pressadmin-2
Роберт Киут Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ Олег Плохои диԥылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ахәаша, абҵарамза 10 рзы диԥылеит астатс-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә гвардиа акомандаҟаҵаҩ, аинрал-полковник Олег Плохои.
Аганқәа аҩганктәи аусеицура амшхәаԥштә иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иара убас акадрқәа разыҟаҵара, алицензиа-зинаҭаратә усуреи анапхгарабжьаратәи аусеицура азинтә шьаҭақәа рышьақәыргылареи рзы уаанӡа ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭрақәа рышьақәырӷәӷәара мҩаԥысит.
102 шықәса азакәан ахьчараҿы: амилициа Амш азгәаҭара шымҩаԥысыз азы.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Амилициа Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә еизареи аконцерти мҩаԥысит ахәаша, абҵарамза 10 рзы Аԥснытәи адраматә театр аҿы.
Аофициалтә хәҭа аартуа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут амилициа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Шәара шәзанааҭ – зегьы реиҳа зҵазкуа иреиуоуп, уи аԥсыцқьареи ахаҵареи аҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аминистр ҷыдала ахшыҩзышьҭра риҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа, дара аусзуҩцәа ҿарацәа реиҵааӡареи аԥышәа дууи иреиӷьу атрадициақәеи рымадареи аус аҿы рлагала дуӡӡоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Роберт Киут амилициа аусзуҩцәа агәабзиара, аманшәалара, анаҩстәи русураҿы аихьӡарақәа рзеиӷьаишьеит.
Анцәахәы «Ажәеиԥшьаа» аскульптуратә композициа аадыртит Очамчыра ақалақь аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анцәахәы «Ажәеиԥшьаа» аскульптуратә композициа аадыртит Очамчыра ақалақь аҿы.
Аскульптура автор асахьаҭыхыҩ Генерген Ромин-Гамгиа (ГенЕрген) иажәақәа рыла, Ажәеиԥшьаа (аԥсуа мифологиа аҿы ашәарыцара анцәахәы, абнарақәа, ашьхара, абнатә ԥстәқәа ирхылаԥшуа) аламҭалаҩ дзышьцылам ауаҩԥшра змоу ажәытә нцәахәы иоуп. Аха асахьаҭыхыҩ Генерген Ромин-Гамгиа (ГенЕрген) искульптуратә композициа аҿы ари ахаҿы даҽакала аарԥшра иҽазишәеит.
Аскульптура асиужетны иҟалеит «Ашәарацараҿы» ҳәа хыс измоу ашәарыцара асцена, араҟа анцәахәы Ажәеиԥшьаа исахьа аҵла иқәланы егьи аԥсаатә – иауу аԥыц змоу аҵыс ду иаҩаӡо игыгшәыгу аԥстәы (алыџ) асахьа ала аҽеиҭакны иаарԥшуп.
Акомпозициа аҵла ашьапы иакәшоит, уи ааигәа ишьақәыргылоуп ахьӡи QR-коди зну аҭыӡҩыра хәыҷы, уи иарбоу азхьарԥш ала ахәаԥшцәа аекспозициа злашьаҭаркыз аматериал атәы еилыркаар рылшоит.
Ашьапылампыл-маҷ азы астадион аадыртит Очамчыра араион Баслахә ақыҭан.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мызқәак раԥхьа Баслахә ақыҭауаа атәыла анапхгареи Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вианори Бебиеи рышҟа иарбоу аспорттә обиект аргыларазы аҳәара ҟарҵеит.
Аҳәынҭқарра анапхгара аҟынтәи ари азҵаара адгылара аиуит, убас хымз рыла ашкол азааигәара иԥсабаратәым ашьац ала ихҟьоу, арлашагақәеи аихатә кәыршеи змоу ашьапылампыл-маҷ азы астадион ргылахеит.
Ақыҭа ахада Даур Пагава иазгәеиҭеит:
Агәабзиарахьчара аминистр Ареспубликатә психиатриатә хәышәтәырҭа аусура гәеиҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аусура, ачымазцәа иахьыҟоу аҭыԥ аҭагылазаашьақәеи иарбоу амедусбарҭа аҭагылазаашьеи ргәаҭара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ирина Ануа аминистр апациентцәа хәшәылеи фатәи-жәтәи рыла иахәҭоу аиқәыршәара рымоуп ҳәа адырра илҭеит. Аха ахәышәтәырҭа акыр аамҭа ҵуеит асанитартә еибаркыра аганахьала ауадаҩрақәа амоуижьҭеит. Урҭ шьаҭанкыла реиҭашьақәыргыларазы иазоужьҭуп 3 млн. 743 нызықь мааҭ.
Ирина Ануа лажәақәа рыла, ашәырақәа иахьрыцәцо иахҟьаны, уадақәак акыр ааха аиуит.
Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ Олег Плохои Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад даҭааит.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Астатс-маӡаныҟәгаҩ – Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩ, аинрал-половник Олег Плохои аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа Рымш азгәаҭара инамаданы Аԥсныҟа дааит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Олег Плохои Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ихаҭыԥуаҩцәа Руслан Ажьиба, Беслан Ҷкадуа, Рашь Ҵәыџьба ицны Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад даҭааит.
Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аомандаҟаҵаҩ, амилициа аподполковник Дадын Чачхалиа асас ари аҟәшеиҵа аусура атәы изеиҭеиҳәеит. Иара аҟәшеиҵа аҿы арратә зыҟаҵара шымҩаԥысуа, иара убас Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад хаҭалатәи аилазаара азы акультура-аԥсшьараамҭа ахгаразы Ацентр аусура шеиҿкаауи ртәы еиҭеиҳәеит.
Иарбоу аҟәшеиҵа аусура ахылаԥшра азы аҭакԥхықәра зду аминистр ихаҭыԥуаҩ Рашь Ҵәыџьба Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад ауаажәларратә шәарҭадара аиқәыршәареи ацәгьоурақәа активла рҿагылареи адагьы, ареспублика иахьаҵанакуа азинеиҿкаара ашьақәыргылара иадҳәалоу акыр зҵазкуа ахыдҵақәагьы нанагӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аԥснытәи амилициа 102 шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 10 аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит.
Шьыжьы инаркны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра адәы аҿы, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз амилициа аусзуҩцәа рбаҟа амҵан аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара, аусзуҩцәа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аминистрра ахада Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, акриминал аҿагылара, азинеилагарақәа рыпрофилактикеи ауаажәларратә шәарҭадара ашьақәыргылареи ирыҵоу аҵак ду атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Спикер Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аусзуҩцәа амилициа Амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа – Амилициа амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Аԥсуа милициа аветеранцәа иаԥырҵаз аҵас бзиақәа рықәныҟәарала, ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа ҳасаб рзуны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат хада аколлективқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәеи араионқәеи русбарҭақәеи рнапы алакуп иуадаҩу, аҭакԥхықәра зцу ауснагӡатәқәа рыӡбара. Иахьа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәарц ҳҭахуп азакәани азинԥҟареи рыхьчараҟны, ҳҳәынҭқарра аинтересқәа реиқәырхаразы имҩаԥыжәго аусуразы. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра амилициа аусзуҩцәа ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, рнапы злаку амаҵзураҟны аихьӡарақәа, ҩнаҭацыԥхьаӡа - анасыԥ».
Ҟрым иҭахаз Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иаргеит.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ аиагареи ргәалашәара анаунагӡатәреи иазкыз ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Диоскураа Рыԥшаҳәа аҿы, Идырым асолдаҭ ибаҟа азааигәара.
Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ, Тарас Ҵәыџьба ихатәы маҭәақәеи иабџьари дызлалашьҭыз аҳаирплан ахәҭақәаки, иара убас аибашьцәа Михаил Леибеи Нури Џьопууеи рдокументқәеи рыԥшааит апроект «Ахьӡ архынҳәра» амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Агәыҳалалратә фонд «Урыстәыла-Аԥсны» адиректор хада, арра-мемориалтә проект «Ахьӡ архынҳәра» автори анапхгаҩи, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак алахәыла Григори Скворцов, Ризабеи Хьибба Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭа далҵит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Иара Керчтәи адгьылбжьахабжа ахьчара активла иалахәыз дреиуоуп. Ризабеи Хьибба афронт ахь ааԥхьара иоуит, 138-тәи ахысратә дивизиа аилазаараҿы деибашьуан. Адивизиа Керчтәи адгьылбжьахабжа аплацдарм аҿы анемец мпыҵахалыҩцәа иреибашьуан, уи мшаԥымза 1942 шықәсазы акыр ишььарҵәыраз аидысларақәа активла иалахәын. Анемец афицар ирапорт аҿы дара мышк дуӡӡа рнапахьы ирзаамгоз Батальное ақыҭа заҵәык акәын, ҳәа иазгәеиҭеит. Араҟа деибашьуан Ризбеи Хьибба. Амш ахыркәшамҭаз ауп анемеццәа ари апункт аанкылара анрылшаз, иара уигьы ихьанҭоу артиллериа ахархәара ашьҭахь. Иахьа ҳара ҳапроект ахыдҵақәа нагӡо, Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ иҭаацәа ираҳҭоит», - ҳәа иҳәеит Григори Скворцов.
Иара убас Ризабеи Хьибба иҭаацәа ирыҭан аибашьҩы ихатәы маҭәақәа – акружка, амҳаҵә, аԥсуа маҟа ахәҭақәак, ахыршә арҭҟәацга аҭра, уҳәа иԥшаара злалыршахаз егьырҭ амаҭәахәқәа.
Григори Скворцов 50-тәи Ар Ҟаԥшь ажәыларатә полк ахысыҩ-арадист Тарас Ҵәыџьба иҭоурых еизаз ирзеиҭеиҳәеит. «Иара Ҷлоу ақыҭа далҵит, Ленинградтәи аԥырыҩцәа рышкол дҭалеит, аҵара иҵеит, анаҩс иԥсҭазаара зегьы авиациа иадиҳәалеит.
Анемецтә мпыҵахалыҩцәа аидысларақәа руак аҿы аибашьҩы Тарас Ҵәыџьба дызҭаз аҳаирплан ларышьҭыит», – ҳәа иҳәеит Григори Скворцов.
Аҳаирплан ахәҭақәак аибашьҩы гәымшәа ифырхаҵара анаунагӡатәра аҳасабала иҭаацәа ирырҭеит.
Амшынтә десант афырхаҵа Нури Џьопуа илахьынҵахаз атәы дазааҭгыло, Григори Скворцов, аибашьҩы иҭынхацәа Геленџьык ақалақь аҿы иҟоу уи инышәынҭра иаҭаахьеит ҳәа иазгәеиҭеит.
2023 шықәса ԥхынҷкәынмзазы аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа аҿы иаатуеит аҩбатәи «Мельцеровскии бокс» ҳәа изышьҭоу аинфекциа-диагностикатә кабинет.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩбатәи «Мельцеровскии бокс» ҳәа изышьҭоу аинфекциа-диагностикатә кабинет аргылара ахыркәшамҭахь инеит. Ари ауада акыр ишәарҭоу аҿыкчымазарақәа змоу апациентцәа ирызкуп. Аԥшьаша, абҵарамза 9 рзы Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа абазаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Раԥхьатәи «Мельцеровскии бокс» ҳәа изышьҭоу аинфекциа-диагностикатә кабинет 2023 шықәсазы аусура иалагеит. Ари абокс агәабзиарахьчара Аминистрра аԥшьгаралеи атәыла анапхгара иҟанаҵаз афинанстә цхырааралеи иаартын. Абокс аамҭак ала акы-ҩба чымазара зыхьуа, мамзаргьы зчымазара шьақәыргылам, аха акыр ишәарҭоу аинфекциа злаҽыз ачымазаҩ иҿцаауаз апациентцәа раҟәыҭхара алнаршоит. Уи азы аҭаххара есааира иазҳауеит, иара убас аҳақьымцәа ишьақәдыргыло аинфекциақәа рыспекторгьы иазҳауеит.
Еиуеиԥшым аҿыкчымазарақәа рҿагылареи урҭ реилалара алмыршареи хықәкыс иҟаҵаны, атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа абазаҿы даҽа бокс аргылара азы аԥшьгара ҟанаҵеит. Иахьазы аргылаҩцәа аҩычаратә усурақәа рынагӡарахьы ииасит. Афымцамҩангаратә усурақәеи асантехника ашьақәыргылареи хыркәшоуп.