Иҟоу адыррақәа рыла, ԥхынгәымза, 1937-шықәса инаркны абҵарамза, 1938 шықәсанӡа Аԥсны зынӡа арепрессиақәа ирықәыршәан 2186-ҩык, урҭ рахьынтә 748-ҩык иреихсны иршьит, 377-ҩык ҿааҳәыра рымамкәа хабарда абахҭақәа рҿы ибжьаӡит. Арепрессиақәа ирықәшәаз рсиа аҿы иҟоуп еиуеиԥшым амилаҭқәа, азанааҭқәа ирыҵанакуа ауаа, урҭ реиҳараҩык 20 – 35 шықәса зхыҵуаз макьаназы иқәыԥшыз ауаа ракәын. XV Аԥсуа партконференциа ахь иалхыз Қырҭтәыла Акоммунисттә Партиа Аԥснытәи аобком 51-ҩык алахәылацәа рҟынтәи лаҵарамза, 1937 шықәсазы арепрессиақәа ирықәыршәан, анаҩсгьы иреихсны ишьын 39-ҩык ауаа. 1936 шықәсазы иалхыз Аԥсны ЦИК 120-ҩык алахәылацәа рҟынтәи арепрессиақәа ирықәыршәын 78-ҩык. 1937 шықәса инаркны 1942 шықәсанӡа Аԥсны анаукатәии арҿиаратәии аинтеллегенциа ахаҭарнакцәа реиҳараҩык ҭархан.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш Аԥсны 2006 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Убасҟангьы иаԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аполитикатә репрессиақәа иақәыршәаз рреабилитациа азы Акомиссиеи еихьӡылоу Ассоциациеи.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа Аҟәа ақалақь, Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы ишьақәыргылан жьҭаарамза, 2011 шықәса рзы. Амонумент иалакьакьо адаҷ зкәыршоу ахаҳә ду асахьа амоуп. Абаҟа автор – асахьаҭыхыҩ Зураб Ҭыжәба. Ари абаҟа арепрессиақәа зхызгаз зегьы, Аԥсны аҭоурыхи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши агәҭынчымра зызнырҵысуа зегьы рзы акыр аҵак ду аманы иҟоуп. Избан акәзар Сталини Бериеи рполитика иахҟьаз арепрессиақәа зықьҩыла ирылаӡыз рнышәынҭрақәа ахьыҟоу еилкааӡамкәа иаанханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа, ари абаҟа ахьгылоу аҭыԥ аҿы урҭ раҳаҭыри ргәалашәареи рзы ашәҭқәа рышьҭаҵара, ацәашьқәа раркра ҟалоит.
Прочитано 168 раз. Последнее изменение 30.10.2024