АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Ԥхынгәы.2024

Кристина Озгани Максим Решетникови аԥсахрақәа злагалоу ахәаахәҭра арежим азы Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ,  аекономика аминистр Кристина Озгани «Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Ареспублика Аԥсны Анапхгареи ирыбжьарҵахьаз атауарқәа рыла ахәаахәҭразы арежим азы Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.

Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥган Грозныи ақалақь аҿы имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә Форум аплошьадка аҿы.

Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу Аусшәҟәы  Урыстәылантәи ареспубликахь иаарго афатәаалыҵтә тауарқәа, аргыларатә маҭәахәқәа рыхәқәҵара азҵаараҿы Аԥсны азы еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп.

Иара убасгьы иарбоу Аԥкаанҵа азакәанмчы аиура ашьҭахь арҭ атауарқәа Урыстәылантәи експорт ҳасабла раагараан рҳазатә еиқәыршәараан ицәырҵуа ахарџьқәа бжьаратәла 4 % рҟынӡа рыларҟәра алыршахоит.

 

 


Read 182 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.