Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рҿаԥхьа иқәгылеит Даур Арухаа, Ҭемыр Ҭаниа, Авокал-инструменталтә ансамбль «Апсны-67», ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль «Уарада», Омар Сангәылиа, аетнографиатә абыргцәа рхор «Нарҭаа», ахәыҷтәы вокалтә студиа «До – Ре – Ми», Нана Черқьезиа, адует «Анатрио», Авто Конџьариа, Рамина Заде, Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль «Абаза», Одиссеи Џьынџьал, Валериа Делба, Жәлар рыкәашара Аҳәынҭқарратә ансамбль «Кавказ», Анатоли Алҭеиба, Хьыбла Мықәба.
***
Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә герби шьақәырӷәӷәан асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа иескизқәа рыла, ԥхынгәымза 23, 1992 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь, Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиа аилатәара аҿы.
Рашәарамза 3, 2005 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ирыдыркылаз «Ареспублика Аԥсны агәалашәаратәи аныҳәамшқәеи рзы» Ареспублика Аԥсны азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» азакәан инапы аҵаиҩит. Убри амш инаркны ԥхынгәымза 23 Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш ҳәа ирылаҳәоуп.