pressadmin-2
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи «Амшынеиқәафымцамч» иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа хықәкылатәи разкызаара арҽеирақәа аларгалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа еицҿакны «2023 шықәсазы Ареспублиатә биуџьет ахархәагақәа ахықәкытә зкызаара арҽеирақәа ралагалара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.
Убас, 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҿы афымцамч ахархәаразы априборқәа раахәразы иазԥхьагәаҭаз 60 млн. мааҭ афымцамч Аԥсныҟа аашьҭра ахәԥса ашәара ахь идәықәҵахоит.
Акциа «Ашьақар аҩаӡара ҭышәынтәалоуп» Аԥсны абҵарамза 14 – 15 рзы имҩаԥгахоит.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адибет чымазара аҿагылара Адунеизегьтәи Амш азы ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны адиабеттә еилазаареи» агәабзиарахьчара Аминистрреи еилахәны, Аԥсны асоциал-культуратә аԥшьгарақәа Рфонд афинанстә дгылараала Аԥсны «Ашьақар аҩаӡара ҭышәынтәалоуп» ҳәа агәыҳалалратә акциа мҩаԥгахоит.
Абҵарамза 14 - 15 рзы изҭаху зегьы хәыда-ԥсада ршьа аҿы ашьақар аҩаӡара гәарҭалоит. Абҵарамза 14 рзы акциа мҩаԥыслоит асааҭ 09:00 инаркны Ҭҟәарчал ақалақь аҿы (Араионтә Хәышәтәырҭа Хада), Гал ақалақь аҿы (Араионтә Хәышәтәырҭа Хада), Аҟәа ақалақь аҿы (Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟны иҟоу аполиклиника) Пицунда ақалақь аҿы (акурорттә поликлиника), Гагра ақалақь аҿы (ахәаахәҭратә центр «Гагра», (Араионтә Хәышәтәырҭа Хада).
Абҵарамза 13 – Жәларбжьаратәи ақьиара амш ауп .
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 13 рзы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи ақьиара Амш.
Адунеизегьтәи ақьиара Амш милаҭла, динхаҵала, арасала еиуеиԥшым ауаа реидкылара иазкуп. Уи даҽазнык иугәаланаршәоит ақьиареи агәцаракреи абзиабареи арыцҳаибашьареи аҵак ду шаҵоу, уи арыцҳарақәа зегьы риааира ишацхраауа.
Раԥхьаӡа акәны Ақьиара Амш азгәарҭо иалагеит иапонтәи «Ақьиара азы Адунеизегьтәи аиҿкаара» активистцәа абҵарамза 13, 1997 шықәсазы. Аиҿкаара ахықәкы хаданы иҟоуп – ақьиареи арыцҳаибашьареи аҳра ахьауа адунеи аԥҵара. 1998 шықәсазы Токио ақалақь аҿы имҩаԥысит Адунеизегьтәи ақьиара Амш актәи аконференциа, уи рхы аладырхәит Австралиа, Канада, Иапониа, Таиланд, Сингапур, Великобританиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа. 2009 шықәсазы ари аныҳәа раԥхьаӡа акәны азгәаҭара иалагеит Урыстәылагьы.
Аԥсны есышықәса Ақьиара Амш азгәарҭоит, агәыҳалалратә еиҿкаарақәа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәеи акциақәеи мҩаԥыргоит.
Аҵарауаа ргәаанагарала, абжьааԥнытәи аԥсҭазаара аҿы ауаа рганахьала ақьиареи арыцҳаибашьареи агәцаракреи аазырԥшуа адунеи аоптимизм ду ала ахәаԥшра адагьы, ргәалаҟазаареи маха-шьахала рҭагылазаашьагьы еиҳа еиӷьны иҟоуп. Ауаҩы егьырҭ данрыцхраауа иара ихшыҩаб зеиӷьаҟам аԥсабаратә хьаарҽыгақәаны ирдыруа хыԥхьаӡара рацәала аендорфинқәа ахылҵуеит. Иара убас, ендорфины ҳәа изышьҭоу ауаҩы инервқәа дырҭынчуеит, дҭышәныртәалоит, еиҳа деиқәнартәоит, адипрессиа аҟынтәи дахьчоит.
«Агәыҳалалратә усуразы» Азакәан Аԥсны ирыдыркылеит аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы – ԥхынҷәынмза 4, 1992 шықәса рзы.
Азакәан агәҳалалратә усура аҳәынҭқарратә дгылара анаҭоит, уи азинтәи ашьаҭа аԥнаҵоит, аҭыԥантәи еиԥш аҳәаанырцәтәи аусура аларҵәара азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылоит.
Аҳәынҭқарра ахықәкытә шәахтә политика амҩаԥгара, азинҷыдақәеи апривилегиақәеи рышьақәыргылареи, урҭ атәылауааи аиуристтә хаҿқәеи урҭ реидгыларақәеи азакәан инақәыршәаны адгалара рыҭарала ари аҩыза аусуразы афинанстәи аматериалтәи ашьаҭа аԥҵара иацхраауеит.
Ареспублика аҿы бжьаратәла уахәаԥшуазар ашәҟәы иҭагалахоит агәыҳалалратә хықәкы анагӡара мацаразы зусура мҩаԥызго 30 инарзынаԥшуа аиҿкаарақәа.
Аԥсныпресс акорреспондент Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы ирҭаз адыррақәа рыла, ҳазҭоу аамҭазы Асертификациатә комиссиа аӡбамҭа инақәыршәаны агәыҳалалратә усура анагӡаразы аҳәынҭқарратә сертификатқәа рыҭоуп 25 еиҿкаара.
Агәыҳалалра асертификат змоу аиҿкаарақәа:
Аԥсны мҽхакы ҭбаала Урыстәылаҟа аҩқәа дәықәызҵо рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 13. 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зегьы реиҳа мҽхакы ҭбаала Урыстәылаҟа аҩқәа дәықәызҵо атәылақәа жәаба рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп. 2023 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа импорт ҳасабала аҩы Урыстәылаҟа адәықәҵара амҽхак иҳаҩсыз ашықәс, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 6% рыла иацлеит, ҳәа афедералтә ҳазылхратә хашәалахәқәеи атарифтә ҭышәынтәалареи рзы Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзура Аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Максим Чмора Урыстәылатәи аҩыҟаҵаратә форум аҿы дықәгыло иҟаиҵаз аҳәамҭа ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит аинформациатә Агентра «ТАСС».
Афорум аҿы имҩаԥгаз Афедерациатә Ҳазылхратә Маҵзура аӡыргара инақәыршәаны, ажьырныҳәамза-жьҭаарамза, 2023 шықәсазы Урыстәылаҟа импорт ҳасабла идәықәҵан 532,4 нызықь тонн аҩы. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы уи 501,1нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.
Аԥснытәи абоксиорцәа Ростов-на-Дону имҩаԥысуаз атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» аҿы еиуеиԥшым аҩаӡарақәа змоу ф-медалк ргеит.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа Ростов-на-Дону имҩаԥысуаз атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» аҿы ахьтәы медалки ҩ-раӡны медалки х-џьазтә медалки ргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Леварса Аџьынџьал актәи аҭыԥ ааникылеит, Даниель Багариани Қьиамал Возбеи аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит. Атурнир аџьазтә медалқәа ргеит Рафаель Кесиан, Едгар Депелиан, Гарик Шебелиан.
Абокс азы V Жәларбжьаратәи атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» мҩаԥысуан абҵарамза 7- 11 рзы.
Аицлабрақәа ирылахәын Краснодартәи атәылаҿацә, Донецки Макеевкеи, Ермантәылеи Аԥсни, иара убас Викториа Сеишельтәи адгьылбжьахақәа рҟынтәи 13 – 16 шықәса зхыҵуа 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.
Аԥснытәи аспортсменцәа азыҟарҵоит Аслан Ахба, Едуард Депелиан, Иракли Цурцумиа, Аршавел Калаиџьиани Едуард Одабашиан.
Езаабеи Каԥба Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла аусура азы: «Аҵыхәтәанынӡа агәыӷра ыҟоуп».
Аҟәа. Абҵараза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба, Ельвира Горзолиа/. Есышықәса, абҵарамза 13 рзы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи зыла иамбо Рымш. Ари арыцхә аламҭалазы 2009 шықәса раахыс Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла ахантәаҩы иҟоу Езаабеи Қаԥба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ари аиҿкаара аусура атәы еиҭеиҳәеит. Аицәажәара мариамхаӡеит. Ахеидкыла имаҷымкәа апроблемақәа амоуп, урҭ ажәашықәсқәа ирылагӡаны иӡбамкәа иаанхоит, арахь иҟоу аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аԥсахра азы авариантқәа зынӡа ирацәаӡам. Традициала ишышьақәгылахьоу ала, урҭ зегьы усгьы зынӡа иҟам афинанстәра иадҳәалахоит.
Аха иџьоушьаша зынӡа даҽакуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахьҵәҟьа амина дахьахаԥжәаз иахҟьаны зынӡа дышлашәхазгьы, Ахеилак ахантәаҩы аоптимизми аенергиеи ирӡӡом, џьара акала зыла иамбо ацхыраара рыҭара иҽазишәоит. Уи злаиллиршо, насгьы аҵыхәтәантәи 14 шықәса рыла иарбан еиҿкаарақәоу ацхырааразы дзыдҵаалахьоу, уи алҵшәақәас иаиуз, уҳәа ртәы анаҩс шәаԥхьар ауеит.
Арбагақәеи афактқәеи
– Езаабеи Калас-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәондаз, Ахеилак анаԥҵаз атәы?
– Ари ҟалеит 1957 шықәсазы. Аҟәа ақалақь, Чачхалиа имҩаду ала аҳәынҭқарра адгьыл ахәҭа азоунажьит, ԥыҭрак ашьҭахь Қырҭтәыла зыла иамбо Рхеидкыла ахарџь ала араҟа иргылан Аԥснытәи аҵара-ҭыжьратә наплаки уи иаҵанакуаз ахыбрақәеи.
80-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭаз Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә ҭагылазаашьа ҩаԥхьа аибарххара иалагеит. Анаҩс, цәыббрамза 27, 1991 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала иарбоу адгьыл ахәҭеи араҟа иргылаз ахыбрақәеи имилаҭыртәит. Хәажәкырамза 6, 1992 шықәсазы анапхгара аусбарҭа даҽа қәҵарак ҭнажьит, уи инақәыршәаны иарбоу аобиект Аԥсны ахатәрахьы ииасит.
– Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьара аиҿкаара аусура ишԥаныԥши?
– Даара ианыԥшит. Аибашьра ашьҭахь уаҟа акгьы аанымхаӡеит, зегьы еимырҵәеит, ирҟәыбеит. Жьҭаарамза, 1994 шықәсазы Аҟәа ақалақь Ахадара адҵа инақәыршәаны, ҳара даҽа хыбрак ҳарҭеит, араҟа иахьа уажәраанӡагьы аус аауеит. Уаанӡа араҟа иҟаз акондитертә фабрика иатәу ахәыҷбаҳча «Лакомка» акәын.
– Шәеиҿкаара аҿы шаҟаҩык ашәҟәы иҭагалоузеи?
– 2009 шықәсазы сара Ахеидкыла ахантәаҩыс сҟалеит, усҟан зегьы раԥхьаӡа сусура сызлалагаз, аблабара азы аинвалидра змоу ауаа рсиа сазҵааит. Урҭ рхыԥхьаӡара 518-ҩык рҟынӡа инаӡозаарын. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳара ателехәаԥшралеи акьыԥхь аҿгьы аблабара азы аинвалидцәа ааны Ҳаилазаара аҿы ашәҟәы рыҽҭаргаларц азы аҳәамҭақәа ҟаҳҵеит. Дара иаҳзасуан, иарбан цхыраароуп рыҭара ҳалшо ҳәа иҳазҵаауан. Сара иҳамоу митәык идуум ҳалшарақәа ртәы анырзеиҭасҳәоз, аӡәырҩы ашәҟәы аҽҭагалара ҵакы амаӡам ҳәа ирыԥхьӡеит. Иахьатәи аамҭазы Ҳхеидыла аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 45-ҩык, урҭ рахьынтә ԥшьҩык Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатәи еибашьра аинвалидцәа роуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Леванҭ Атрышба абжьқәа реиҳарак ала Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аиҳабыс дахьалырхыз инамаданы дидныҳәалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Леванҭ Атрышба абжьқәа реиҳарак ала Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аиҳабыс дахьалырхыз инамаданы дидныҳәалеит. Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу, Левенҭ!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит алхрақәа рҟны ижәгаз аиааира. Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аиҳабыс шәахьалырхыз, ииашоу ӡбамҭоуп ҳәа сахәаԥшуеит.
Шәара, аҭакԥхықәра ду зцу амаҵзура аныҟәгара, гәрагарала шәнапы ианырҵеит. Аԥсны инхо аԥсуааи, Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи реимадара уасхырс шәамоуп. Агәыӷра сымоуп, шәдырреи шәԥышәеи ирыбзоураны, ҳдиаспореи ҳареи ҳаигәныҩра арӷәӷәара шшәылшо, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи реизыҟазаашьа амҽхак арҭбааразы ишәылшо зегьы шыҟашәҵо.
Аԥснынтә асалам ду шәзынаҭиуа, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, шәнапы иану аусԥшьа аҟны аихьӡарақәа!
Шәҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны шәбара ҳаигәырӷьоит!»
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа есышықәса имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа «Лыхнашҭа» даҭааит.
Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент Аиҳабы Ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан, Апарламент адепутатцәа Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан иҟоу аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа традициала есышықәса имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа «Лыхнашҭа» иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
102-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аибашьра аветеран Валентина Шульгина.
Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсны- -Информ. 102 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит 1941-1945шш. аибашьра аветеран, Сталинград азы аидыслара иалахәыз, Аиаҵәа Ҟаԥшь аорденқәа ҩба ркавалер, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу - Валентина Шульгина, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Аԥсны- Информ».
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алагара маҷк шыбжьаз усҟан зынӡа иқәыԥшыз Валентина Шульгина Томсктәи амедицинатә Институт далгеит. Ашьҭахь ақыҭантәи аҳақьымс аус луа далагеит. Араҟа лара аҵараҿы илоуз адыррақәа лхы иалырхәон. Усҟан Валентина ргәы иаанагомызт ԥыҭрак ашьҭахь лара ауаа рыхәышәтәреи рыԥсқәа аиқәырхареи аҭынч ԥсҭазаара змоу ақыҭаҿы акәымкәа аибашьраҿа анагӡара лықәшәоит ҳәа.
Асовет тәылауаа реиҳараҩык еиԥш ларгьы анемец архәҭақәа Асовет Еидгыла ишақәлаз атәы арадио ала илаҳаит. Хара имгакәа афашистцәа атәыла мраҭашәаратәи аган аҿы мҽхакы ҭбаала атерриториа рнапахьы иааргеит, урҭ атәыла аҳҭнықалақь Москва аганахьала ижәылон.
Валентина Шульгина егьырҭ аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи реиԥш арратә комитет ахь днарыԥхьеит, араҟа урҭ ашәҟәы иҭаргалеит. Нанҳәамза 24, 1942 шықәсазы лара Томск ақалақь аҟынтәи Омск ақалақь ахь ддәықәырҵеит, араҟа усҟан атанктә, ашьаҟартә, артиллериатә ҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа рыла адивизиақәа реиқәыршәара мҩаԥысуан. Лара асанитартә взвод акомандаҟаҵаҩыс дҟарҵеит.
Валентина Шульгина лнапхгара аҵаҟа иҟан 21-ҩык. Ҩымчыбжь Омск ақалақь аҿы аҟазаара ашьҭахь Валентина Шульгина лвзвод ешелонла Сталинградҟа идәықәҵан. Аха усҟан дара абџьар зынӡа имаҷны ирыман, ахыԥсаҟьагак «Максим», аурысшәақьки ракәын ирымаз.
Асанитартә взвод аԥхьатәи апозициақәа рҟынӡа инаӡеит, уаантәи уи Васили Чуиков ир анапхгараҭара ахь ииаргеит.
Валентина Шульгина 2018 шықәсазы Сталиниградтәи аидыслара 75-шықәса ахыҵра азгәаҭара лхы алалырхәхьан. Уажәы ари ишәҭыкакаҷуа, акыр иԥшӡоу қалақьуп, аха усҟан, уи ахақәиҭтәра ашьҭахьҵәҟьа араҟа еиқәхаз ҩныкгьы ыҟаӡамызт, зегьы иҟәыбаса ишьҭан.
Сталинградтәи аидыслара анхыркәшаха ашьҭахь мчыбжьыки бжаки зхы иақәиҭтәыз ақалақь аҿы аҟазаара ашьҭахь авзвод Мичуринск ақалақь ахь аиҭеиқәыршәара ахь идәықәҵахеит, уи ашьҭахь Валентина Шульгина Курско-Орловскаиа дуга ахь идәықәырҵеит.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Леванҭ Аҭрышба.
Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 12 рзы Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь аҿы Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа VIII Аизара ду мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп акультуреи аҿари аспорти рызҵаарақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Венори Бебиа, асоциалтә политика,аџьа, агәабзиарахьчара, адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Џьопуа, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилак алахәыла Инар Гыцба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Аизара Ду аделегатцәа Афедерациа аусура азы аҳасабырба иазыӡырҩит, анаҩс ахантәаҩы ҿыц далырхит.
Афедерациа ахантәаҩы иҭыԥ аҟны иара убас иқәгылан Ҳасан Чычбеи Ерџьаи Ԥачкориеи ркандидатурақәагьы.
Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Леванҭ Аҭрышба.
Аизара аҟны ахада иалхра анаҩсгьы, Афедерациа ахеилак аилазаара ҿыц шьақәыргылан.