АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынгәы.2024

Гал араион ахатә символ аиуоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион аҿы амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс иахҟьаны еилабгахьаз астела  амыцхәрас араион иасимвоны иҟалараны иҟоу иҿыцу ақалақь уахьалало ахыргьагьа аргылара иалагеит.

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иаԥшьгарала араионтә Еизара аҿы Гал ақалақь уахьналало аҭыԥ аҿы уаанӡа игылаз, аха амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс иахҟьаны ааха ӷәӷәа зауз астела ацымхәрас иҿыцу аргыларазы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

«Уажәы абетонтәии аҩычаратәи аусурақәа мҩаԥысуеит, агранит ала ачаԥарагьы уахь иналаҵаны.  Ахыргьагьа ҿыц аура 7,8 метра, аҭбаара – 19 метра, агәашьақәа рыбжьазаара – 16 метра рҟынӡа инаӡалоит. Ари  ахыргьагьа аҿы ишьақәыргылахоит алашара зқәырԥхо ақалақь ахьӡ злашьақәгылоу анбанқәеи агерби, «Бзиала шәаабеит!» ҳәа аԥсышәала иҩу ааԥхьареи», – ҳәа еиҭеиҳәеит Гал араион Ахадара анхамҩа аҟәша аиҳабы Џьамал Бакраӡе.

«Ари аобиект атуристтә маршрут  иахәҭакхоит, егьырҭ арегионқәа рҟынтәи асасцәа аднаԥхьалалоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.  

«Ахыргьагьа аргылара – ари иназыцҵоу архитектуратә ԥҵамҭа мацараны иҟаӡам. Ари ҳара ҳраион асасдкылара иасимволуп, уи атуризм аҿиараҿы ихадоу елементны иҟоуп», - ҳәа игәаанагара иҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ақаҩба.

Уи иажәақәа рыла, ари архитетуратә обиект аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш ақалақь асасцәагьы радыԥхьалара зылшо ҭыԥны иҟалар ауеит. Аргыларатә усурақәа хацыркын  рашәарамза анҵәамҭазы, ихыркәшахароуп нанҳәамза агәазы. Аусурақәа рфинансыркра мҩаԥысуеит Гал араион Ахадара ахаџь ала.

 


Read 58 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.