pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан   Бжьаниа усуратә визитла  Москваҟа дцеит.

Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны   Урыстәылатәи  Афедерациаҟны имҩаԥысраны иҟоуп амчхаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа злахәу аиԥыларақәа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура аихшьаалақәа ирызкын аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ашәахьа, ажьырныҳәамза 29 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥигаз анҭыҵтәи аусуратә еилатәара.  

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Зосма Гыцба иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалахеит 96 цәгьоура, урҭ рахьынтә иӷәӷәоу ацәгьоурақәа – 31. Иаартуп 88 цәгьоура ( 91,6%).

Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәшеиҵа аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аусеилыргарахь иаднакылеит  41 шьаус, еилыганы аӡбарҭахь идәықәҵан  30 шьаус.

Ауаажәларратә шәарҭадара амилициа Амаҵзура ацхыраарала имҩаԥган 150 аӡбаратә процессқәа, урҭ рахьынтә 60 акультура-массатә усмҩаԥгатәқәа. Еиқәыршәоуп 288 административтә  пкаанҵақәа.

Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы иаадырԥшит 5708 амҩатә ԥҟарақәа реилагара. Ижәны амашьына аԥсҟы акразы еиқәыршәан 390  административтә пкаанҵа. 218-ҩык автотранспорттә хархәага аныҟәцаразы азин аршаҳаҭга рымхуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк иахьаҵанакуа амҩа 29-тәи акилометр аҿы  иҿыбгеит.

«Ахҭыс ҟалеит ашьыжьымҭан. Аха асааҭ 12:00 рзы амҩа аадыртуеит. Риҵатәи ареликттә милаҭтә Парк аусзуҩцәа амҩа арыцқьара иаҿуп», - ҳәа Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә Парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.  

Аҟәа. Ажьырныҳәаза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи аҵарауаа ҿарацәеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иаҵанакуа аинститутқәа хаҭарнакра рзызуа аҵарауаа ҿарацәа идикылеит.

Аиԥылара иалахәын иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа,  Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.

Аҳәынҭқарра Ахада аҵарауаа ҿарацәа аԥсшәа раҳәо, Аԥсны аҳәынҭқарратәраҟны аҭҵаарадырра инанагӡо ароли иаанакыло аҭыԥи азгәеиҭеит.

«Аҳәынҭқарра – шәарҭа ыҟамкәа, ҳҵас бзиақәа рықәныҟәарала ҳаҿиара ахьымҩаԥысуа ҳаҩноуп. Ҳара уаҵәтәи амш шәарҭа амамкәа иааирц азы мчыс иҳамоу ҳдыруазароуп. Абри атәы рҳәалароуп аҭҵаарадырра аусзуҩцәа», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иара убас аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит аҭҵаарадырреи аекономикеи реимадара атәы.   «Иҳамоу еилкаатәуп, ари аимадара ҭышәынтәалазарц азы иҟаҵатәу, аекономикаҟны иҟоу апроблемақәа рыӡбара иазкызарц азы. Аекономикатә суверенитет алыршара – зегь ирыцку уснагӡатәны иҟазароуп», - иазгәеиҭеит иара.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аиҳабыра алахәцәеи араионтә Администрациақәа рхадацәеи злахәыз аилацәажәара

Ажьырныҳәамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәцәа,  араионтә Администрациақәа рхадацәа, Апарламент адепутатцәа, аӡбаратә уаажәларра ахаҭарнакцәа алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адыра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада - Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада дазыӡырҩит атәылахьчара аминистрра 2023 шықәсазтәи аусура алҵшәақәеи ҳазҭоу ашықәс азы иазԥхьагәаҭаны ирымоу ауснагӡатәқәеи.

Атәылахьчара аусбарҭа Ахада адырра ҟаиҵеит арбџьар мчқәа аибашьратәи  аоперативтә ҽазыҟаҵарақәеи шымҩаԥысуазы, аԥсуа ар рыҿиара ахырхарҭа хадақәеи рзы.

«Аибашьратә шәарҭадара ахьчара - атәыла анапхгареи ауааԥсыреи  рзы акрызҵазкуа зҵаароуп. Украина ицо, аҭыԥ змоу арратә ҭагылазаашьа ҳасаб рзуны аибашьра ахацыркразы иҟоу аҭагылазаашьа есааира иацлоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, убри аан, инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла арбџьар мчқәа разыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра хымԥадатәны ишыҟоу.

Владимр Ануа адырра ҟаиҵеит арбџьар мчқәа ҳаамҭа иақәшәо атехникалеи бџьарлеи ишеиқәшәоу, адгьылҵакыратә хьчара аштабқәа шеибыҭоу, иара убас арратә инфраструктура шеиӷьтәу азы.

Аслан Бжьаниа азҵаара шьҭихит арезервтә бригадақәа русбарҭақәа рышьақәыргыларазы. "Ҳара акраамҭа уи ҳазнеиуан. Уажәазы иаԥҵоуп аибашьраан ақалақьқәеи араионқәеи рыдгьылҵакырақәа рыҟны еиҿкаахо арезервтә бригадақәа быжьбеи аполки. Арҭ абригадақәа аҭынч аамҭазы еснагь аус рулоит, аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, иазԥхьагәаҭоу аҿҳәараан арратә зырхиара рымазаауеит",-иҳәеит иара, Адҵаҟаҵаҩ хада иҭабуп ҳәа иаҳәо ари азҵаара адгылара ахьаиҭо азы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 29 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҳәынҭқарра-зинтә политика азы инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит.  

 Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, адепутатцәа Аԥсны Алхатә Комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьаниеи уи иколлегацәеи – АКХ алахәылацәа  Инна Кәарҷиеи Алиас Бранӡиеи иҟарҵаз аинформациа иазыӡырҩит. Иарбоу аинформациа  «Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы»  аконституциатә закәан иадҳәалоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аруаҩҿыцқәа Рыԥсадгьыл ахьчаразы арратә ҭоуба шьҭарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аруаҩҿыцқәа иреиҳаӡоу аҩаӡара аҿы аусмҩаԥгатәқәа ирылахәхалоит, анапхгаратә хыбрақәа рҿаԥхьа аҳаҭыртә карулра нарыгӡалоит.

 Аԥсадгьыл ахьчаразы аҭоуба иаԥхьеит Аҟәатәи, Гәылрԥшьтәи, Гәдоуҭатәи, Очамчыратәи араионқәа рҟынтәи аруаҩҿыцқәа.

 Асолдатцәа зегьы ибзиоу маха-шьахалатәи азыҟаҵара рымоуп. Аӡәырҩы иреиҳау аҵара рымоуп.  

«Абри  аминуҭ инаркны  арԥыс амилаҭтә интересқәа рыхьчаҩны, Аԥсадгьыл ахьчаҩны даагылоит», – ҳәа  арратә ҭоуба ашьҭаҵара иазку ацеремониа аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура хазы игоу арота акомандаҟаҵаҩ Рашит Ҭаркьыл.

Ацеремониа ахатәы еилазаара шьаҿаеиқәшәала рыиасрала ихыркәшахеит.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Аԥсны аинформациатә ҵакыра аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы ицәырҵуа иалагаз, ажьырныҳәамза 21 ауха Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҟынтәи асахьақәа ахьышьҭаз Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра амзысқәеи ахҟьаԥҟьақәеи рганахьала ацәажәарақәа ахҳәаа ҟанаҵеит.  

Акультура аусзуҩцәа џьоукы абылра еиҳа ирласны ирцәазар ауан, уи арцәараан абылрацәыхьчаратә шәах ахархәара аиузҭгьы ҳәа ргәаанагарақәа рҳәеит.

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура ауаажәларреи иарбоу азҵаара иазинтересу ауаа зегьи иднардыруеит иџьбароу ахимиатә маҭәашьарны иҟоу  абылрацәыхьчаратә шәах абылтәи ахьшьтәи рымцакра аанкылараан, мамзаргьы амҩа-транспорттә машәыр хҭысқәа раан иааихаз амашьынақәа амца рымкырц азы мацара рхы иадырхәо ауп. Абылрацәыхьчаратә шәах асахьатә галереиа аҿы ахархәарала асахьақәа зегьы реиҭашьақәыргылара алымшо рыхасҭатәра ахь икылнагон. Убасҵәҟьа ирыԥхьаӡоит урыстәылатәи ареставраторцәагьы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Амилаҭтә галереиа аҿы иҟалаз абылра ахҟьаԥҟьақәеи ацәыргақәҵатә зал ҩаԥхьа аусура аиҭалагареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын иахьа имҩаԥсыз атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла Анапхгара апресс-маҵзура.  Аиԥылара рхы аладырхәит иара убас акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыри апрокурор Хада Адгәыр Агрбеи.  

Апрокурор Хада аиԥылара иалахәыз ишеилдиркааз ала, ахҭыс ахьыҟала аҭыԥ аҿы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы хыркәшахаанӡа, иара убри ала абылра зыхҟьаҵәҟьаз амзызқәа шьақәыргылахаанӡа  агалериа ауадақәа ррыцқьареи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи рҟынтәи аҽаанкылара ахәҭаны иҟоуп.  Адгәыр Агрба иажәақәа рыла, аԥсуа ган иҟанаҵаз аҳәарала, урыстәылатәи аспециалистцәа азинхьчаратә усбарҭақәа ацхыраара рырҭараны иҟоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.