АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны акьыбачымазаратә Центр аиқәыршәараз 27 миллион мааҭ инеиҳаны иазоушьҭуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа ахьышьақәыргылаз Аԥсны  Амилаҭтә акьыбачымазаратә Центр даҭааит.  

Едуард Быҭәба араҟа ишьақәыргылаз аиқәыршәагақәа ргәаҭара далагаанӡа ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада Нарҭ Гамгьиа автомашьына ҿыц – аминивен Hondа ацыԥхақәа инапы иаиркит. Ари амаҵзуратә машьына аахәан Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә Фонд аԥаратә хархәагақәа рыла. 700 нызықь мааҭ иркуа  автомашьына ацентр алогистикатә ҭаххрақәа зегьы ирықәшәоит.

«Амаҵзуратә машьына ҳара ахаангьы иҳамаӡамызт, уи аусуразы акыр ихәарҭоуп. Аибашьрашьҭахьтәи аамҭа азы алогистика зегьы ҳара ҳхатәы машьынақәа рыла инагӡахон, уи зынӡа иманшәалаӡамызт. Шьҭарнахыс ари апроблема анапхгара иҟанаҵаз адгылара иабзоураны  иӡбахеит», - ҳәа иҳәеит  Нарҭ Гамгьиа.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада агәабзиарахьчара аминистр иаахәаз аиқәыршәагақәа рыла инагӡаны аендоскопиатә ԥҟарҭа аиқәыршәара алыршахеит ҳәа адырра иҭеит.

«Аендоскопиатә ԥҟарҭа уаанӡа иаахәаз зтехнологиатә лшарақәа рыҩаӡара ҳараку ахархәагақәа рыла еиқәыршәоуп: алапароскопиатәии аторакоскопиатәии ԥҟарақәа ахьымҩаԥыргаша аендоскопиатә қәҵарҭа, аенергетикатә платформа, ахырхарҭарацәалатәи аԥҟарҭатә стол, ашәшьыра ҟазымҵо алампақәа, ачымазҩы дзырԥхо асистемақәа, арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭарсра азы ҳаамҭазтәи аппаратқәа (ИВЛ)», - ҳәа иҳәеит Нарҭ Гамгьиа.

Иара убас иҿыцу аиқәыршәагақәа рзы иаахәан ҳаамҭа иақәшәо афымцамч аҭышәынтәаларазы аппаратқәа. Акьыбачымазаратә Центр аколлектив агәабзиарахьчара Аминистрра анапхгара амедусбарҭа иаиуз ацхыраара азы иҭабуп ҳәа рҳәеит.

Зынӡа Аԥсны акьыбачымазаратә Центр аиқәыршәараз ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 27 миллион мааҭ инеиҳаны иазоушьҭуп.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ари амедусбарҭа ахыдҵақәа ессааира иазҳауеит ҳәа иазгәеиҭеит. Убри инамаданы агәабзиарахьчара Аминистрра оперативла ианаамҭоу ари амедусбарҭа аспециалистцәа ацхыраара рыҭара алнаршалоит.

«Шәара зегьы даара акыр зҵазкуа аус ду ҟашәҵоит. Шәара шәусура ахырхарҭа – даараӡа иуадаҩу иреиоуп. Амилаҭтә акьыбачымазаратә Центр аҿы имҩаԥырго аусурақәа зегьы ҳауаажәлар амедицинатә цхыраара рыҭара аҩаӡара ашьҭыхра, урҭ аҽыхәышәтәразы Аԥсны анҭыҵ ацара рықәыршәаларц иазкуп. Иахьатәи амш азы ҳара акырынтә акьыбачымазара Ацентр алшарақәа рышьҭыхра ҳалҳаршеит. Ҳара ҳҳақьымцәа уажәраанӡа Аԥсны имҩаԥырымгацыз амедицинатә ҭҵаарақәеи аԥҟарақәеи мҩаԥыргоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.


Read 55 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 13:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.