
pressadmin-2
Аспектакль «Иареи лареи» аԥхьарбара мҩаԥысуеит жәабранмза 26 – 27 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабрамза 26 – 27 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр асцена аҿы Дырмит Гәлиа ирҿиамҭа «Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы» ала иқәыргылоу аспектакль «Иареи лареи» аԥхьарбара мҩаԥысуеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит атеатр адиректор Хада Алхас Ҷолокуа.
Ари аспектакль ақәыргылара аԥсуа литератуа ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара иадҳәалоуп.
«Арԥызбеи аԥҳәызбеи рысалам шәҟәы» – ари арԥызбеи аԥҳәызбеи инеимда-ааимдо ирҳәо, алаф ашәақәа рыла ишьақәыргылоу, ацәанырра цқьа, абзиабареи аиҩызареи разышәаҳәара иазку алирикатә ҩымҭоуп, ари бзиа еибабо арԥыси аԥҳәызбеи рлирикатә дует ауп.
«Абзиабареи аиҩызареи ирыхҳәаауп апоема «Арԥызбеи аԥҳәызбеи рысалам шәҟәы». Ари ашәҟәы ала Дырмит Гәлиа ашьапы икит абзиабаратә аԥсуа лирика... Ари апоема хәыҷы ҩышьа формас иамоуп наҟ-ааҟ асалам шәҟәқәа реимдара. Ҷкәынак игәаԥхаз аԥҳәызба бзиа дшибаз ала ашәҟәы лзыҩны идәықәиҵоит, ларгьы «ас егьаџьара иуҳәахьеит» ҳәа гәрамгала аҭак ҟалҵоит, нас еиҭеиҩуеит иара, абас ашәҟәқәа рыбжьысуеит имаҷымкәа. Аҵыхәтәаны, еигәаԥхеибашьан иааибагеит». Убас иҩуан Дармит Гәлиа иҩымҭа азы еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, аетнограф, аҭоурыхдырҩы, Шьалуа Инал-иԥа.
Аҳазалхыҩцәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы Аԥсны акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ рыԥшааит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы 4600 цыра инарзынаԥшуа Аԥсны акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ рымхра мҩаԥыргеит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Гәдоуҭатәи аџьармыкьа иахьаҵанакуаз 4600 цыра инарзынаԥшуа Аԥсны акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ ԥшааны рымхра мҩаԥыргеит. Иарбоу аалыҵ аҭира мҩаԥысуан Аԥсны атәылауаҩ Аиба А.Б. итәу ахәаахәҭратә обиект аҿы.
Роберт Киут усуратә визитла Ареспублика Ҭаҭарсҭан дыҟоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут усуратә визитла Ареспублика Ҭаҭарсҭан дыҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Адепутат Рашида Аиба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2024 шықәсазы абиуџьет дахцәажәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Рашида Аиба жәабранмза 7 рзы Апарламент аҿы ишьақәырӷәӷәаз 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2024 шықәсазы абиуџьет дахцәажәеит.
«2024 шықәсазы Афонд абиуџьет адкылара инамаданы атәылауаа хымԥада ахшыҩзышьҭра арҭароуп ҳәа исыԥхьаӡоит ҳара ҳаилак аганахьала зусура ҷыдала ахылаԥшра змоу абиуџьетнҭыҵтәи афондқәак ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа. Раԥхьаӡа иргыланы, уи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи ацхыраара рыҭара ауп. Ҳара Афонд ала Аилак ахь зыдгалара мҩаԥгаз 2024 шықәсазы абиуџьет апроект ахшыҩзышьҭра ду аҭаны иҭаҳҵааит. Аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵаарақәа жәпакы цәырҵит. Аинвалидцәа Рфонд иаҭахо ацхыраара аеффективра аизырҳара иазкны аиҭакрақәеи ацҵақәеи реихшанҵа еиқәыршәан. Аобиективтә мзысқәа ирыхҟьаны Афонд абиуџьет апроект аиҭакрақәа ралагалара иазку аусура иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭанӡа изхыркәшамхаӡеит», – ҳәа илҳәеит Рашида Аиба.
Аинвалидцәа Рфонд абиуџьет жәабранмзазы ишрыдыркылазгьы, Афонд алшара аман закәанла, 2023 шықәсазы абиуџьет апараметрқәа инарықәыршәаны ахыдҵақәа рынагӡара.
«Ихадоу арбагақәа ҳара иҳамԥсахӡеит, аха аныхтәқәа рзы ахәҭаҷқәак маҷк аиҭакрақәа рылагалан. Иара Афонд ахаҭа аныҟәгаразы аԥаратә хархәагақәа рагырхареи 2023 шықәсазы Афонд абиуџьет ацәынхатә хархәагақәа реиҭеизшареи аҳасабала, ҳара иназыцҵоу 5 млн. мааҭ рцәыргареи урҭ ахапыцпротезҟаҵара ахь рдәықәҵареи ҳалшеит», - ҳәа илҳәеит лара.
Раԥхьа излацәажәоз 17,5 млн. мааҭ акәызҭгьы, иалагалаз аиҭакрақәеи арҽеирақәеи ирыбзоураны ари ахарџьқәа рыстатиа 23 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
«Убас ала ҳара арзаҳал алазҵаз доусы изы иаԥхьагәаҭоу аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 100 нызықь мааҭ рҟынтәи 150 нызықь мааҭ рҟынӡа ишьҭаҳхит. Ас еиԥш аӡбамҭа адкылара иҳаҩсыз ашықәсқәа иаҳнаҭаз аԥышәа иадҳәалоуп. Усҟан ари апрограмма иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа амзартә шықәса ахыркәшара хымзҟа шагыз инҵәон, убри аҟнытә иаларҵоз азыҳәаҭақәа рӷьырак нагӡамкәа иаанхон», – ҳәа иазгәалҭеит апарламенттә Еилакы ахантәаҩы.
Апрофилтә парламенттә Еилакы иара убас Афонд ахь абжьгарақәа ҟанаҵеит Афонд азы аҩныҵҟатәи аԥҟара иахәҭоу аиҭакрақәа алагалазарц азы. Уи инақәыршәаны, адепутат Рашида Аиба лажәақәа рыла, «арзаҳал алазҵаз изыҳәамҭа ақәыршаҳаҭра анаиулак ашьҭахь, ихәышәтәра аамҭеи аетапреи ирыдҳәаламкәа, изоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ алимит зегьы ихы аирхәартә иҟалоит».
2024 шықәсазы автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы аргылара-рҽеиратә усурақәа ирылагоит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Афедералтә ҳәынҭқарратә казентә Усбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» (ФГКУ Росгранстрои) анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Ерохин Аусбарҭа шәачатәи аҿга аколлектив дырԥылеит. Краснодартәи атәылаҿацә ахь аусуратә маҵураныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Александр Ерохин Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы иҟоу автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы даҭааны Аусбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» шәачатәи аҿга аколлектив дырԥылеит. Ари аҿга анапхгараҭара иаҵанакуеит 15 аушьҭра-гәаҭаратә пунктқәа.
Аусбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилацәажәара атема хаданы иҟалеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳәаа иаԥну аинфраструктура аҿиара. Ҳазҭоу ашықс азы Урыстәыла иахьаҵанакуа иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегь раасҭа атранспорти ауааи зхысуа ҭыԥны иԥхьаӡоу, убри азы зеиҭарҿыцра хымԥадатәны иҟоу автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы аргылара-еиқәыршәаратә усурақәа ирылагоит.
Аиҭашьақәыргыларақәа рышьҭахь аусура иалагоит 28 цәаҳәа. Атранспорт аушьҭразы алшарақәа 9,5 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала 1,5 нызқь инадыркны 14,13 нызқь рҟынӡа), ауаа роушьҭразы алшарақәагьы 3 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала 28 нызқь инадыркны 80,5 нызқь рҟынӡа).
Иара убасгьы иалагалахоит агәаҭара аиҿкаараз атехнологиа ҿыцқәа, уи иалнаршоит аамҭак ала шәкы рҟынӡа транспорттә хархәагақәа - амашьына ласқәа, аидарамҩангагатә машьынақәа, автобусқәа, автобус маҷқәа рышәҟәҭагалара.
Абзиабареи, гәыкала азыҟазаареи ртәы иаартны аҳәара азы иреиӷьу аамҭа: Аԥсыцқьа Валентин Имш еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ишаԥыло атәы.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, жәабранмза 14 рзы адунеи атәылақәа жәпакы рҿы Аԥсыцқьа Валентин Имш азгәарҭоит. Зегь реиҳа аромантикатә ҟазшьа злоу иреиуоу аныҳәа атрадициақәа ртәы шәаԥхьар шәылшоит Аԥсныпресс аматериал аҿы.
Мыҷк аныҳәа аҭоурых атәы.
Аԥсыцқьа Валентин Имш (Валентин Имш), мамзаргьы абзиабара зыбжьоу зегьы Рымш — ари акатоликатә динхаҵара аҿы ахыҵхырҭа змоу ныҳәоуп. Уи ахьӡгьы Валентин ҳәа зыхьӡыз заақьырсиантәи ааӡабхгаҩцәа — Валентин Интерамнсктәии Валентин Римтәии руаӡәы ихьӡ ахҵоуп.
Иҟоу адыррақәа рыла, абзиабара зыбжьоу ауаа Рымш римтәи аныҳәа Луперкалиа (festival of Lupercalia) аҟынти ахы ыҵнахуеит, уи иазгәарҭон жәабранмза аҩшамҭазы. Егьырҭ адыррақәа рыла, Аԥсыцқьа Валентин Имш азгәаҭара абжьарашәышықәсақәа рзы иалагеит, уи ааӡабхгаҩцәа рыԥсҭазаара аҟынтәи иреалу афактқәа изеиԥшразаалак џьара акала иадҳәалаӡам.
Атрадициақәа
Амцарцәаҩцәа Очамчыра араион аҿы амца зкыз агәылҩаақәа дырцәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амцарцәаҩцәа Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа араион ақыҭақәак рҟны амца зкыз аҵҩаа дырцәеит.
Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо амцарцәаҩцәа уахи-ҽни аус руан ҳәа адырра ҟаиҵеит. Аҵыхәтәан урҭ амцамкра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь рцара ҟалеит асааҭ 03:40 рзы.
«Иаха аҵх иалагӡаны амца ҳарцәеит. Асааҭ 03:40 рзы аҷкәынцәа ироуыз аҵыхәтәантәи адыррала амцарцәараз амҩа иқәлеит. Иахьагьы амш бзиоуп, агәырҭынчра ҟалом,», - ҳәа иҳәеит иара.
Мурман Ԥачлиа гәалсрала иазгәеиҭеит амцакрақәа аиҳарак ауаа ааԥынтәи адәныҟатә усурақәа рҽанырзыҟарҵало аамҭазы, аҵҩаа амца аркны адгьыл аныдрыцқьо, ацәаӷәара ианаздырхио иҟалалоит ҳәа.
Аԥсны атерриториалтә хьчара амчқәеи ахархәагақәеи алархәны аштабтә арратә зыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 13 -15 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко инапхгарала атерриториалтә хьчара амчқәеи ахархәагақәеи алархәны аштабтә арратә зыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит.
Арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы – ақалақьқәеи араионқәеи ртерриториалтә хьчара аштабқәа аибашьра аамҭа азы атерриториалтә хьчара иаҵанакуа ахыдҵақәа рынагӡаразы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхра.
Аштабтә зыҟаҵара амҩаԥгара ахь иадыԥхьалоуп атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рыштаб Хадеи афицерцәа, амчратә структурақәа рымчқәеи рхархәагақәеи.
Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан араионқәа рҿы иҟоу атерриториалтә хьчара амчқәеи ахархәагақәеи рхархәаразы иҿыцу аформақәа рԥышәара мҩаԥгахоит.
«Арҭ аҽазыҟаҵарақәа атерриториалтә хьчара ахархәагақәеи алшарақәеи рнапхгараҭара иадҳәалоу аусура аиҿкаара аҩаӡара ашьҭыхра азы акыр зҵазкуа усмҩаԥгатәны иҟоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп атәылахьчара Аминистрра аофициалтә саит.
Аусуразылшо аӡәы изы ахныҟәгаратә минимум ахәԥса 11 072,4 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны Аԥсны аусуразылшо аӡәы изы ахныҟәгаратә минимум ахәԥса 11 072,4 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Астандарт азы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Ахныҟәгаратә минимум ахь иаҵанакуеит:
- афатә-ажәтә тауарқәа – 7.573,5 мааҭ,
- абзазара-ааглыхратә, уҳәа егьырҭ атауарқәа – 2.170,2 мааҭ,
- зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәа – 1 328,7 мааҭ.
Ахныҟәгаратә минимум аҩаӡара иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 15,2% рыла иазҳаит.
Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Цхьынвал ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы агәыҳалалратә концерт Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥысит.
Жәабранмза 12 рзы Цхьынвал ақалақь, Аҳәынҭқарратә драматә театр асцена аҿы Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр «Аизалд» агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит.