
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа: Ихьыԥшым ҳҳәынҭкарра аргылараҟны ахаангьы аԥхьатәи апозициақәа аанызкылоз аԥснытәи ажурналистика ароль ахә ашьара уадаҩуп.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә кьыԥхь, амассатә информациа ахархәагақәа, агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса рхыҵра амш!
Ихьыԥшым ҳҳәынҭкарра аргылараҟны ахаангьы аԥхьатәи апозициақәа аанызкылоз аԥснытәи ажурналистика ароль ахә ашьара уадаҩуп. Шәара ҳтәылаҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа ахҭысқәа аашәырԥшуеит, инашәыгӡоит актуалра злоу ауаажәларра-политикатә, асоциал-економикатә, арҿиаратә проектқәа, аполитикатә культуреи ауаажәларратә гәаанагареи раԥҵара шәацхраауеит, акыр анырра аҭара шәылшоит атәылаҟны аполитикатәи ауаажәларратәи процессқәа.
Шәара шәыҩныҵҟа есқьынгьы иҟан арҿиаратә уаа, абаҩхатәра змоу, ауаажәларра рҿаԥхьа ирыду аҭакԥхықәра атәы бзианы еилызкаауа, зыԥсадгьыл гәыкала бзиа избо, згәы азыбылуа. Шәара иахьа шәнапы злаку аус ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа редакторс даман 2105 шықәса раԥхьа иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны» актәи аномер.
«Аҳәынҭқарраҟны аус зуа зегьы, амчратә хырхарҭақәа зегьы рхықәкы - ҳҳәынҭқарра арӷәӷәароуп, избанзар аҳәынҭқарра - ҳара ҳзеиԥш ҩноуп: Аслан Бжьаниа Аԥсны апрокуратура Хада аколлегиа аҿы дықәгылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аԥсны Апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара далахәын
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Апрокуратура Хада 2023 ш. рзы ахылаԥшратә усбарҭақәа русура аихшьала аколлегиа аилатәара далахәын.
Аколлегиа иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, Аҟәа ақалақьи араионқәеи рыпрокурорцәа.
Ажәахә хада ҟаиҵеит Аԥсны Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, уи, ҷыдала, дырзааҭгылеит иҳаҩсыз ашықәс азы ареспубликаҟны имҩаԥысызи иаарԥшызи ацәгьоурақәа.
Аслан Бжьаниа аколлегиа аихшьалақәа дрыхцәажәо иазгәеиҭеит: «Аҳәынҭқарраҟны аус зуа зегьы, амчратә хырхарҭақәа зегьы рхықәкы - ҳҳәынҭқарра арӷәӷәароуп, избанзар аҳәынҭқарра - ҳара ҳзеиԥш ҩноуп. Шәара ибзианы ижәдыруеит аҳәынҭқарра зцәыӡыз ажәларқәа рлахьынҵа шышьақәгылаз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адунеи аҟны имҩаԥысуа шьаҭанкылатәи аҟазшьа змоу ахҭысқәа рацәоуп. Адунеи аҟны аибашьрақәа ахьцо аҭыԥқәа, иаҳҳәозар Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика, 30 шықәса рыҩныҵҟа ишьақәгылаз, иахьа фактла иҟаӡам. Азҿлымҳара ашәҭарц сҭахуп еиҳа аҵак ду змоу азҵаарақәа, убри аан Апрокуратура Хада аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҟны инангӡо ароль ду. Шәара ижәдыруеит, ҳара зегьы ҳшазхарымҵац, ҳара ҳганахьала цәгьашақә зхы мҩаԥызго шыҟоугьы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, апрокуратура аусзуцәа ас еиԥш иҟоу апроцессқәа ирҿагылар шакәу азгәаҭаны.
Мурман Соломко: хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡқәа ԥсны Аԥсны амшын аҟәара иқәжьуп ҳәа ирылаҵәаз аинформациа мцуп.
Аҟәа. Жәабранмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны еиуеиԥшым асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵуа иалагеит Аԥсны амшын аҟәара иқәжьу хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡқәа ԥсны рфотосахьақәеи рвидеонҵамҭақәеи. Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо аԥсыӡ иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа далацәажәеит аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко.
«Аинтернет аҿы хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡқәа ԥсны Аԥсны амшын аҟәара иқәжьуп ҳәа ирылаҵәаз аинформациа ашьҭахь, ҳара иаразнак аҭыԥ ахь ҳцеит. Аекологцәа ргәыԥ ҳацны ҳара Кьалашәыр аӡиас аӡалаларҭа инарны Алашарбага аҳабланӡа агәаҭарақәа мҩаԥаагеит. Џьаргьы ус аԥсыӡ ԥсны иқәыжьны иҳамбаӡеит. Аинтернет аҿы ирылаҵәаз аинформациа мцхеит», - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны ауааԥсыра иара убас аҵыхәтәантәи аамҭазы амшын аҟәара иахьаҵанакуа хыԥхьаӡара рацәала иԥсыз аҷнышқәеи абаҟәақәеи ахьыуԥыло инамаданы ӷәӷәала агәҭынчымра аадырԥшуеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ашҟа аҳәара ҟанаҵеит аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа ахысраан, Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы иҟоу ахҭысқәа ирызхьаԥшырц.
Аҟәа. Жәабранмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ашҟа аҳәара ҟанаҵеит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан, Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы иҟоу ахҭысқәа ирызхьаԥшырц. Абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Уаанӡа ареспублика атәылауаа ирҳәахьан ахәааҟны рышәҟәқәа акыраамҭа ишгәарҭо. Убри инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ааԥхьара аҿы аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысраан атәыла ауааԥсыра рганахь ала аҭыԥ змоу хра злам ахҭысқәа ирызхьаԥшырц азы аҳәамҭа ҟанаҵеит .
Аԥсны ахәыҷқәа рпсихикатә ҭагылазаашьа аҭҵаара актәи аетап хыркәшахеит.
Аҟәа. Жәабранмза 26, 2024. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны ахәыҷқәа рпсихикатә ҭагылазаашьа аҭҵаара актәи аетап шымҩаԥысыз азы адырра ирҭеит, ҳәа иаанацҳауеит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара аминистри Аԥсны ахәыҷы изин ахьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит ашьыжь, жәабранмза 26 рзы. Уи иара убас рхы аладырхәит ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рҳақьым-психиатр Оксана Мельникова, аҳақьым-психиатр Гванца Маҷавариани.
Ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥысуан абҵарамза 21 инаркны ԥхынҷкәынмза 2, 2023 шықәсанӡа. Зынӡа ирыҿцәажәан 69-ҩык ахәыҷқәа. Иаарԥшыз ауадаҩрақәа рыҟнытә иалкаахеит: рышықәс иаҵанамкуа аҿиараҿы аиҵахарақәа, ахымҩаԥгашьатә еиҵахарақәа, иара убас аемоцианалтә еиҵахарақәа, аҽшьра агәаԥхара змоу ахәыҷқәеи ахбаџқәеи.
Апсихиатр Оксана Мельникова ишазгәалҭаз ала, ахәыҷтәы психиатриатә ҟәша аартра аларшара хымԥадатәны иҟоуп.
Агәабзиарахьчара аминистр урыстәылатәи аспециалист мҽхакы ҭбаала иналыгӡаз аусуразы иҭабуп ҳәа лаҳәо, иарбоу ахырхарҭа иаҵоу актуалра атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит. Убри аан уи апсихологиатә проблемақәа змоу ахәыҷқәа рыстационартә хәышәтәра аиҿкаара иадҳәалоу ауадаҩрақәагьы азгәеиҭеит.
«Ҳара еилаҳкаауеит ахәыҷқәа зыԥсихика еилагоу ацхыраара рыҭара шхадоу. Аха макьана азҵаара аанхоит астционар аиҿкаара еиҳа иахьыманшәалоу ҳәа», - иҳәеит иара.
Аԥснытәи ашахматистцәа жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Единый мир» аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 24, 2024 шықәса рзы имҩаԥысит шьҭа итрадициахаз IV Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы шахматтә онлаин турнир «Единый мир».
Атурнир есымшатәи алахәылацәа Аԥсны, Алжир, Аргентина, Египет, Иорданиа, Иран, Катара, Ливан, Танзаниа, Тунис, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, иацлеит Ефиопиа. Урыстәыла ахьӡала иқәгылоит х-командак - Саранск, Мелитополь, Донецк ақалақьқәа рҟынтәи акомандақәа.
Аицлабрақәа ирылагаанӡа атурнир алахәылацәа рахь рхы рханы иқәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахадарахь акандидат В. В Путин иалхратә Штаб ахада А. В. Жога, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат М. В. Бутина, иара убас урыстәылатәи ашахматқәа рҿы аихьӡара дуқәа аазырԥшуа Роман Шогџьиев.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿы Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара» ашшыбӷыц аганахьала Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭеи ашьаусеилыргарақәа рзы Ахашшааратә коллегиеи уаанӡа ирыдыркылахьаз азыӡбақәа раԥыхразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 23, 2024 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 124 инақәыршәаны атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа инаигӡоз ауснагӡатәқәа азакәан шьаҭа рымаӡам ҳәа азхаҵареи апрокурор Хада Адгәыр Агба Агрба ари аус иҽацәхьакреи аҭыԥ рыман ҳәа иалеиҵаз ашшыбӷыӡ аганахьала Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа рашәарамза 29, 2023 шықәсазы иаднакылаз азыӡбеи, анаҩс, нанҳәамза 30, 2023 шықәсазы ашьаусеилыргарақәа рзы Ахашшратә коллегиа аҳәаақәҵареи раԥыхразы инаишьҭыз ахылаԥшратә ажәахьанҵа иахәаԥшит.
Иалкаахеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс аҿы аиааира згаз.
Аҟәа. Жәабранмза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 25 рзы Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш иазку аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысит.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг еизаз зегьы ареспублика аҿы жәабранмза 27 рзы иазгәарҭараны иҟоу азанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Аԥснытәи ажурналистцәа еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵанакуеит, еиуеиԥшым адунеихәаԥшышьақәа рымоуп, аха доусы хра злоу азҵаарақәа рыӡбара, ауаажәларратә еилазаара ашьақәгылара, иааизакны иуҳәозар, ҳтәыла аҿиара аҿы илагала алеиҵоит», - ҳәа иҳәеит Руслан Ҳашыг.
Ари ахәылԥаз аҿы ирылаҳәахеит ажуналистцәа Реидгыла 2023 шықәсазы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш З0 - шықәса ахыҵра инамаданы, «Цқьа идырым аибашьра аҭоурыхқәа» атема ала имҩаԥнагаз аконкурс аҿы аиааира згаз рыхьӡқәа..
Аҟәа ақалақь аҿы Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит.
Аҟәа. Жәабранмза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы ахатәы коллекциақәа рҟынтәи иаагоу аԥсуа сахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба исахьақәа мышкы аус зуа рцәыргақәҵа аатит. Жәабранмза 21 рзы асахьаҭыхыҩ иԥсы ҭазҭгьы 64 шықәса ихыҵуан.
Ацәыргақәҵа ахь ицәыргоуп 32 рҟынӡа ақәҭыхымҭақәа (арепродукциақәа), жәаба инарзынаԥшуа аҿыханҵатә усумҭақәеи плакатки.
ААУ акоманда Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имшныҳәа иазкны имҩаԥгаз ашахматқәа рзы атурнир аҿы аиааира агеит.
Аҟәа. Жәабранмза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, жәабранмза 20 рзы Аҟәа ақалақь иҟоу Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аҿы Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имшныҳәа иазкны акомандатә шахматтә турнир мҩаԥыргеит.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаахеит Москва Анапхгара, Москва ақалақь жәларбжьаратәи адәныҟаекономикатәи аимадарақәа Рдепартаменти Москватәи аидгьылуаа Рыҩни иҟарҵаз адгылара иабзоураны.
Атурнир зынӡа рхы аладырхәуеит 16 командак.