АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Нанҳәа.2024

Ансамбль «Кавказ» аиубилеи азгәанаҭоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ» – Ареспублика Аԥсны еицырдыруа, иԥхьагылоу ансамбльқәа иреиуоуп.

Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ» ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи асахьаркыратә напхгаҩы аҳамҭа ҳаракқәа «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара ахьӡала аорден занашьоу Аԥсни Нхыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса лаҵарамза 1 азы. Иара убри ашықәсан Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи Рминистрра Ақәҵара инақәыршәаны, Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба ихьӡ акамыршәразы, иара еиҿикааз ансамбль «Кавказ» ихьӡ ахҵан.

Кандид Ҭарас-иԥа иҭынхеит ахьӡ-аԥша адагьы хәызмаӡам акультуратә ҭынхагьы. Уи илшамҭақәа рыхәшьара акыр иуадаҩуп. Акыршықәса иара ааԥсарак ҟамҵаӡакәа ансамбль амчала аԥсуа культура адунеи иалеирҵәон, иззымдыруаз идирдыруан. Ансамбль «Кавказ» еиуеиԥшым атәылақәеи ақалақьқәеи рҟны ауаа иднардырит Аԥсны аӡбахә. Иара иы-иԥсы ақәҵаны инаигӡо аусура хьыӡла-ԥшала иацырҵоит уи ишьҭрамдаҩцәа. Ансамбль «Кавказ» уажәтәи адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы, Кандид Ҭарба иашьеиҵбы, Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликеи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  III аҩаӡара занашьоу Арвелод Ҭарас-иԥа Ҭарба. Ансамль адиректор, абалетмеистер – Ареспублика Аԥсни Ааахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи жәлар рартист, Кандид иашьа иԥа Осман Арвелод-иԥа Ҭарба.  

Арвелод Ҭарба ишигәалаиршәо ала, ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳаидкылара, ҳакзаара хықәкыс измаз ансамбль, иара ахьӡ ахаҭа «Кавказ» ишаҳәо еиԥш, аиҿкаара алыршахеит 1994 шықәса август 8 рзы.

Усҟан 25-ҩык еидызкылоз ансамбль «Кавказ» акәашацәа зегьыԥыхьатәи аԥсшьараҩны «Аҟәа» (уажәы асасааира «Интер-Сухум») арепетициатә зал аҿы еизеит Ари арыцхә традициала ишышьақәгылаз еиԥш ансамбль амшираны иԥхьаӡоуп.  Ари ансамбль актәи аилазаара аҿы иҟаз Даӷьсҭан, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьестәыла, Адыгатәыла уҳәа рҟынтә иааз акәашаҩцәа ракәын. Урҭ иреиуоуп: зыхьӡ ахара инаҩхьаз Аахыҵ Уаԥстәылатәи акәашаҩ Нодар Ԥлиев, Адыгатәи акәашаҩцәа Руслан Абдокови Марина Хацукови. Абалетмеистр-арепетиторс аҟалара дақәшаҳаҭхеит еицырдыруа адыгатәи акәашаҩ Мурадин Ҳаџьаев. Ансамбль иалахәыз дреиуан иара Арвелод Ҭарбагьы – Аԥснытәи акәашаҩ заҵәыс иҟаз.

Иазгәаҭатәуп, сынтәа аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль хԥаны иҟоу аиублеи шазгәанаҭо. Ансамбль «Кавказ» ҩажәижәаба шықәса ахыҵреи  ансамбль аԥҵаҩы Кандид Ҭарба диижьҭеи ԥшьынҩажәа шықәса аҵреи ансамбль уажәы асахьаркыратә напхгаҩыс иҟоу  Арвелод Ҭарба хынҩажәижәаба шықәсатәи ииубилеи азгәаҭареи еиқәшәеит.  

«Ансамбль жәларбжьаратәи афестивальқәеи аконкурсқәеи активла ахы аланархәуеит. Аҳәынҭқарратә корпорациа «Росатом» ааԥхьарала аколлектив урыстәылатәи ақалақьқәа рахь изныкымкәа агастрольқәа мҩаԥыргахьан. Ансамбль анҭыҵтәи аилазаара аҿы иҟоуп 52 -ҩык», – ҳәа иазгәеиҭеоит Осман Ҭарба.

Аҳәынҭқсрратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ» аԥхынтәи аамҭахәҭа аҩныҵҟа, есхәаша Р.М.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы аконцертқәа мҩаԥнагоит.  Ансамбль анапхгараҭара ааԥхьарала ҳара убас иҟоу аконцертқәа руак ҳаҭааит.

Аколлектив ахәаԥшцәа рзы идырхиеит жәба инарзынаԥшуа аномерқәа рыла ишьақәгылоу инарҭбаау аонцерттә программа.

Аколлектив арепертуар иааџьаушьаратәы еиуеиԥшым: «Аԥсны аныҳәа», аиҳарак ачарақәа рҿы инарыгӡо акәашара «Исламеи», ауаԥс кәашара «Симд», «Аҟамақәа», «Ашьхарыуаа рыкәашара», «Ауараа рыкәашара», «Аҭыԥҳацәа рыкәашара», авартәи акәашара, чечентәи акәашара «Нохчи Хелхар», Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа еиқәдырхаз, иахьагьы ҳдиаспора рныҳәақәеи рчарақәеи рҟны инарыгӡо ажәытә аԥсуа кәашара, ахореографиатә поема «Аиндаҭлара», иара убас ансамбль арепетруар ахьыршыгә – Кавказ ажәларқәа реиҩызареи рыиашьареи иазку ахореографиатә  композициа «Кавказ».

Иҳәатәуп «Кавказ» аномерқәа зегьы напеинҟьарыла ишымҩаԥырго ахәаԥшыҩцәа. Уажәык аҭӡамцқәа хыџ-хыџуама уҳәо акәын ансамбль акәашацәа ишырԥылозгьы, ишынаскьаргозгьы.

Дара акәашацәа ракәзаргьы, асеиԥш адкылара анроу ирылоу зегьы аадырԥшуан.

Ансамбль «Кавказ» адаул асыҩцәа ракәзар, иахәаԥшуаз дыршанхон. Убла хызкуа амилаҭтә костиумқәа рышәҵаны асценаҟны алирикатә кәашара назыгӡоз аҭыԥҳацәа рцынхәрас мацәысеимҟьараны иаацәырҵуеит арԥарацәа.

«Улаԥш рыхьӡом ианыкәашо. Ишԥарылшои», — лхы дазҵаауеит ахәаԥшҩы Асида.

«Акультура ада амилаҭгьы ыҟас, ҳара , акультура аусзуҩцәа раҳасабала акыр зҵазкуа ахықәкы – ҳкультура аҿиара – анагӡара ҳашьҭоуп», – ҳәа «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо иазгәалҭеит ансамбль «Кавказ» асолистка Камила Жанаа.

Аиашазы, ҩажәиҩаба шықәса рыҩныҵҟа Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ» иахьа ҳреспублика, ҳмилаҭтә ҟазара аӡыргара аганахьала акыр зылшаз, ҳаԥсуа ансамбльқәа иаарылукаартә иҟоу, Аԥсни уи анҭыҵи ахәаԥшцәа бзиа еицырбахьоу, аҳәынҭқарратә ансамбльны иҟалеит.

 

 

 

 

 

 

 


Read 170 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.