Аҟәа. Жьҭаараза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба 2025 шықәсазы рбиуџьеҭқәа рзы азакәанқәа рыпроектқәа шьақәнарӷәӷәеит.
Зыӡбахә ҳамоу Аԥсны Атәанчаҩратә фонд, Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд, арепатриациа Афонд, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд, асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд, Амҩатә Фонд.
Азакәанқәа рыпроектқәа ахәаԥшразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵахоит.
– 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи реицҵалыҵ 258 млн. 937,8 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
– Атанчаҩратә Фонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи реицҵалыҵ – 1 млрд. 882 млн. 796,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
– Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи реицҵалыҵ – 90 млн. 571,3 ныықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
– арепатриациа Афонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи реицҵалыҵ – 385 млн. 130,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
– асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи реицҵалыҵ – 232 млн. 475,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
– Амҩатә Фонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи реицҵалыҵ - 160 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.