Афонд абиуџьеҭ 2024 шықәсазы адифицит афинансыркра ахыҵхырҭаны иҟоуп ажырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы Афонд абиуџьеҭ аҿы 115 млн. 416,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә хархәагақәа рцәынха.
Иааизакны афонд ахашәалахәы 385,13 миллион мааҭ ҟалоит, уи ахарџьқәа ираҟарахоит.
Афонд анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьынџьал иажәақәа рыла, абиуџьет ахашәалахәы 2024 шықәса иаҿырԥшны 73 миллион мааҭ ала еизҳауеит, ахарџь 42 миллион мааҭ ала еиҵахоит.
Иара убас, аилатәараҿы 2024 шықәсазтәи абиуџьет аҿы аиҭакрақәа аларгалеит, ахарџьқәа 92,8 миллион мааҭ рыцҵаны.