
pressadmin-2
27 тонна амимоза Аԥсны иалганы Урыстәылаҟа иргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 27 135 кьыла амимоза Аԥсны иалганы Урыстәылаҟа иргеит.
Раԥхьатәи апартиақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ргара ашьҭахь ҩымчыбжь иреиҳаны иҵхьеит.
Аԥсны Ахада иҟны 2023 шықәсазы акультура Аминистрра аусура аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟалҵеит Динара Смыр.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2024 шықәса. Аԥныпресс. Аамҭала Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр атәыла Аҳада адырра илҭеит 2023 шықәса рзы акультура Аминистрра аусура аихшьалазы, илҭеит имҩаԥгаз еиуеиԥшымыз акультуратә, аиубеилеитә усмҩаԥгатәқәа, иара убас ареспубликаҿы еиҿкааз егьырҭ апрограммақәа рзы аинформациа.
«Иҳаҩсыз ашықәс хҭыс рацәала иҭәын. Акультуреи аҟазареи ирызку аҳәынҭқарратә политика анагӡараҟны еснагь Шәара шәҟынтәи, иара убас аиҳабыра рганахьала адгылара ҳамоуп», - ҳәа иазгәалҭеит Динара Смыр.
Динара Смыр илҳәеит Аԥсны акультура Аминистрреи Урыстәыла Акультура Аминистрреи русеицура атәы: «Ҳусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны 60 инареиҳаны апроектқәа аус руеит. Урҭ мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟагьы. Ҷыдала, П. Чаиаковски ихьӡ зху Москватәи аконцерттә зал аҟны қәҿиарала имҩаԥысит Ашәаҳәареи акәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль ақәгылара. Жәларбжьаратәи амузыка Аҩны аҟны имҩаԥысит афортепианнатә концерт «Пиано-Дуо» Москва ақ. Акамертә оркестри ахортә копеллеи реицықәгыларала. Урыстәыла Акультура Аминистрреи ҳареи иҳабжьоу аимадаразы шаҳаҭра ауеит ҳара ҳахь ишауа еицырдыруа аколлективқәеи артистцәеи. Ҳара иҳалшо ала, ара иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаԥаҳҵоит!», - ҳәа илҳәеит Динара Смыр.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа: «Зықәра наӡамкәа ацәгьоура зуз ахаҿы ихарадҵара амч анаиуаз 18 шықәса ихыҵра, ақәнага иақәыршәаразы иџьбароу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы аҭакра изалхра азы шьаҭаны иҟам».
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра а-Telegram-канал аҿы иҟаз аҳәамҭа иахцәажәеит.
Жәабранмза 16, 2024 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә Telegram-канал аҿы Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ Абыхәба Е.Г. «жәабранмза 2 рзы, иарбоу атәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ала уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ашьҭахь ихы дақәиҭыртәит» ҳәа адырра ҟанаҵеит. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа аԥснытәи аиашаӡбара ареспублика иахьаҵанакуа иҟало ацәгьоурақәеи ацәгьоуцәа ақәнага рақәыршәареи рганахьала гәхьаамкрала азнеира аанарԥшуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵаз ахҳәаа аҿы уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ҵаҵӷәыс иамоу азы алкаа ҟанаҵоит.
«Аԥсны атәылауаҩ Абыхәба Е.Г. ацәгьа аниуаз 18 шықәса ихымҵыцызт. Уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылахьаз азыӡба арԥсыҽразы аӡбамҭа адкылараан Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум шьаҭаны иагеит Аԥсны Аконституциа (ахәҭаҷ 11), еицазхаҵоу жәларбжьаратәи азинтә шәҟәынҵақәа, Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла (ахәҭаҷқәа 3, 4, 6, 82), иара убас Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа азинтә позициа иақәныҟәон» , - ҳәа иаҳәоит атекст аҿы.
Аӡымҩангага ахьыԥжәаз иахҟьаны жәабранмза 19 рзы Аҟәа ақалақь ахәҭак ӡрыжәда иаанхоит.
Аҟәа. Жабранмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имам Шамиль имҩа аҟны (аҩны №128 аҿаԥхьа) 300 мм. рҟынӡа инаӡо аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны, уаҵәы, 19.02.2024ш., асааҭ 00:00 инаркны 23:00 рҟынӡа аӡыржәтә аанкылахоит Аҟәа ақалақь ахәҭак аҿы: Аҳабла Ҿыц, Ажәытә ҳабла (Аихамҩатә ҳабла), ВИЕМ, Алашарабага аҳабла, Ешба имҩаду, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь «Аӡыршьҭра».
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа анаука-практикатә конференциа «Евромайдан: потерянное десятилетие Украины» ихы алаирхәит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа анаука-практикатә конференциа «Евромайдан: потерянное десятилетие Украины» ихы алаирхәит.
Аконференциа жәабранмза 16 рзы жәларбжьаратәи амультимедиатә медиагәыԥ «Урыстәыла-иахьа» апресс-центр аҿы Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара ахылаԥшрала имҩаԥысит.
Аконференциа алахәылацәеи асасцәеи рахь алагалажәа ала дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
«Мрагыларатәи атәылақәа излалшо ала Украина ахы иархәаны Урыстәыла аԥырхагахара, адунеитә арена аҿы иара иақәнагоу ароль анагӡара азы азин амоуа аҟаҵара, дара ишырҳәо еиԥш Урыстәыла астратегиатә аҵахара алыршара азы еиуеиԥшым ала аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит. Аус аҿы Украина ахаҭа, жәаҳәарада, иуҳәар алшоит Европа иҟоу аҳәынҭқаррақәа зегьы раасҭа иӷару ҳәынҭқарраны, уимоу, аиӡаара иаҿу ҵакыраны иҟалеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Лавров.
Ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE – 2024» 13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара аԥхьахәқәа згаз еилкаахеит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2024» амҩаԥысра аҩбатәи амш азы 13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара аԥхьахәқәа згаз еилкаахеит. Афестиваль алагеит жәабранмза 16 рзы Тамшь ақыҭан.
Аиааирагара рҽазыршәон Аԥсни Алада Урыстәылеи рҟынтәи 40-ҩык инарзынаԥшуа ашахматист ҿарацәа.
13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Багаҭелиа Нестор (ақ. Аҟәа), Лакоба Сариа (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқха – Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла), Смыр Мирра (ақ. Афон Ҿыц), ахԥатәи аҭыԥқәа – Пономариов Арсени (ақ. Славианск-на-Кубани), Карапетиан Николь (ақ. Гәдоуҭа).
11 шықәса зхымҵӡац аспортсменцәа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит: актәи аҭыԥқәа – Конџьариа Кристиан (ақ. Гәдоуҭа), Сақаниа Саниа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа – Тос-оглы Кемаль (ақ. Гагра), Тамбиа Сариа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа – Кузнецов Даниил (ақ. Гәдоуҭа), Егишева Таисиа (ақ. Гагра).
Аԥхьахәтә ҭыԥқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, асувенирқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, иара убас аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.
Иҳәаарку аибашьрақәеи аиҿагыларақәеи рветеранцәа рзы адыррақәа апотал «Аԥсны агәалашәара ашәҟәы» аҿы иарбахоит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апортал «Аԥсны агәалашәара ашәҟәы» иҳәаарку аибашьрақәеи аиҿагыларақәеи рветеранцәа рзы адыррақәа анылоит.
«Аԥсны иалҵыз Донбасс, Афганисҭан, уҳәа егьырҭ аиҿагыларақәа рҿы иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәразы адыррақәа реизгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Аурысцәа Реилазаара ахантәаҩы Роман Риазанцев.
Абиблиографиатә дыррақәа ркьыԥхьра азԥхьагәаҭоуп лаҵарамза 6 рзы иазгәарҭо Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуаз Имш аламҭалазы.
Афганисҭантәи аибашьра аветеранцәа рзы аинформациа абри аелектронтә ԥошьҭа ала идәықәуҵар алшоит: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Едгар Абыхәба иганахьала ирыдыкылахьаз азыӡба арԥсыҽра инамаданы агәынамӡара аадырԥшит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Даара агәынамӡара ҳазцәырнагеит 2019 шықәсазы урыстәылатәи атуристка лганахьала ацәгьоура ӷәӷәа ҟазҵаз Аԥсны атәылауаҩ Е. Г. Абыхәба, жәабранмза 2 рзы, иарбоу атәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ала уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ашьҭахь ихы ҭақәиҭыртәит ҳәа иҳауз адырра», – ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра а-Telegram-канал аҿы.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа аԥснытәи аиашаӡбара ареспублика иахьаҵанакуа иҟало ацәгьоурақәеи ацәгьоуцәа ақәнага рақәыршәареи рганахьала акыр гәшаҭарала азнеира аанарԥшуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Гагратәи ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыҩцәа ргәабзиара ҭышәндыртәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҳақьымцәа жәабранмза 16 рзы бааԥсыла акы рԥырхагаханы ахәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша ахь инагаз ԥшьҩык ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыҩцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара рылшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Иаатит III Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2024».
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. III Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2024» жәабранмза 16 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иаатит.
Афестиваль мҩаԥнагоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа. Убри аан адгылара ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Актәи амш азы 9-шықәса зхымҵӡац аспортсменцәа рыбжьара атурнир мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьи Москва ақалақьи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа аспортсмен ҿарацәа.