АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынҷкәын.2024

Бадра Гәынба иҟалаз аҳаирмашәырцәгьа инамаданы Владимир Путин дидышшылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Урыстәыла атәылауаа рҭахара зыхҟьаз апассаџьыртә ҳаирплан «Баку-Грозныи» акаҳара инамаданы   Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин дидышшылеит.

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаагьы уахь иналаҵаны, хыԥхьаӡара рацәала ауаа, рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз иҟалаз аҳаирмашәырцәгьа азы ажәабжь гәалсра дула иҳадаҳкылеит зегьы.  Аԥсны жәлар рыхьӡала иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи срыдышшылоит, ахәрақәа зауз иаарласны ршьапы ақәгылара рзеиӷьасшьоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә телеграмма аҿы. 


Read 1573 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.