
pressadmin-2
Адунеи ачемпионат ConIFA-2024 аҿы ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда иацлабуа еилкаахеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеи ачемпионат ConIFA-2024 агәыԥ «D» аҿы ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда Секеитәи атәылаҿацәи Мексика ашьапылампыл азы Амилаҭтә Ассоциациеи (ANBM) ркомандақәа ирыцлаблоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Адунеи ачемпионат мҩаԥысуеит рашәарамза 25 инаркны ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса аҟынӡа Ирактәи Курдисҭан аҿы.
Зынӡа атурнир иалахәхоит 14 командак.
Краснодар ақалақь аҟынтәи аспортсмен Никита Афанасиев ашахматтә фестиваль «Аԥсны. Тамшь-Village 2024» аҿы аиааира игеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Тамшь ақыҭан ихыркәшахеит III ашахматтә фестиваль «Аԥсны. Тамшь-Village 2024».
Атурнир аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Краснодар ақалақь аҟынтәи агроссмеистер Никита Афанасиеев, аҩбатәи аҭыԥ - Симферополь ақалақь аҟынтәи иааз Алеқсандр Триапишко. Ахԥатәи аҭыԥ аҿы дҟалеит Кисловодскынтәи иааз, уаанӡа ҩынтә Тамшь ақыҭан имҩаԥысуа афестиваль аҿы аиааира згахьаз Павел Смирнов.
Актәи атур аҿы Павел Смирнов дицыхәмарит Аҟәатәи аспортсменка Полина Марченко. Уи раԥхьаӡа акәны агроссмеистер дицыхәмаруан, лара лажәақәа рыла ари абжьааԥнытәи ахәмаррақәа иреиԥшыз хәмарран.
«Сара иара сара уаанӡа исымбахьаз џьара дебиутқәак рыла дыхәмарлоит ҳәа џьысшьон, аха иара е4 - е5 дыхәмарит. Сгәа иаанагон еиҳа иуадаҩхоит ахәмарра ҳәа. Иааизакны ахәмара аинтерес аҵаны имҩаԥысит. Адебиут еиҳа лассы-лассы еиҭамҩаԥгалатәуп, еиҳа аҽадцалара аарԥшны ахәмарра ахыркәшаратә партиақәа мҩаԥгалатәуп», - ҳәа илҳәеит ашахматистка қәыԥш.
Амилаҭтә реитинг змоу ашахматистцәа рыбжьара актәии аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Артиом Табариани Трисҭан Кәарацхьелиеи (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Ҭемыр Шанаа (ақ.Очамчыра).
Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Сергеи Миносиан (ақ.Очамчыра), аҳәса рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Маиа Порожниак (ақ.Краснодар).
16 шықәса зхымҵӡац аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Сарида Лакәатаа (ақ. Аҟәа), Богдан Турков (ақ. Аҟәа).
Аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьахеит.
Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы амаининг азы амаругақәа рымхра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иаанкылан автомашьына. Уи ала изакәанымкәа амаининг азы амаруга аиагара рҽазыршәон, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Ганрацәалатәи Автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аԥыԥшырҭа аҿы аҳазалхратә гәаҭара амҩаԥгараан иаанкылан Аԥсныҟа иаауаз амашына лас VOLKSWAGEN POLO.
Игәҩарахаз автомашьына аҳазалхра аусзуҩцәа амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахысразы идәықәырҵеит.
Аконфискациа зызу Аԥснытәи автомашьынақәа Иҷыдоу Арратә Операциа аҭаххрақәа рзы ирыҭоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь аҿы аруаа ирырҭеит автотранспорттә хархәагақәа ԥшьба, аҭаҭын аалыҵқәа, уҳәа уаанӡа Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы Краснодартәи аҳазалхыҩцәа рыла зконфискациа мҩаԥгаз егьырҭ атауарқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Автомашьынақәа «Nissan Skyline», «Nissan Elgrand», «Toyota Alphard»», «ВАЗ-2107» аҳазалхратә закәанԥҵара аилагарала Урыстәылаҟа Аԥснынтәи иалагалан. Автомашьынақәа Ганрацәалатәи Автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҟны иаарԥшын, аконфискациагьы мҩаԥган. Зымхра мҩаԥгаз автомашьынақәа анаҩс административтә усеиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра амазараны ишьақәыргылан.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазку акомандатә шахматтә турнир мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны аҿы Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазку акомандатә шахматтә турнир мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Москва Аҩны» апресс-маҵзура.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаахеит Москва Анапхгара, Москва ақалақь жәларбжьаратәи адәныҟаекономикатәи аимадарақәа Рдепартаменти Москватәи аидгьылуаа Рыҩни иҟарҵаз адгылара иабзоураны.
Атурнир зынӡа рхы аладырхәуеит 16 командак:
Аҳәынҭқарратә Комиссиа Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазку ихадоу аусмҩаԥгатәқәа алнакааит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ихантәаҩрала Аԥсны Аҩбатәи Ахада, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирызку аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара мҩаԥысит ашәахьа, жәабранмза 19 рзы.
Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭа ахада А.Амҷба, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥа Зураб Багаԥшь, Аҳәынҭқарра Ахада иԥкаанҵа Аусбарҭа аиҳабы И.Аџьынџьал, уҳәа убас Акомиссиа егьырҭ алахәылацәагьы.
Ажәалагалақәа рыхәаԥшраан аӡбамҭақәа рыдыркылеит. Урҭ инарықәыршәаны акультура Аминистрра абарҭ ахыдҵақәа аҭан:
– Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны хәажәкырамза 4, 2024 шықәса рзы зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа рахь ааԥхьаратә билеҭқәа реиқәыршәара алыршара;
– Хәажәкырамза 4, 2024 шықәса, асааҭ 15.00 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр афоие аҿы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара иазкны афотоцәыргақәҵа аиҿкааразы ажәалагалақәа реиқәыршәара;
– Хәажәкырамза 4, 2024 шықәса, асааҭ 16.00 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны аныҳәатә еилатәара асценари аиқәыршәара;
Аҳәынҭқарратә Комиссиа ала иара убас 2024 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш азгәаҭара инамаданы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара, аҳәынҭқарра аргылара, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аҿы инаигӡаз ароль иазкны анаука-практикатә конференциа амҩаԥгарагьы азԥхьагәаҭоуп.
Аслан Бжьаниа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Кәарҷиа В. А.
Ахада Кәарҷиа Валери Андреи-иԥа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихиҵеит.
«Ажурналистика аус аҟны илшамҭақәеи шықәсарацәалатәи лыҵшәа змоу иусуреи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Кәарҷиа Валери Андреи-иԥа, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алахәыла, Аҟәатәи Иаарту аинститут аректор», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа.
Адокумент иаҵаҩуп 2024 шықәса жәабранмза 16 рзы.
Аслан Бжьаниа Зарандиа Заур «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Зарандиа Заур «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит.
Заур Чанҭа-иԥа Зарандиа 1992-1993 шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан илагаламҭа дуи Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла иҽалархәреи рзы иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьоуп.
Аусԥҟа иаҵаҩуп 2024 шықәса жәабранмза 15 рзы.
Апрокуратура Хада 2023 шықәазы аусура азы аҳасабырба ҟанаҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы апрокуратуа аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын аԥшьаша, жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа инарҭбаау аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. .
Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба,Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, апрокуатуа Хада аусзуҩцәа, Аҟәа ақалақь апрокурор, араионқәа рыпрокурорцәа.
Ажәахә хада ҟаиҵеит Аԥсны Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, уи, ҷыдала, дырзааҭгылеит иҳаҩсыз ашықәс азы ареспубликаҟны имҩаԥысызи иаарԥшызи ацәгьоурақәа.
Аслан Бжьаниа аколлегиа аихшьалақәа дрыхцәажәо иазгәеиҭеит: «Аҳәынҭқарраҟны аус зуа зегьы, амчратә хырхарҭақәа зегьы рхықәкы - ҳҳәынҭқарра арӷәӷәароуп, избанзар аҳәынҭқарра- ҳара ҳзеиԥш ҩноуп. Шәара ибзианы ижәдыруеит аҳәынҭқарра зцәыӡыз ажәларқәа рлахьынҵа шышьақәгылаз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адунеи аҟны имҩаԥысуа шьаҭанкылатәи аҟазшьа змоу ахҭысқәа рацәоуп. Адунеи аҟны аибашьрақәа ахьцо аҭыԥқәа, иаҳҳәозар Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика, 30 шықәса рыҩныҵҟа ишьақәгылаз, иахьа фактла иҟаӡам. Азҿлымҳара ашәҭарц сҭахуп еиҳа аҵак ду змоу азҵаарақәа, убри аан Апрокуратура Хада аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҟны инангӡо ароль ду. Шәара ижәдыруеит, ҳара зегьы ҳшазхарымҵац, ҳара ҳганахьала цәгьашақә зхы мҩаԥызго шыҟоугьы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, апрокуратура аусзуцәа ас еиԥш иҟоу апроцессқәа ирҿагылар шакәу азгәаҭаны.
Алеқсандр Анқәаб Китаитәи Жәлартә Демократиатә Республика аҟынтәи аделегациа идикылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Китаитәи Жәлартә Демократиатә Республика аҟынтәи жәларбжьаратәи ахәаахәҭра Акорпорациа «Мангенбон» адиректор хада Иун Гук Намом напхгара зиҭо Акорпорациа аделегациа идикылеит..
Акорпорациа афатә-ажәтә аалыҵқәеи ааглыхратә тауарқәеи рыҭиара, IT-технологиақәа, амедицина аусхкы аҿы аусеицура абжьаҵара, амшын аалыҵ аусдулара, атрикотажтә ааглыхра иадҳәалоу аусура нанагӡоит.
Аԥыза-министр иԥылара аҿы аделегациа афатә-ажәтә ааглыхра, абанктә усхкы, атуризм, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы аусеицура, иара убас Аҟәеи Пхениани ақалақьқәа рҿы аҩганк рыхәхаахәҭратә Хаҭарнакрақәа раартра азҵаарақәа ирылацәажәеит.