АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынгәы.2024

Баҭу Арӡынба: Валери Гамгьиа абираҟ асахьала аԥсуа жәлар рҭоурых зегьы аарԥшра илшеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа реиҳарак аҳҭнықалақь аҿы рымҩаԥгара ахәылбыҽха ауп ианазԥхьагәаҭоу. Аха шьыжьы инаркны Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы гәыԥҩык ауаа амилаҭтә маҭәа рышәҵаны Аҳәынҭқарратә бираҟ кны рыиасра мҩаԥысит.

Ари аиасра рхы аладырхәит амаҭәа аӡахра азы аҟәатәи анаплакы «Мода-Текс» анапхгараҭареи аусзуҩцәеи, иара убас абаза жәлар адиаспора ахаҭарнакцәа.

«Мода-Текс» адиректор Баҭу Арӡынба «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо иахьатәи амш аԥсуа жәлар зегьы рзы ҷыдала аҵак ду аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Абираҟ аелементқәа зегьы хазы-хазы «ахы аанарԥшуеит», «ахы иахцәажәоит» ҳәа уҳәар ауеит. Асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа абираҟ асахьала аԥсуа жәлар рҭоурых зегьы аарԥшра илшеит» , - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Иахьа зира Амш азгәазҭо, ԥыхьатәи аҟәатәи афабрика «Амодақәа Рыҩны» аусзуҩцәа ируаӡәку  Шьалуа Занҭариа убасҵәҟьа ари аиасра ихы алаирхәит. Уи «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо хаҭала абираҟ автор, асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа  иескизқәа рыла Аҳәынҭқарратә бираҟ зӡахуаз рхыԥхьаӡараҿы дшыҟаз игәалаиршәеит.

Шьалуа Занҭариа Амодақәа Рыҩны аҿаԥхьа иқәгылаз аԥсуа бираҟ аӡахра азы ахыдҵа анагӡара шаҟа иуадаҩыз, уимоу ишәарҭаз аҭагылазаашьақәа рҿы имҩаԥысуаз атәы игәалаиршәет.

«Амодақәа Рыҩны» аҿы аусура шәрҭан, убри аҟнытә иҳаӡбеит амоделер Арда Аршаниа лыҩны уи аӡахра. Уаҟа Валери Гамгьиа иескизи ихылаԥшреи рыла иит абираҟ раԥхьатәи ахкқәа», – ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш. Сынтәа Ареспублиа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 32 шықәса.

Официалла Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш Аԥсны иазгәарҭоит рашәарамза 3, 2005 шықәса раахыс. Усҟан Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ирыдыркылаз «Ареспублика Аԥсны агәалашәаратәи аныҳәамшқәеи рзы» Ареспублика Аԥсны азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» азакәан инапы аҵаиҩит.  Убри амш инаркны ԥхынгәымза 23 Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш ҳәа ирылаҳәоуп. 


Read 97 times - Ахаша, 24 Ԥхынгәы 2024 16:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.