Ацеремониа иара убас рхы аладырхәит Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, арепрессиа ззыруыз рҭынхацәа.
Ҳара ахаангьы иаҳхамышҭыруп иҳаҩсыз ашәышықәса, 30-тәи - 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз атрагедиа, ҳәа иҳәеит Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба.
«1937-1938-тәи ашықәсқәа рзы аԥснытәи аинтеллигенциа. Аҵарауаа, иналукааша аполитикатәии аҳәынҭқарратәи аусзуҩцәа харада ахара рыдҵаны абахҭақәа иҭаркуан, хабарда ибжьадырӡуан, иреихсны иршьуан», - ҳәа иҳәеит Фазлыбеи Аҩӡба. «Ҳара ахаангьы иаҳхамышҭыруп Сталини Бериеи еиҵарҟәаҟәаз арепрессиақәа ирылаӡыз, еиҵагыло абиԥарақәа ирызнагалатәуп ари аамҭа хьанҭа аҭоурых», - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны ХХ ашәышықәса 30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь нызықь-ҩык инареиҳаны ирылаӡит.