,
–2023–2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара адгылара аҭара азы Аинвестициатә Программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны азы абиуџьеҭә ԥаратә хархәагақәа рыла аинвестициақәа рымҩаԥгара азы – 1 млрд. 155 нызықь мааҭ,
– 2022–2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма ала аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә цхыраара рыҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара афинансыркра азы – 100 млн. 500 нызықь мааҭ.
Ареспубликатә биуџьет адефицит афинансыркразы ахыҵхырҭқәас иҟалароуп Амилаҭтә Банки егьырҭ ахыҵхырҭақәеи.
Акредитқәа рыла ажьырныҳәаза 1, 2026 шықәса рзы ареспубликатә аҩныҵҟатәи ауал иреиҳауа аҩаӡара 650 млн. мааҭ рыла ишьақәыргылахоит, акредитқәа рыла ареспубликатә адәныҟатәи ауал хыхьтәи аҩаӡара – 926 млн. 381,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2025 шықәсазы ареспубликатә аҩныҵҟатәи амԥсахра апрограмма аицҵалыҵ 650 млн. мааҭ рыла ашьақәырӷәӷаразы адгалара ҟаҵоуп.
Урыстәылатәи Афедерациа аҿаԥхьа Аԥсны иақәу аҳәынҭқарратә експорттә кредит ала ихадоу ауал ашәара азы азоужьра иазԥхьагәаҭоуп 90 млн. 783,4 нызықь мааҭ.
«2025-тәи афинанстә шықәса азы ахашәалахәқәа рхышәа-ҵышәа 17,3 млрд. мааҭ рыла ишьақәыргылоуп, урҭ рахьынтә 12,1 млрд. мааҭ ахаты хашәалахәқәа раҳасабала иазԥхьагәаҭоуп. Ԥшьышықәса раԥхьа абиуџьет ахатә хашәалахәы 4,8 миллиард мааҭ акәын иҟаз. Уи аизҳара иацхрааит административтә ус аиӷьтәра, ахәаахәҭратә еикәыршара ашьҭыҵра, атауарқәеи амаҵзурақәеи рымҽхак арҭбаара», – 2025 шықәсазы атәыла абиуџьеҭ апроект адгылара мҩаԥго иҳәеит атәыла аԥыза министр ихаҭыҵуаҩ, афинансқәа рмнистр Владимир Делба.
Убри аан уи «ашәахтәқәҵара азы азакәни егьырҭ азакәанқәеи уамак ала аиҭакрақәа алагаламызт, убри аҟнытә анаплакыҩцәеи аусдкылаҩцәеи ирықәыӷәӷәо ашьҭыхра алнымыршаӡеит.
«Ахатәы хашәалахәқәа реизҳара иацхрааит административтә ус аиӷьтәра, ахәаахәҭратә еикәыршара ашьҭыҵра, атауарқәеи амаҵзурақәеи рымҽхак арҭбаара.
Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа анаплакҩцәа еиҳа ауадаҩрақәа рызҭаша азакәанԥҵара аԥсахрақәа алагаламызт»,- ҳәа иҳәеит Владимир Делба. возможность прогнозировать новые доходы со значительным, ежегодным ростом», – отметил Делба.
2024 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар. Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәалахәқәа реизҳара 1,8 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.