Аҟәа. Абҵарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Женева ихыркәшахеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи араунд. ЕАР, ОБСЕ, ЕХ рыцхантәаҩрала имҩаԥысыз аилацәажәарақәа рхы аладырхәит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭәыла, Урыстәыла, Еиду Америка Аштатқәа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аԥснытәи аганахьала аиԥылара иалахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа, Аԥсны АдәАР ахаҭарнакцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи араунд аҿы ҩ-гәыԥкны аилацәажәарақәа мҩаԥысуан — ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа рзы.
Аиԥылара аҿы уи алахәылацәа иазԥхьагәаҭаз амшхәаԥшә зҵаарақәа пункцыԥхьаӡа иазааҭгылеит. Еиуеиԥшм атемақәа шьҭыхын. Ахәҭакахьала, актәи агәыԥ аҿы иалацәажәон аҳәаа иаԥну араионқәа рҿы аҭагылазаашьа. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи араунд аҟны иалацәажәан иара убас амч ахамырхәаразы адокумент аицеиқәшаҳаҭра аус адулара азҵаара.
Аԥсны ахаҭарнакцәа ақырҭуа ган иадыргалеит ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа авариант ҿыц, аха ақырҭуа ган аҽазныкгьы мап ацәнакит аԥсуа ган ажәалагала. Аҽазныкгьы, ақырҭуа ган ахымҩаԥгашьа иалнамыршеит абри азҵаараҿы акы азеицнеира.
Аԥсни Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәааҟны аҭагылазаашьа аилатәара алахәылацәа зегьы, ақырҭуа ган ада, иҭышәынтәалоу ҳәа ахәшьара арҭеит. Ахәшьара бзиа аҭан аԥсынтәи амчрақәа иаԥырҵаз агуманитартә коридор.
Убри аан аиԥылара алахәылацәа зегьы еицҿакны иазгәарҭеит ԥхьаҟазы ашьаҿақәа реицеихгара ада ԥсыхәа шыҟам. Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла еиҭахгьы инаҵшьны ирҳәеит Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи Гал Аидысларақәа рызхьаԥшреи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм (МПРИ) арҿыцреи шаҭаху. Аганқәа ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аԥснытәи агани Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА, ЕХ рҟнытәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәеи реиԥыларақәа.
Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациақәа ацхантәаҩцәа рахь Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа уи иамоу аформат ааныжьрала даҽа тәылак ахь риагара иадгылоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит. Уи мзызс иаиуит Швеицариа анеитралтә позициа аанкылара иахьаҟәыҵыз, Урыстәыла аганахьалагьы убрахь иналаҵаны.
Швеицариа аганахь агәынамӡара аадырԥшуеит Аԥсынгьы, Аахыҵ Уаԥстәылагьы. Уи зыдҳәалоу авизатә политика ахьдыруадаҩыз ауп. Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи урҭ Беларусьҟа, ма Сербиаҟа риагаразы авариантқәа ирыхәаԥшуеит.
Аиҿцәажәарақәа аҩбатәи ртемас иҟан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа ԥынгыла рымамкәа инеиааиларц азы, аҵареи агәабзиарахьчареи уадаҩрада ироуларц азы азҵаарақәа. Аҟәа ажәалагала ҟанаҵеит аԥсуа тәылауаҩшәҟәы змоу атәылауаа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь ицаразы ироуа ауадаҩрақәа рыӡбаразы жәларбжьаратәи аусутә гәыԥ аԥҵазарц. Иааиуа араунд аҿы аспециалист далархәны аинформациатә сессиа амҩаԥгареи иарбоу аҵак ду змоу азҵаара аӡбаразы аусуратә гәыԥ аԥҵареи азԥхагәаҭоуп. Жәларбжьаратә аиҿцәажәарақәа анаҩстәи 63-тәи араунд амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп 2025 шықәса хәажәкырамза актәи азыбжа азы.