Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 75-шықәсатәи ииубилеи азгәеиҭоит аԥсуа поет, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара акавалер, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩцәа Реидгыла алахәыла (1973), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, 15 шықәса инареиҳаны Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс – иахьатәи АААК – ихадоу маӡаныҟәгаҩыс аус зухьаз, Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн автор, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аветеран Геннади Аламиа. Ҳара аиубилиар ҳиҿцәажәеит иахьа иара инапы злаку азы ҳиазҵааит.
Геннади Аламиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, уажәы иара ажәеинраалақәеи аиҭагарақәеи инапы алакуп, иара убас аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазку афотоальбом аҭыжьразы аиқәыршәара даҿуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара убас Геннади Аламиа ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз иҩыза гәакьа, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликатә клиникатә хәышәтәырҭа аневрологиа аҟәша аиҳабы Муҳамад Хамзаҭ-иԥа Аисанов изкны ашәҟәы аҩра даҿуп.
«Маҷк агәҭынчымра сызцәырҵуеит, 75 шықәса ухыҵуаны акыр зҵазкуа аус унапы алакра ҟалома. Иуздырӡом, уи ахыркәшара уахьӡо уахьымӡо», – ҳәа маҷк илахь ааиқәҵаны иҳәеит апоет.
Аха, иагьа ус иҟазаргьы, иара ф-томк рыла иҟоу аизга «Иалкаау арҿиамҭақәа реизга» («Сборник избранных произведений») аус адулара даҿуп. Ҩ-томк ҭыҵхьеит. Ааигәанӡа Геннади Аламиа Аҿартә театр азы Алеқсандр Вампилов ипиеса «Аԥа еиҳабы»( «Старший сын») аурысшәахьынтә аԥсшәахь аиҭагара даҿын. Аспектакль аԥхьарбара қәҿиарала имҩаԥысит ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзазы.
Ииубилеи азгәаҭара игәы ишԥаҭоу ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, ашәҟәыҩҩ игәабзиара ахьыуашәшәыроу иахҟьаны, насгьы ареспублика аҿы ишьақәгылаз иуадаҩу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи инамаданы, иира Амш ҭаацәашәала иазгәеиҭоит ҳәа иҳәеит.
Иара убасҵәҟьа иара иира Амш иақәшәаз иара изы акыр зҵазкуа ахҭысқәа ҩба ртәы иҳәеит.
«Сара Апарламент «ахьтәы еилазаара» ҳәа изышьҭаз алахәлас саныҟаз аамҭазы, сира Амш аламҭалазы, ԥхынгәымза 23, 1992 шықәса рзы, ҳара 1925 шықәсазы ирыдыркылахьаз Аконституциа ҳазыхынҳәит, ишьақәҳарӷәӷәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә гимни. Уи ашьҭахь ҳара Ҭырқәтәылаҟа ҳцеит. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Ари акырӡа зҵазкуаз, хашҭшьа змамыз ныҟәаран. Иара убас ари арыцхә сара сзы смаҭа лира иадҳәалоуп. Уи илыхьӡуп Нариа, лара иахьа илхыҵуеит 10 шықәса, сара 75 шықәса. Абас ауп ишыҟоу аусқәа!»
***
Аламиа Геннади Шьаликәа-иԥа диит ԥхынгәымза 24, 1949 шықәса рзы Аԥснытәи АССР, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
Далгеит И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол № 1 (1966 ш.). 1966 шықәса инаркны — М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет астудент.
1969–1973 шш. аҵара иҵон Москва, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәыз А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. 1973–1974 шш. — Москватәи аобласт Раменское ақалақь агазеҭ акорреспондентс, анаҩс асаламшәҟәқәа рыҟәша аиҳабыс аус иуан. 1975 шықәсазы Аҟәа ақалақь, Д.И.Гәлиа Иҩны-музеи аҟәша деиҳабын.
1977 – 1982 шш. агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акорреспондентс, ашьҭахь, 1982–1987шш. ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы аус иуан, аҟәша аиҳабыс дыҟан, анаҩс 1987–1988 шш. А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны аԥсуа литературеи афольклори рзы алекциақәа дрыԥхьон.
1980-шықәсқәа рынҵәамҭазы иара Аԥсны Жәлар рфорум «Аидгылара» аԥҵара аԥшьгаҩцәа дреиуан, 1988 шықәса инаркны редактор хадас даман аԥсышәала иҭыҵуаз афорум агазеҭ «Аидгылара».
1989 шықәса инаркны — Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рассамблеиа (анаҩс — Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа) ахада актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Илагала дууп Кавказ ашьхаруа жәларқәа реидгылара ауси Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи рҿы.
1991–1996 шш. — Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны ахаҭарнак иаҳасабала Нхыҵ-Кавказ анапынҵа ҷыда наигӡон.
1993–1994 шш. — Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс, 1994–1996 шш. —Аԥсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
1998–2001 шш. — Геннади Аламиа ажурнал «Черкесский мир» аредактор хадас аус иуан. (ажурнал аурыс бызшәалеи англыз бызшәалеи иҭыҵуан). Иара убасҵәҟьа ажурнал «Абаза» аредактор хадасгьы дыҟан.
Аибашьрашьҭахьтәи аамҭа азы Аԥсны Жәлар Рфонрум «Аидгылара» напхгара аиҭон.
Ԥхынҷкәынмза 12, 2002 шықәса рзы Геннади Аламиа далырхит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс, мшаԥымза, 2004 шықәса рзы иара хатәгәаԥхарала инапынҵақәа рынагӡара аанижьуеит. Геннади Аламиа ирҿиамҭақәа 1964 шықәса раахыс ркьыԥхьра иалагеит.
Геннади Аламиа ирҿиамҭақәа ркьыԥхьуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Антологии абхазской поэзии. ХХ век» аҩбатәи атом аҿы (Аҟәа–Москва, 2001ш.), уҳәа егьырҭ апериодикатә кьыԥхь аҭыжьымҭақәа рҿы.
Жәаба инареиҳаны апоезиатә еизгақәа дравторуп.
Геннади Аламиа иҩымҭақәа еиҭаргахьеит аурыс, англыз, афранцыз, аполиак, аболгар, аерман, араб, аукраин, амолдав, уҳәа абызшәақәа рахь. Апоет ирҿиамҭақәа рҿы аҭыԥ ду ныркылоит аԥсадгьыл, ажәлар ртема. Иԥсадгьыл алахьынҵоуп Геннади Аламиа иуаажәларартә усурагьы зыдҳәалоу.
Геннади Аламиа аԥсшәахь еиҭеигеит У.Шекспир ирҿиамҭақәа «Король лир», «Иули Цезарь», Кальдерон де ла Барк ирҿиамҭа «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп» («Жизнь есть сон»), А. Грибоедов «Ахшыҩ аҟынтәи агәырҩа» («Горе от ума»). Арҭ арҿиамҭақәа С.Иа.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә аԥсуа драматә театр асцена аҿы иқәдыргылахьеит. А. Пушкин иажәеинраалақәеи илакәқәеи, А. Блок, Гарсиа Лорки, М. Светлов рырҿиамҭақәа, ауаԥс поетцәа К. Хетагуров, Д. Алборты, адыгатәи апоет Н. Н. Багов, абазатә поет М. Х. Чикатуев, аерман поет Г. Емин, уҳәа егьырҭгьы.
Геннади Аламиа – Ареспублика Аԥсны Агимн ажәақәа дравторуп, урҭ аԥсуа фольклор ала ишьаҭаркуп. Иара убасҵәҟьа апублицисткатә статиақәеи аочеркқәеи дравторуп.