Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аҩбатәи Ахада Едуард Кокоиты 60 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
“Шәара шәтәылеи шәыуаажәлари рпатриот иаша, рхьыԥшымреи рсуверенитети рзы ақәԥара ахыҵхырҭаҿы игылаз шәакәны шәыҟоуп. Шәполитикатә мҩаҿы иуадаҩыз аԥышәарақәа шәрықәшәеит, хаҭала, Қырҭтәыла имҩаԥнагаз арратә агрессиа.
Шәҽазышәарақәа ирыбзоураны игаз аиааира ашьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгаҩцәеи шәареи шәеидгыланы, жәларбжьаратәи аренаҿы шәтәыла ахьыԥшымреи асуверенитети рзы азин шәыхьчеит. Уи иалҵшәахеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз азхаҵара. Ҳҳәынҭқаррақәа реизҳазыӷьаразы ҳаицусура ашықәсқәа аԥхарра ду рыҵаны исгәаласыршәоит”.
Сергеи Шамба Едуард Кокоиты изеиӷьаишьеит аҭынчреи, ақьиареи, аҭаацәаратә маншәалареи.