АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынгәы.2024

2024 шықәса алагара инаркны афото-видео камерақәа рыла 17 нызықь азинеилагарақәа аарԥшхеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Автоҳәынҭинспекциа афото-видео камерақәа рыла ишьақәыргылаз амҩатә ԥҟарақәа еилазго раарԥшра аганахьала аусура арӷәӷәоит.

Астатистика излаҳнарбо ала, афото-  видеофиксациа азинеилагарақәа раарԥшра азы иахьазы зегьы реиҳа аеффективра злоу уснагӡатәны иҟоуп.  Аилагарақәа раарԥшра азы акамерақәа – ари аҷыдалкаатә комплексны иҟоу еиқәыршәагақәоуп. Уи иаҵанакуеит амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа еилазго раарԥшреи рышьақәыргылареи рзы ахархәагақәа, иара убас аматериалқәа ахәаԥшразы административтә зинеилагарақәа равтофиксациа Ацентр ахь рдәықәҵара.

«Ареспубликатә трасса «Ԥсоу – Егры» аҿы иахьатәи амш азы ишьақәыргылоуп 11 афото-видео камерақәа. Арҭ акамерақәа амашьынарныҟәцаҩ ила арццакратә режим аилагара ҭырхуеит», – ҳәа иҳәеит Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба.

Иахьазы акамерақәа шьақәыргылоуп Ԥсоу, Ԥсырцха, Холоднаиа  речка, Приморск, Ачадара, Синоп. 2024 шықәса нҵәаанӡа урҭ рхыԥхьаӡара  50 рҟынӡа ацҵара азԥхьагәаҭоуп. Автоҳәынҭинспекциа аԥыԥшырҭақәа «Бзыԥ», «Приморское», «Маҷара» амҩатә ԥҟарақәа реилагара афактқәа ирласны анырра аҭара иазку иҷыдоу атехнка ала еиқәыршәоуп.   

«Уаҟа амҩа наҟ-ааҟ аҩганк рыла ҩба-ҩба камера шьақәыргылоуп, иара убас иҟаоуп амашьына аномерқәеи амаркеи аазырԥшуа абжьырдугақәагьы. Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩ ирласны ари ацҳамҭа ала зыӡбахә ҳәаз амашьына ааникылоит, уи аԥсҟы зку уаанӡа агәҽанызаара имоухьацзар, усҟан азинеилагара азы аԥкаанҵа еиқәыршәаны инапы иадыркуеит. Ус акәымкәа, амашьынарныҟәцаҩ агәҽанызаара уажәаԥхьагьы иоухьазҭгьы, усҟан административтә пкаанҵа еиқәыршәахоит, ахараԥса иара иаразнак аҭыԥ аҿы ишәар ҟалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Дамеи Аҩӡба.

Уи иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы ишьақәыргылаз амҩа-транспорттә ԥҟарақәа  реилагара азы ахараԥсақәа рзы апкаанҵақәа рыбжа ауп амашьынарныҟәцаҩцәа рҟынӡа инеиз.  Автоҳәынҭинспекциа анапхгара иарбоу ахырхарҭала аусура еиҳагьы иарӷәӷәоит.

2023 шықәса аҩныҵҟа афото-видео камерақәа ишьақәдыргылеит 15 нызықь рҟынӡа азинеилагарақәа. Урҭ рахьынтә амашьынарныҟәцаҩцәа ирыҭан, анҩс урҭ рыла ахараԥсақәа дыршәан  7 985 пкаанҵа. Ишәаз ахараԥсақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 5 млн 600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Ажьырныҳәамза 1 инаркны рашәарамза 22, 2024 шықәсанӡа 17 нызықь пкаанҵа рҟынтәи амашьынарныҟәцаҩцәа ирыҭан 14 нызықь. Ишәаз ахараԥсақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 9 млн. 900 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Дамеи Аҩӡба иашазгәеиҭаз ала, инацҵаны аусдулара астадиа аҿы иҟоуп даҽа 19 нызықь пкаанҵа.

Ареспубликатә трасса аҿы ишьақәыргылоу акамерақәа аццакратә режим еилазгаз раарԥшра иазырхоуп. Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ишьақәдыргылараны иҟоу аиқәыршәагақәа инацҵаны иԥгалоу ацәаҳәа ахь аиасра, ашәарҭадара амаҟа амӷамҵара, уҳәа реиԥш иҟоу аилагарақәагьы аанарԥшлоит. 

 

 


Read 107 times - Ахаша, 24 Ԥхынгәы 2024 14:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.