АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:30

30 шықәса раԥхьа Аҟәа ақалақь аҿы дшьын аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы, Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ Иури Воронов.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 11 рзы 30 шықәса ҵит иналукааша аҵарауаҩ-кавкадырҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥызацәа иреиуаз, иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Иури Воронов (08.05.1941 – 11.09.1995 шш.) дыршьыижьҭеит.

Аҭоурых наукақәа рдоктор, ААУ апрофессор Иури Воронов диит лаҵара 8, 1941 шықәса рзы Ҵабал, Вороноваа рынхарҭа «Ясочка» аҟны.

1965 шықәса рзы Ленинградтәи ауниверситет далгеит. 1971 шықәса рзы аҭоурых наукақәа ркандидатс дҟалеит, 1985 — аҭоурых наукақәа рдокторс. Ҵабалтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра напхгара аиҭон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны алекциақәа дрыԥхьон. 1990-1995 шықәсқәа раан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дыҟан. 1994 — 1995 шықәсқәа рзы Аминистрцәа Рсовет Аԥыза-министрс дыҟан. Напхгара аиҭон Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьқәа Рконгресс. Иури Воронов дшьын 1995 шықәса рзы. 

Еицырдыруа археолог, кавказҭҵааҩы, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу Иури Николаи-иԥа Воронов диит Ҵабал ақыҭан, Вороноваа ргәараҭа "Иасочка" аҟны. Воронов дыԥхьаӡоуп ижәытәӡоу аԥсуа хылҵшьҭра – аԥсилааи, Аԥсилиеи рыҭҵаараҿы иреиҳаӡоу азҟазаны. Ҵабал имҩаԥыргоз археологиатә ԥшаарақәа – Ҵабалтәи аекспедициақәа ҳәа хьӡыс ироуит.

Иури Воронов дравторуп – 800 инареиҳаны аҭҵаарадырратәи апублицистикатәи статиақәа, уахь иаҵанакуеит 30 монографиа. Иҟоуп макьана икьыԥхьым аҵарауаҩ иусумҭақәагьы.

1995 шықәса, цәыббра 11 рзы Иури Николаи-иԥа Воронов итаацәеи иареи ахьынхоз Аҟәатәи иҩны аҿаԥхьа дшьын. Анышә дамадоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ааигәара. Аҳҭнықалақь амҩадуқәа руаки ахԥатәи абжьаратә школи ихьӡ рхыуп.

 


Read 49 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.