pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә Банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа  200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит.  Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура.

Ари аԥараҿырпқәа 925-тәи ацқьара змоу араӡны иалхуп, иара 100х60 миллиметр иҟоуп, акапан – 351 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Асахьаҭыхыҩ - Баҭал Џьапуа.

Аԥараҿырпы «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» асериа ала иҭыжьуп.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз абокс азы атурнир RCC Boxing Promotions аҿы атехникатә нокаут ала Шәачатәи аспортсмен Ваге Сураханиан дииааит.  

Харитон Агрба изы ари 13-тәи иааироуп RCC Boxing Promotions иаҵанакуа апрофессионалтә ринг аҿы. Иара абжьарабжатә капан аҿы - 65 килограмм рҟынӡа иҟоу рыбжьара дықәгылоит.

Аиԥылара 10 раундк рыла ишьақәгылар акәын, аха  аабатәи араунд ашьҭахь Ваге Сураханиан мап ахьикыз иахҟьаны аиндаҭлара ҳџьынџьуаҩ иааирала ихыркәшахеит.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәара ахҳәаа аиҭеит.

Иҳаҩсыз ашықәс ҭагалан азы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа раԥхьаӡа акәны Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа иаҭааит.

«Ҳара ҳаблала иаабартә еиԥш алшара ҳаман ари амаҵзура конкретла иҟанаҵо, уи инанагӡо аусура ахықәкқәеи ахырхарҭақәеи, уи аамышьҭахь ҳара Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара хазы игоу аусура ахырхарҭақәа рыла аусеицура абжьаҵаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит аминистр.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, , Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусдырра, даҽакала иуҳәозар, акомпетенциа мацара иаҵанакуа аусура ахырхарҭақәак,  Урыстәыла, Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рыбжьара еихшоуп.

«Убри  инамаданы, иарбоу ахырхарҭала аԥышәа аиуреи наҟ-наҟтәи ҳусеицура ала хазы игоу азҵаарақәа аус рыдулареи рзы аҭаххара шышьақәгылаз аабаратәы ҳҟалеит. Иазгәаҭатәуп иарбоу аиҿкаареи Аԥсни уаанӡа аусеицура шрыбжьамыз. Ҳара ҳгәаанагарала ари даара акыр зҵазкуа хҭысуп, – ҳәа иҳәеит Роберт Киут. – Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа Урыстәылатәи Афедерациа иӷәӷәоу аиҿкаара ауп, уи иамоу аԥышәа ду  ҳамадара иазхиоуп».

Заанаҵтәи аиқәыршаҳаҭрақәа рыла Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара аусеицура абжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рыиагара, иара убас Аԥсныҟа раагара азы дыгәҩароуп ҳәа дааныркылеит  1991 шықәсазы ииз Ҭҟәарчал ақалақь аҿы инхо Шамаатаа Мераб Коба-иԥа.

Игәҩароу ахаҵа амилициа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәеи еицымҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа раан Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аиасраан даанкылан.

Аҟәа. Жәабрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы  атерроризм аҿагылареи аиқәырхареи рхырхарҭа змоу Анапхгарабжьаратәи   атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

Азыҟаҵарақәа раан аиқәырхаҩцәеи амчратә усбарҭақәа русзуҩцәеи  абарҭ адҵақәа нарыгӡеит:

-  Азхәыцралатәи адиверсиатә  гәыԥ ахьтәо аҭыԥ акәшара;

- азхәыцралатәи адиверсиатә  гәыԥ зыҩноу аҩны ажәылареи агәыԥ анырҵәареи;

- асыԥса алеира инамаданы аԥшаара-еиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара;

- аӡхәыҵалаҩцәа алархәыны аӡы иалаҳаз амашьына изҭымҵо иҭахаз ауаа реиқәырхара;

- ашьхахалаҩцәа рмаругақәа рыла ашьха иалҟьаз ауаа рылбаагара аиҿкаара;

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа Аҟәа ақалақь Ахадара афинанқәа Русбарҭа аиҳабы Алхас Лагәлаа 2023 шықәсазы аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит, ҳәа адыра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақьтә Еизара апресс-маҵзура.

Алхас Лагәлаа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2023 шықәсазы  аҳҭнықалақь абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 2 млрд. 114 млн. 207 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 1 млрд. 975 млн. 54 нызықь мааҭ.  Абиуџьет аныхтә хәҭа 2 млрд. 137 мл. 918 нызықь мааҭ  рҟынӡа инаӡоит. (99 %). Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан  2 млрд. 158 млн. 445 нызықь мааҭ.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь абиуџьет аҿы амуниципалтә усбарҭа «Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рполигон» аԥҵара азы аԥаратә хархәагақәа азоурыжьит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофицииалтә саит.

«Аԥсны асоциал-еконоикатә ҿиара адгылара аҭара иазку Аинвестициатә Программа ала Гәылрыԥшь араион аҿы икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реилыхреи адгьыл раҭареи рзы аполигон» аргыларазы аԥаратә хархәагақәа азоужьын. Апроект анагӡара алыршан, аха арыцқьаратә еиқәыршәагақәа рышьақәыргыларазы иназыцҵоу аусурақәа инацҵаны рымҩаԥгара ахәҭан» – ҳәа иҳәеит ахәаша, жәабранмза 9 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара зхы алазырхәыз Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба.  

Иара Кацикыҭ иҟоу аполигон ахь инагахо агәамсам аиҳарак – уи Аҟәа ақалақьи Гәылрыԥшь араиони рҟынтәи еизгоу агәамсам ауп ҳәа иазгәеиҭеит.   «Уаҟа иҟалоит Аҟәеи Гәылыԥшьи рҟынтәи агәамсам. Убас ала аусура аиҿкаара аганахьала ауадаҩра зегьы аҳҭнықалақь Ахадара иақәшәоит. Ҳара макьаназы ақалақь аҿы еизо агәамсам Гал араион ахь иаҳгоит. Уи инамҩатәны Аҳабла Ҿыц аҿы иҟоу агәасамеизакырҭа аҟынтәи агәамсам ақәгара мҩаԥысуеит. Ҳара иааҳхәеит ҩба автоахагақәа КАМАЗ, – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба. –Ҳаԥхьаҟа ҳара хымԥада иаҳҭаххоит агәамсам абылра иазку анаплакқәа».

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аҿы ҿыц аспирантура иҭалаз аршаҳаҭгақәа рыҭара иазкыз ацеремониа мҩаԥысит.

Амԥар Адгәыр Баҭал-иԥа, Ҵәыџьба Рашид Адамыр-иԥа, Инаԥшьба Инал Гаврил-иԥа, Кәпалба Хамида Гарри-иԥа қәҿиарақәа аԥышәарақәа ҭины Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иаҵанакуа анаукатә институтқәа распирантура иҭалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апресс-маҵзура.  

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Коӷониа аспирантцәа аршаҳаҭгақәа риҭеит, акандидаттә дисертациақәа рыҩраан аҽадцалареи аусура бзиа абареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит. 

«Иахьа шәара аԥсуа наука ахь раԥхьатәи шәшаҿа еихыжәгеит. Ари имариам мҩоуп, аха сара ишәзеиӷьасшьоит ари анаукатә ԥсҭазаара аҿы шәара шәдырреи шәылшареи азхаҵара аиуо, аманшәалара шәыцло иҟаларц. Анаука – аҳәынҭқарра ашьаҟақәа ируакуп, анаука уаҵәтәи аԥеиԥш шәара  аҿар шәнапы иакуп. Шәҵара ахыркәамҭазы ишәыҩраны иҟоу шәдисертациатә усумҭақәа иахәҭоу аҩаӡараҿы иҟалартә еиԥш шәнаукатә напхгаҩцәеи шәареи шусеицура алҵшәабзиақәа аанарԥшырц азы хымԥада иаҭахуп аилибакаареи ааԥсарак ҟамҵа аҽадцалареи», – ҳәа иҳәеит Валентин Коӷониа.

Аспирант Адгәыр Амԥар Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы Аԥсны аҭоурых азы адиссертациатә усумҭа иҩуеит, Рашид Ҵәыџьба –  Аботаника Аинститут аҿы аботаника азы аусумҭа, Инал Инашбеи Хамида Кәпалбеи –  Аекономикеи азини Ринститут аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи агвардиеи рыбжьара анапхгарабжьаратәи аусеицура иазырхоу аиқәшаҳаҭра апроект еиқәыршәоуп.

«Аиқәшаҳаҭра апроект актуалра злоу аусеицура ахырхарҭақәа рыла аԥышәеимадара, Урыстәыла агвардиа иатәу аҵараиурҭақәеи азыҟаҵаратә Центрқәеи рбазала акадрқәа разыҟаҵара, аҵара-методикатә еизгарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи, иара убас аинформациатә технологиақәа рыҿиареи азинеиҿкаара аганахьала азакәанԥҵаратәии егьырҭ анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи рыла аимдара амҩаԥгара иазырхоуп», –  ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса аихшьаалақәа рыла, Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә шәаратә система АԤРА аҿы имҩаԥгаз аоперациақәа рзеиԥш мҽхакы  34,8 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи 15% (4,6 млрд. мааҭ) рыла 2022 шықәсазтәи арбага еиҳауп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Амилаҭтә Банк аофициалтә саит.

Имҩаԥгаз аоперациақәа  рыструктура аҿы  АԤРА ахсаалагақәа рыхәҭаахь иақәшәоит 14,2 млрд. мааҭ, АМР ахсаалагақәа рахь  – 11,6 млрд. мааҭ,  Амультисервистә шәаратә Система (МПС)  –  9 млрд. мааҭ.

Абанктә хсаалагақәа рыла Аԥсны ахәаахәҭра-сарвистә наплакқәа рҿы  ашәаратә операциақәа рымҩԥгара амҽхак 2023 шықәсазы 33% рыла иазҳаит. Убас ала уи  12,5 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  Ахсаалагақәа МИР ала ареспублика аҿы имҩаԥыргаз ашәарақәа  рзеиԥш еицҵалыҵ 6,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Амультисервистә шәаратә Система (МПС) ахсаалагақәа рыла - 5,6 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, 868 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит Аԥсны атәылауаа АԤРА ахсаалагақәа рыла инарыгӡаз инапынҵадоу ахшәаарақәа рзеиԥш еицҵалыҵ.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.